Лаҵара 03, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аԥхьаҟагьы – аимадареи аусеицуреи

Аԥсны Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб Ливан еиҿкаау «Ачерқьестә ассоциациа» ахада Риад Цыба зхадараҿы дыҟоу Ливантәи аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа идикылеит. Абри атәы аанацҳауеит Аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзура.
Ҳџьынџьуаа рҭоурыхтә ԥс­а­дгьыл ахь рырхынҳәразы Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Вадим Ҳаразиеи Жәлар Реизара-Апарламент адепутат Нарсоу Салаҟаиеи злахәыз ари аиԥылараҿы агуманитартә хырхарҭа уҳәа егьырҭ азҵаарақәа рыла Аԥсни Ливантәи адиаспореи русеицура иадҳәалоу азҵаарақәа ирылацәажәеит, иара убас ҳџьынџьуаа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь рырхынҳәразы ирымоу алшарақәа ирзааҭгылеит.
«Акыр шықәса ҳаиҟәыҭханы ҳшыҟазгьы, ҳабацәеи ҳабдуцәеи рыдгьыл аҭааразы алшара шҳамамызгьы, ҳара есымша Аԥсны имҩаԥысуа зегьы ҳрызҿлымҳан. Уажәы амҩақәа анааты, алшара ҿыцқәа анцәырҵ, иаҳҭахуп Ҳаԥсадгьыл иахәаша џьара акы ҟаҳҵарц», - ҳәа Аԥыза-министр аԥсшәа иаҳәо, иазгеиҭеит адиаспора аԥыза Риад Цыба. Ахәҭакахьала, Алеқсандр Анқәаб ауаажәларра рыхдырраҿы, иара убас аҳәынҭқарра анапхгара инарыгӡо аполитикаҿы адиаспора аусацура хадара злоу ахықәкқәа ишыруаку азгәеиҭеит. Аԥыза-министр иажәақәа рыла, ареспублика анапхгара ҳаԥхьаҟагьы аҳәаанырцә иҟоу ҳџьынџьуаа рымадареи аус рыцуреи иазхиоуп.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me