Лаҵара 01, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Иԥсҭазаара далҵит Заур Иван-иԥа Шьалашьаа

68 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит аҵарауаҩ, Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа аекономикеи азини Ринститут аиҳабы Заур Шьалашьаа.

Заур Иван-иԥа Шьалашьаа диит 1957 ш. февраль 28 азы Очамчыра араион Ҷлоу ақыҭан. 1974 шықәсазы далгеит Ҷлоутәи абжьаратә школ. Уи даналга аҵара иҵон Аҟәатәи аиндустриатә техникум аҟны.

1975-1977 шықәсқәа рзы арра ихигон.

1977 шықәсазы дҭалеит, 1983 ш. азы ибзиаӡаны далгеит П.Лумумба ихьӡ зху ажәларқәа реиҩызара Ауниверситет аекономикеи азини рфакультет (иахьа ажәларқәа реиҩызара Урыстәылатәи аусниверситет) «аекономикеи жәлар рынхамҩа апланҟаҵареи» азанааҭ ала. Уи иара убас иоуит аиспан бызшәа аиҭагаҩ-ареферентҳәа аҩбатәи идиплом.

1983-1986 шықәсқәа рзы ажәларқәа реиҩызара Урыстәылатәи ауниверситет ҽынлатәи аспирантураҿы аҵара иҵон.

1986 ш. сентиабр азы акандидаттә диссертациа ихьчеит.

1986 ш. октиабр инаркны 2017 маи азынӡа Аԥснытәи аҳәынҭуниверситет аҟны рҵаҩыс, рҵаҩы еиҳабыс аус иуан, 1989 ш. инаркны 2017 ш. азынӡа апланҟаҵареи жәлар рынхамҩа анахгараҭареи; аменеџьменти афинансқәеи; аменеџьмент; аҳәынҭқарратә напхгараҭареи ауниверситет аменеџьменти ркафедрақәа дреиҳабын.

2000-2004 шықәсқәа рзы адоктортә диссертациа азырхиаразы ажәларқәа реиҩызара Урыстәылатәи ауниверситет жәларбжьаратәи аекономикатә еизыҟазаашьақәеи, амакроекономикатә ҭышәныртәалареи, апланҟаҵареи ркафедрақәа рҟны шьҭазааҩыс дыҟан.

2009 шықәса февраль азы М.В.Ломоносов ихьӡ зху Москватәи аҳәынҭуниверситет аҟны «Аџьармыкьа аҭагылазаашьақәа раан ԥасатәи Асовет Еидгыла ихьыԥшым ареспублика ҿыцқәа рҟны аекономика ҳәынҭқарратәла аҭышәныртәалара» атемала адоктортә диссертациа ихьчеит.

2009 шықәса декабр азы Урытәыла Иреиҳаӡоу аттестациатә комиссиа Шьалашьаа аекономикатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор ҳәа аҵаратә хьӡы инаҭеит.

2010 шықәса инаркны Аԥснытәи аҳәынҭуниверситет дапрофесорын.

З.Шьалауаа Аԥсны Жәлар Реизара аҩбатәи ааԥхьара (1996-2002 ш.ш.) адепутатс дыҟан напхгара аиҭон абиуџьети аекономикатә политикеи рзы Жәлар Реизара аилак.

Авторс дрыман хыԥхьаӡара рацәала азакәанпроектқәа, дрылахәын «Аԥсны асоциал-економикатә рҿиареи (2005 ш.), «2025 шықәсазынӡа Аԥсны асоциал-економикатә рҿиара астатегиеи» (2014-2015 ш.ш.) аус рыдуларазы аусуратә гәыԥқәа.

Шьалашьаа аҭҵаарадырратә ажәахәқәа рыла дықәгылон Аԥсни Урыстәылеи имҩаԥыргоз аҭҵаарадырра-апрактикатә конференциақәа жәпакы рҟны.

2013 шықәса ииун азы Европатәи аҭҵаарадырра-ааглыхратә консорциум аҳамҭақәа рзы акомиссиа ақәҵарала аҭҵаарадырреи аҵареи рганахьала илагаламҭазы ианашьан аорден «Аџьеи адырреи».

2014 шықәсазы далхын Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа алахәыла-корреспондентс.

2017 шықәса маи азы Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аҳәынҭқарратә ҭҵаарадырратә усҳәарҭа «аекономикеи азини Ринститут» аиҳабыс далхын.

2017 шықәса октиабр азы аԥсабараҭҵаара Урыстәылатәи Академиа ихнаҵеит алахәыла-корреспондент ҳәа аҵаратә хьӡы.

2019 ш. ноиабр азы Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа алахәыла иашаҵәҟьас далхын.

1992-1993 шықәсқәа рзы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан иааирԥшыз ахаҵареи агәаӷьреи рзы ианашьоуп «Агәымшәаразы» амедал, иара убас Аԥсны атәылахьчара Аминистрра амедалқәа: «Хьӡи ԥшеи змоу аибашьҩы», «Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы Аиааира 20 шықәса».

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me