Лаҵара 06, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image
Аслан

Аслан

Хәажәкырамза 22 рзы Аҟәатәи аметеорологиатә станциа аадыртиижьҭеи 120 шықәса ҵит, хәажәкырамза 23 рзы акәзар - Жәларбжьаратәи аметеоролог Имш азгәарҭеит. Ари амш аҽны, 1950 шықәса рзы иаԥҵан Адунеизегьтәи аметеорологиатә еиҿкаара. Уи 1961 шықәса раахыс иазгәарҭоит.

Уа, зегь ириааиуа ҳәа
хаҵа дыҟаӡам,
Досу ианиашьа, иақәшәашьа ихаҵашьоуп.
Уа иаҳхылаԥшуа, уара
лахь сумҭан,
Сылахь иануҵаз сара
сахьзавымсуа
Таиф Аџьба

Ааигәа Аҧсны Жәлар  Реизараҿы имҩаҧысит «Аиҳабыратә сааҭ» зыхьӡыз аилатәара. Аҧсны Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәба иҳәеит, абас еиҧш есымза Аҧсны Жәлар Реизарахь ишаарыҧхьало еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рыла аус зуа аминистрцәа. Урҭ гәаартылатәи аилацәажәара шымҩаҧыргало  ажурналистцәа аалархәны.

Раҧхьаӡатәи «Аиҳабыратә сааҭ» аилатәарахьы дааҧхьан Аҧсны аҵара аминистр Инал Габлиа, насгьы уи актәи ихаҭыҧуаҩ Ада Кәарҷелиа-ҧҳа. Аҵарадырра аминистр Инал Габлиа инарҭбаан дазааҭгылеит Аҧсны аҵаразы азакәан апроект, аҵара аконцепциа, ашколқәа рҟны ицәырҵуа апроблемақәа аҧсуа бызшәа адырҵаразы, аҵыхәтәантәи аамҭазы арҵаҩцәеи аҭаацәеи ироуз агәынамӡара алгебреи геометриеи амаҭәарқәа еилакны аҧышәара аҭаразы, иара убас егьырҭ хра злу азҵаарақәагьы.

Инал Габлиа иажәахә далагаанӡа иҭабуп реиҳәеит ааҧхьара ахьирҭаз Аҧсны Жәлар Реизара аилатәархь. Анаҩс диасит Аҧсны аҵара иазку азакәан апроект ашҟа. Уи есышықәса ишалацәажәогьы, макьана закәанҵас ахархәара аиуртә еиҧш ишрыдрымкылац. Иара иазгәеиҭеит аспециалистцәа алархәны агәыҧ еиҿкааны ишрымоу, урҭ ирымаз ажәалагалақәа рхы иархәаны рус шыхдыркәшаз. Агәыҕра имоуп аҧхьаҟа аҵаратә процесс иамадоу азакәан апроект иахәаҧшны ирыдыркылап ҳәа.

Иара дазааҭгылеит  еиуеиҧшым амаҭәарқәа рхаҭабзиара ашьҭыхра шаҭаху, уи адагьы ишазхәыцуа арҵаҩцәа рквалификациа ашьҭыхра азҵаара. Иазгәеиҭеит, уажәшьҭа хышықәса шҵуа имҩаҧыргоижьҭеи Жәларбжьаратәи аҧхынтәи-аӡынтәи ашкол «Ашықәс арҵаҩы». Уаҟа рҽаладырхәуеит Урыстәылантәи иаауа  «Ашықәс арҵаҩы» ҳәа ахьӡ зыхҵоу арҵаҩцәа,урҭ зегьы еиуеиҧшым амаҭәарқәа рырҵаҩцәа роуп. Иазгәеиҭеит, сынтәа ааҧхьара шрымаз аҭоурых арҵаҩцәа. Иара убас аинформатика аганахь алагьы иҟан  аспециалистцәа, урҭ ишымҩаҧыргаз уи ахырхарҭала амастер классқәа. Иара иҭабуп ҳәа реиҳәеит арҵаҩцәа, избанзар арҵаҩцәа апрактикаҿы ирбо, ашколқәа рҿы рхы иадырхәоит, иаарту аурокқәа мҩаҧыргоит.

Аҵаратә материал дазааҭгыло иҳәеит, хышықәса рыҩныҵҟа аџьабаа шырбаз аспециалистцәа иҿыцу аматериал ахәыҷқәа рызнагаразы. Ҿырҧштәыс иааигеит аҧсуа бызшәа арҵара. Раҧхьаӡакәны иҭыжьын анбан аусуратә тетрадқәа ацҵаны. Уаҟа иарбоуп ахәыҷы ашкол ахь дцаанӡа аҩышьеи аҧхьашьеи злаиҵаша, уи зегьы еизакны  иахьӡуп «Аҟәыбҷа». Уи ахыхь иацзаауеит амультфильм. Ахәыҷы ахәыҷбаҳча  аҟынтәи, ашкол ахь дцаанӡа еизакны иҟоу «Аҟәыбҷа» ихы иаирхәар ҟалоит.

Иазгәеиҭеит 2022 шықәсазы Аҧсны Жәлар Реизараҿы аҧхьатәи ааҧхьараҿы ишрыдкылаз аҵара азакәан. Анаҩс аҵара аминистррахь инашьҭын еиҭахәаҧшны, алагалақәа ахьаҭаху аус адыруларц. Уи ашьҭахь, 2023 шықәсазы ицәырҵыз агәаанагарақәа рыла, аминистрра аилазаараҿы аспециалистцәеи аҵарауааи алархәны иаҧҵан аҵара азы даҽа закәанпроектк. Уи Аҧсны Жәлар Реизарахь иаарышьҭхьеит. Агәыҕра шимоу ааирҧшит, ҳазҭо ашықәс иалагӡаны аҧхьатәи ааҧхьараҿы ирыдыркылаз аума, ма аҩбатәи авариант инарышьҭыз аума, ирыдыркылап ҳәа. Избанзар уи аҵаратә процесс аҟны даара ахархәара ду аиоуеит.

 Убри инамаданы ҧыҭҩык адепутатцәа иаадырҧшит агәынамӡара аҵара иазку азакәан апроект аҩбатәи авариант дара рнапахьы ишымааиц азы. Уи рымбакәа еиҳа еиҕьу,  азакәан апроект иахәаҧштәу иаҧыхтәу рыздырӡом.

Аминистр  дазааҭгылеит иара убас Аҧсны аҵара аминистрра ахылаҧшра аҟны иҟоу Аҟәатәи актәи абжьаратә школ авараҿы игылоу, игәыгәҭажьны иҟоу ахәыҷбаҳча. Аҧхьаҟа ргәы иҭоу ирықәманшәалахар, ацхыраагӡатә школ алархырц рҭахуп.

Иара дазааҭгылеит ашколқәа рҿы аҵара зҵо ахәыҷқәа рыдагьы, згәабзиара ҧкым ахәыҷқәа ацхыраара шрыҭатәу. Урҭгьы рыблала ирбо иаҧхьартә, еиҭарҳәартә еиҧш аҭагылазаашьа шырзаҧҵатәу.

«Аиҳабыратә сааҭ» аҟны иазааҭгылан, хыхь ишарбаз еиҧш алгебреи геометриеи амаҭәарқәа еилаҵаны акны аҧышәара аҭиразы  аминистр Инал Габлиа иҭижьыз идҵа. Иазгәаҭатәуп, Аҧсны Аҧыза-министр Алеқсандр Анқәаб иахь ишынашьҭыз аҳәара  аматематика ахырхарҭала аус зуа 159-ҩык арҵаҩцәа рнапқәа аҵаҩны. Уи аамышьҭахь Аҧыза-министр идҵала иаҧыхын урҭ амаҭәарқәа акны аҧышәара аҭаразы. Уи шаҧыхызгьы, аилатәараҿы  ари азҵаара аимак-аиҿак ацын.

Аминистрраҿы раҧхьаҟа ргәы иҭоуп аиҵбыратә аҩбатәи аклассқәа рҟны ирымоу аурыс сааҭқәа рҟынтәи англыз бызшәа алагалара. Ирылацәажәан иахьатәи ҳаамҭазы аҧсуа бызшәа аҵаразы ицәырҵуа апроблемақәа. Адепутатцәа ргәаанагарақәа рҿы ирҳәон, иарбан школзаалакгьы еицырзеиҧшу аҵаратә программа ыҟазарц шахәҭоу.

 Аҧсны Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәбеи адепутатцәеи ҭабуп ҳәа раҳәо, аҵара аминистр Инал Габлиеи уи ихаҭарнакцәеи ирҳәеит, лассы-лассы  ирызцәырҵуа иуадаҩу азҵаарақәа даргьы адрыҧхьалаларц.

С. Сақаниа

Жәлар рмедицина жәлар рҟазара, рдоуҳатә культура иахәҭакуп. Жәлар рмедицина ҳазхьаԥшуазар, иахьа уажәраанӡагьы ари ахырхарҭа актуалра алоуп Аԥсны.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа «Крокус сити Ахолл" аҟны иҟалаз атеракт иахҟьаны ауаа рҭахара инамаданы В.В. Путин ихьӡала адышшылара ҟаиҵеит.   Адышшылараҟны иҳәоуп:   «Гәалсра дула иҳадаҳкылеит Москва амҵан иҟалаз агыгшәыгратә теракт иахҟьаны  хара змамыз ауаа рҭахара Гәӷәала ҳақәыӡбоит ацәгьоуцәа иргәаӷьыз ахлымӡаах. Сара агәра згоит ҳамчқәа еидкыланы ацәгьоура аҿагылара шҳалшо, ахара зду изыхәҭоу ишақәыршәахо.  Аԥсны жәлар урыстәылатәи ажәлар рхьаа рыцеиҩыршоит, ирыцгәырҩоит. Атеракт аан ааха зауыз рҭынхацәа ирзеиӷьаҳшьоит ачҳара. Ахәра зауыз лассы – агәабзиара.  Ас еиԥш иҟоу ахҭысқәа аринахыс иҟаларым ҳәа ҳгәыӷуеит».


Хәажәкырамза 22 ахәылбыҽха, гәыԥҩык бџьарла еибыҭаз ауаа Москва ақалақь, убри аамҭазы агәыԥ  «Пикник» аконцерт алагараны иахьыҟаз аконцерттә зал ду  «Крокус Сити Холл» иақәлеит.

Идырым шьоукы «Крокус Сити Холл» аҿы ахысра иалагеит. Владимир Путин атеракт шыҟалазҵәҟьа иаразнак ахҭыс азы адырра ирҭеит. Иара иааиԥмырҟьаӡакәа еиуеиԥшым амаҵзурақәа рҟынтәи адыррақәа иоуеит, ҳәа ажурналистцәа дрыҿцәажәо иҳәеит урыстәылатәи Афедерациа Ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Дмитри Песков. 

Урыстәыла Аусеилыргаратә Комитет адыррақәа рыла, иҟалаз атеракт аҿы 115-ҩык ҭахеит.  Афедералтә шәарҭадара Амаҵзура адыррақәа рыла 100 - ҩык инареиҳаны ааха роуит.

Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистр Михаил Мурашко ахәышәтәырҭақәа рахь инагаз, 115-ҩык рахьынтә   5-ҩык ахәыҷқәа роуп, ҳәа адырра ҟаиҵеит.  

60-ҩык рҭагылазаашьа даараӡа иуадаҩуп.  

Агәабзиарахьчара Аминистрра аҿы иҟарҵаз адыррақәа рыла иҟалаз атеракт иахҟьаны х-ҩык ахәыҷқәа рыԥсҭазаара иалҵит, ахәышәтәырҭақәа рҿы иҟоуп 121-ҩык ааха зауз.  

Урыстәыла Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра адыррақәа рыла, ахәышәтәырҭақәа рҿы ишьҭоуп  107-ҩык атеракт аҿы ааха зауз ауаа.

600-ҩык инареиҳаны адонорцәа арыцҳара аныҟала раԥхьатәи асааҭ азы ашьа арҭеит.  

Ахысрақәа рзы адырра ашьҭахь акомплекс аҿы аҭҟәацреи уи инашьҭарххны амцакреи шыҟалаз азы аинформациа ҟалеит.

Абылра ауадаҩра иреиҳау аҩаӡара анаршьеит.

Ахыбра аиҳарак амца амҽханакит, алҩақ ӷәӷәала иқәчит.

Акомплекс иблыз ахыбра аиҳарак еилабгеит.  Ашырԥазы, асааҭ 0:55 аламҭалазы амца аанкылара алыршахеит.

 Атәыла анапхгара ареакциа

Урыстәылатәи Афедерациа Аусеилыгаратә Комитет атеракт азы ашьаусеилыргара хацнаркит.  Иҷыдоу амчратә структурақәа иахәҭоу аусҩаԥгатәқәа зегьы нарыгӡоит, ҳәа аҳәамҭа ҟарҵеит Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә шәарҭадара Амаҵзура аҟны иҟоу аконституциатә шьақәгылашьа ахьчареи атерроризм аҿагылареи рзы Аусбарҭа (ЦОС ФСБ) аҿы.  

Москва ақалақь аҿы Ашҭа Ҟаԥшь, аҳаирбаӷәазақәа, авокзалқәа, астанциақәа, уҳәа, астратегиатә обиектқәа зегьы рҿы ҷыдала ахьчара  рӷәӷәоуп.

Амассатә усмҩаԥгатәқәа зегьы рымҩаԥгара аԥыхуп.

Атеракт инамаданы ашәарҭадара ауснагӡатәқәа  дырӷәӷәеит Урыстәылатәи Афедерациа арегионқәак рҿы, Москватәи арегион, Лугансктәи Жәлартә Республика, Даӷьсҭан, Нхыҵ Уаԥстәыла, Тулатәи аобласт, уахь иналаҵаны. 

Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә шәарҭадара Амаҵзура адиректор Алеқсандр Бортников, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Владимир Колокольцев, УА Аусеилыргаратә Комитет ахантәаҩы Алеқсандр Бастрыкин, Урыстәыла агвардиа адиректор Виктор Золотов Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин атеракт азы аусеилыргара шымҩаԥысуа азы адырра ирҭеит.  

УА Аусеилыргаратә  Комитет иҟанаҵаз адыррақәа рыла, «Крокус Сити Холл» иҟалаз атеракт азы игәҩароу ԥшьҩык аанкылоуп.

Жәларбжьаратәи ареакциа

Иҟалаз атеракт азы Аҩны Шкәакәа аҟынтәи адышшылара ааит. Вашингтон иҟалаз арыцҳара Киев џьара акала иадҳәалаӡам ҳәа аҳәамҭа ҟанаҵоит. Убри аан, Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аҿы ишазгәарҭаз ала, Еиду Америкатәи Аштатқәа ареакциа имаҷымкәа азҵаарақәа цәырнагоит.

Украина Ахада иофис анапхгаҩы иабжьгаҩ Михаил Подолиак иҟалаз ахҭыс Киев иадҳәалаӡам ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит.

Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара атеракт азы ажәабжь гәалсра дула ирыдыркылеит, иназыцҵоу аинформациа аиура иақәгәыӷуеит ҳәа аҳәамҭа ҟанаҵоит.

Интерпол Москва ақалақь, «Крокус Сити Холл» иҟалаз аҭынч уааԥсыра рнырҵәара иадҳәалоу ахҭыс  бааԥсы еиҿызкаази иалахәызи рыԥшаараҿы урыстәылатәи амчратә структурақәа ацхыраара рыҭара ишазхиоу азы аҳәамҭа ҟарҵеит.

Иҟалаз атрагедиа азы адышшыларақәа аарышьҭит Египет, Ҟазахсҭан, Азербаиџьан, Киргизиа, Италиа, Сербиа, Германиа, Лиуксембург, Катар, Куба, Палестина, Боливиа, Иран, Венесуела, Узбекьысҭан, Сербиатәи Ареспублика, Ҭырқәтәыла, Ермантәыла, Мальта, Аԥсны, Аахыҵ-Уаԥстәыла, Иорданиа, Саудтәи Аравиа, Франциа, Ҭаџьыкьысҭан, Мексика, Колумбиа, Австриа, Еиду Арабтәи Емиратқәа, Шьамтәыла, Словакиа, Молдавиа, Израиль​, Бахреин, Бырзентәыла, Аргентина, Норвегиа, Бельгиа, Нидерланды, Чили, Черногориа, Шотландиа, Еквадор, Перу, Венгриа, Уругваи, Панама, Марокко, Зеландиа Ҿыц, Гватемала, Ирландиа, Мали, Тунис, Туркмениа, Индиа, Коста-Рика, Иапониа, Таиланд, Китаи, Кипр, Монголиа, Чехиа, Қырҭтәыла, Маврикии, Кениа, Швециа, Афганисҭан, Мадагаскар, Кувеит, Аладатәи Африкатәи Ареспублика, Буркина-Фасо, Адемократиатә Республика Конго, Танзаниа, Пакисҭан, Шри-Ланка, Польша, Непал, Малаизиа, Нидерланды, Сомали, Великобританиа, Венгриа, Австриа, Норвегиа, Иран, Исландиа.

Атеракт иара убас ӷәӷәала иақәыӡбеит Ихьыԥшым Аҳәынҭқаррақәа Реиҩызара, Европатәи аҳәынҭқаррақәа Реидгыла Ашәарҭадара Ахеилак, Еиду Амилаҭқәа Реиҩызара,  Европатәи атәылақәа Реидгыла.

Урыстәылатәи Афедерациа иҟалаз арыцҳара  ианамаданы, Аԥсны анапхгаратә  аусбарҭақәа жәпакы адышшыларақәа ҟарҵеит.

Актәи Бедиа ақыҭа аҿы шьаҭанкыла иблит ҩ-еихагылак змаз аҩны, – Аԥсныпресс ахь Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аҟынтәи адырра ҟалеит.

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университети зҭакԥхықәра ҳәаақәҵоу Пекинтәи аинформациа-консультативтә еилазаара «Евразиеи» (Китаи) аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит. Абри азы адырра ҟанаҵоит ААУ аинформациеи амедиакоммуникациақәеи рыҟәша.
Аусшәҟәы рнапы аҵарҩит ААУ аректор, академик Алеко Гәарамиеи Аилазаара «Евразиа» ахантәаҩы Ге Чжили.

Ақалақь Фырхаҵа Гәдоуҭа агәаҿы игылоу С. П. Дбар ихьӡ зху Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра Аҳәынҭқарратә музеи аҟны афотоцәыргақәҵа еиҿкаан. Уаҟа 500 патреҭ еизган.
Ацәыргақәҵа «Афырхацәа зааӡаз Анацәа» ахьӡын. Ари апроект х-етапкны ишоуп: актәи имҩаԥгаз аҟны Гәымсҭатәи афронт аҟны иҭахаз ранацәа рыхәҭак алахәын. Аҩбатәи мҩаԥгахоит ԥхынҷкәын мзазы, ахԥатәи цәыббрамзазы.


Кәтол ақыҭантәи анацәа рпатреҭқәа аизгаразы ацхыраара ду ҟарҵеит Инга Коӷониеи Ельвира Сиҷинааи. Ҭхьынантәи аизгареи аиҿкаареи зегьы рхахьы иргеит агазеҭ «Аԥсны» ажурналист Шарида Торчуеи Ирма Аршба-Ҷокәуеи (Ҭхьынатәи абжьаратә школ аиҵбыратәи аклассқәа рырҵаҩы), Гәылрыԥшь араион анацәа рхеидкыла, Ҷлоу ақыҭан амузеи аиҳабы Мзиа Кәыҵниа. Иара убас лџьабаа дуӡӡоуп Ешыратәи амузеи адиректор Марина Тәанба. Зҽалазырхәыз зегьы иҭабуп ҳәа раҳәо зыҷкәынзаҵә дҭахаз Лиуда Ҷыҭанаа-Конџьариа абас лажәақәа хлыркәшеит: «Иахьа еизгоу апатреҭқәа ҭоу­рыхтә хаҿсахьақәоуп. Урҭ реизгареи ашәҟәы рҭагалареи хҭыс дууп. Баша иҭамхеит ҳҳәо ҳҟалеит. Шаҟа иҭышәҵаауа, еидышәкыло – уи ҭоурыхуп. Бзыԥаа анацәа рпатреҭқәа реиҳараӡак ҳмузеи аусзуҩ Анжела Барганџьиа еидылкылеит. Зегьы шәеицхыраара алҵшәа бзиа аиуит. Иҭабуп». Аиԥылараҿы аво­калтә -инструменттә ансамбль «Риҵа» ықәгылеит, аибашьреи Аиааиреи ирызкыз ашәақәа нарыгӡеит.
Аиԥылара иалахәын: араион Ахадара, араион адепутатцәа реилазаара, ауаажәларратә хеилакқәа. Еизаз зегьы иҭабуп ҳәа раҳәо араион ахада ихаҭыԥуаҩ Валери Аҩӡба иҳәеит: «Ҳаҭыр ду зқәу анацәа, раԥхьаӡа акәны ари аҩыза ацәыргақәҵа мҩаԥысуеит. Шәара араҟа еизаз зегьы иҭабуп ҳәа шәаҳәо, исҳәарц сҭахуп, зыԥсадгьыл ахьчара зхы ақәызҵо, ахааназ ԥсра шрықәым.
Шәагымзааит Аԥсны, аԥеиԥш лаша ацзааит. Хашҭра рықәымзааит зегьы!»
Ацәыргақәҵа апроект иацҵахоит.

Гәгуца Џьыкырба

Image
Image
Ad Sidebar

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me