Виачеслав Андреи-иԥа Чрыгба диит 1959 ш. март 17 азы Гагра ақ. аҟны.
1982 шықәсазы далгеит В.Н.Каразин ихьӡ зху Харковтәи аҳәынҭқарратә университет аҳәаанырцәтәи абызшәақәа рфакультет.
1982 ш. инаркны 1980 ш. азынӡа аҵара иҵон Москва, СССР аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа абызшәаҭҵаара Аинститут аспирантураҿы.
1986 ш инаркны 1991 шықәсазынӡа ҭҵаарадырратә усзуҩыс аус иуан СССР аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа абызшәаҭҵаара Аинститут Кавказтәи абызшәақәа рсектор аҟны.
1991 ш. инаркны 1996 ш. азынӡа Леидентәи ауниверситет (Нидерланды) аиҿырԥшратә, аҭҵааратә лингвистика Аинститут адокторантс дыҟан. Уи даналга ихьчеит адоктортә диссертациа «Азеиԥш мраҭашәаракавказтәи абызшәа. Уи афонологиатә системеи, алексикони, аморфологиеи рыхәҭақәа» (аҭҵаарадырратә напхгаҩцәа: апрофессорцәа Ф.Кортландт, адоктор Р.Смитс).
1996 ш. инаркны 1997 шықәсазынӡа инаԥхьаз ҭҵааҩны дыҟан жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа Рҟралтә институт «Клингендал» аҟны, Гаага, Нидерланды. Иҭҵаамҭа темас иаман ақырҭуа-аԥсуа еимакы.
2000 ш. инаркны 2004 шықәсазынӡа адоктортә ҭҵаарадырратә проект «Аԥсуа бызшәа асаӡ диалект аграмматика» данагӡаҩын. 2005 ш. инаркны 2006 ш. азынӡа Леидентәи ауниверситет ассириологиа аҟәшаҿы Кавказтәи абызшәақәа рырҵаҩыс аус иуан.
Д.И.Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аполитологиеи аконфликтологиеи рҟәша аиҳабыс, Аԥсны Ахада иҟны астратегиатә ҭҵаарақәа Рцентр агеополитика аҟәша аиҳабыс, аҭҵаарадыррақәа Урыстәылатәи Ракадемиа абызшәаҭҵаара Аинститут Каказтәи абызшәақәа рсектор аҭҵаарадырратә усзуҩыс дыҟан.
2007 ш инаркны 2008 ш азынӡа адәныҟатәи аполитиказы Аԥсны Ахада диабжьгаҩын. 2008 ш. инаркны 2011 шықәсазынӡа – Аԥсны Ахада Иусбарҭа Аиҳабы ихаҭыԥуаҩыс аус иуан. 2011 ш. инаркны 2016 ш. азынӡа Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрс дыҟан.
Чрыгба 2008 ш инаркны 2016 ш азынӡа Аахыҵ-Кавказ ашәарҭадаразы Жәларбжьаратәи Женеватәи аиҿцәажәарақәа рҟны Аԥснытәи аделегациа деиҳабын.
Чрыгба – Жәларбжьаратәи Кавказҭҵааҩцәа реиҿкаарақәа жәпакы дрылахәуп, ауниверситет аҿы аҵара дирҵоит.
2020 шықәса октиабр азы Чрыгба Аԥсны Ахада иҟны астратегиатә ҭҵаарақәа Рцентр аиҳабыс дҟаҵан.
2023 шықәса сентиабр азы Г.А.Ӡиӡариа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа ианашьан.
Аԥсны аинтелегенциа Реидгыла аҵарауаҩ 65 шықәса ихыҵра идырныҳәалеит.
«Шәара адунеи иадыруа ҵарауаҩуп. Шәылшамҭақәа рацәаӡоуп жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа рҟны Аԥсны аинтересқәа рцәыргараҿы, акыр шықәса хадара рзыжәуан уаҟа Аԥснытәи аделегациа. Адәныҟатәи аусқәа Рминистрра ахадак иаҳасабала шәара шәлагаламҭа шьарда ирацәоуп Аԥсни егьырҭ аҳәынҭқаррақәеи реиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рырҿиараҿы.
Лингвистк иаҳасабала шәаамҭа рацәаны иазышәкуеит аԥсуа бызшәеи акультуреи реиқәырхара, рырҿиара. Кавказ ажәларқәа рбызшәа, рҭоурых, рморфологиа иазку ашәҟәқәа, астатиақәа шәравторуп. Шықәсырацәала қәҿиарала адунеитә университетқәа рҟны алекциақәа шәрыԥхьоит, кавказҭҵааҩцәа Европатәи реилазаара уҳәа жәпакы аиҿкаарақәа шәрылахуп. Ҳаԥхьаҟагьы ақәҿиарақәа шәзеиӷьаҳшьоит аҭҵаарадырратә, ауаажәларратә усураҿы!» – иазгәаҭоуп адныҳәалараҿы.