Лаҵара 01, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Ашаеҵәа иадыркылоз

Абаҩхатәра злаз иналукааша аԥсуа поет Иуа Коӷониа диижьҭеи 120 шықәса ҵит. Абри арыцхә иазкны уи данииз амш – март 13 рзы аиубилеитә хәылԥазы мҩаԥыргеит Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи И. Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Аԥснытәи Амилаҭтә библиотекеи.
Ахәылԥаз ахь имҩахыҵит ашәҟәыҩҩцәа, аҵарауаа, аԥсуа интеллигенциа рхаҭарнакцәа, ауаажәларратә усзуҩцәа, акультуреи, аҟазареи, аҵареи русзуҩцәа, зиубилеи азгәарҭоз иҭынхацәа, иара убас астудентцәа, ашколхәыҷқәа, апоет ирҿиамҭақәа бзиа избо аӡәырҩы.


Аиубилеи рҽаладырхәит Аԥсны аҵара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ А. Кәарҷелиа, Аԥсны Ауаажәларратә палата амаӡаныҟәгаҩ Гә. Кьычба, Аҟәа ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ А. Сурманиӡе уҳәа егьырҭгьы.
Аиқәшәара аҳаҭыр азы Амилаҭтә библиотека еиҿнакааит И. Коӷониа ишәҟәқәеи иара изкны икьыԥхьу рцыԥҵәахақәеи еидызкылоз ацәыргақәҵа. Аекран аҟны идырбан апоет ихаҭеи, иҭаацәеи, иҭынхацәеи, иҩызцәеи уҳәа рфотосахьақәа.
Аиубилеитә хәылԥазы ааиртит Амилаҭтә библиотека аиҳабы Б. Ҷолариа, уи иааркьаҿны далацәажәеит И. Коӷониа ирҿиамҭақәа жәра шрықәым, аханатә еиԥш, иахьагьы абиблиотека иаҭаауа шрызҿлымҳау, ишрыԥхьо.
Аԥсуа шәҟәыҩҩцәа раԥхьатәи рабиԥара иаҵанакуа И. Коӷониа иԥсҭазаареи ирҿиаратә мҩеи дырзааҭгылеит Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩы В. Аԥҳазоу. Уи иажәақәа рыла, ашаеҵәа иадыркылоз И. Коӷониа ипоезиа аԥсуа милаҭтә литератураҿы ахатә ҭыԥ ааннакылоит, иажәеинраалақәеи ипоемақәеи мшаҽнеиԥш ажәлар ирзааигәоуп, рыҩнуҵҟатәи рдунеи аадырԥшуеит. Урҭ ирыҵубаауеит, Аԥсны аԥсабара аԥшӡара еиԥш, аԥсуа жәлар рҵас-рқьабз, ржәытә-рҿатә, раԥсуара, ԥхьаҟатәи рԥеиԥш. Даҩымсит апоет ашколқәеи егьырҭ аҵараиурҭақәеи рҟны иҩымҭақәа рыла ишырааӡо еиҵагыло абиԥарақәа.
Алитература-сахьаркыратә журнал «Алашара» аредактор хада А. Лагәлаа иазгәеиҭеит 24 шықәсазаҵәык рыда нызымҵыз И. Коӷониа ԥсра-ӡра зқәым аҩымҭа шьахәқәа раԥҵара дшахьӡаз. Даҽаӡәы диламҩашьо апоет ихатәы мҩа дшаныз, шьардагьы шилиршаз. Ирҿиамҭақәа лагала дуны ишаанхо ҳмилаҭтә литератураҿы. И. Коӷониа иҩымҭақәа аԥсуа ҵарауаа шрыхцәажәахьоу, ишҭырҵаахьоу, ашәҟәқәа шыҭрыжьуа. Иажәа хыркәшауа И. Коӷониа иажәеинраалақәагьы дрыԥхьеит.
Апоет, ауаажәларратә усзуҩы, ажурнал «Аԥсны аҟазара» аредактор хада Г. Аламиа иқәгылараан иҳәеит аԥсуа поезиа аклассик ирҿиамҭақәа ижәлар ишыргәаԥхоз, рыбзиабарагьы шицыз. Уи агәацԥыҳәара шинаҭоз. Иаԥҵамҭақәа ахаангьы ҩашьара рықәымкәа ишаанхо. Аҵыхәтәан даԥхьеит ихатәы жәеинраала.
Ахәыҷтәы журнал «Амцабз» аредактор хада Гә. Сақаниа, акультура аусзуҩы В. Никонов апоет ипоезиа ахәшьара аҭауа иажәеинраалақәа ирыԥхьеит. Апоет-аҵарауаҩ ҿа И. Гыцба дрылацәажәеит азҿлымҳара бзиа зауз И. Коӷониа иԥсҭазаара аҟнытә хҭысқәак.
«Апоет иразҟы кьаҿхазаргьы, ирҿиамҭақәа ес-ииуа ирыциуеит, ԥсра рықәымкәа егьаанхоит. Ари иаҳнарбоит уи аҟыбаҩ ҷыда шилаз. Еицакра зқәымыз ибаҩхатәра иабзоурахеит иаҳзынижьыз иҭынха», – иҳәеит ашәҟәыҩҩы Ҳ. Қәҭарба апоет иҩымҭақәа дрыхцәажәауа.
И. Коӷониа иажәеинраалақәа ирыԥхьеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет афилологиатә факультет астудентцәа: А. Догәузиа, Е. Адлеиба.
Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҟәатәи аԥшьбатәи абжьаратәи ашкол аҟны еиҿкаау аԥсуа литература акружок анапхгаҩы М. Џьопуа далацәажәеит апоет И. Коӷониа иҩымҭақәа ашколхәыҷқәа бзиа ибаны ишырҵо, алитературатә кружок иалахәу аҵаҩцәа зыԥхьо ажәеинраалақәеи апоемақәа рцыԥҵәахақәеи дара рхатәгәаԥхарала ишалырхыз. Апоет иҩымҭақәа исахьаркны ирыԥхьеит аҵаҩцәа: В. Ҵулукиа, Гә. Чкотуа, Р. Пертаиа, Н. Асланӡиа, Д. Хаҳәбиа, Н. Лагәлаа, С. Аҳәба, С. Лашәриа, Ҭ. Ашәба, Р. Гәлиа, А. Ҳаџьым, Н. Бигәаа, А. Амҷба, М. Смыр, С. Матуа.
Ахәылԥаз иацыз алахҿыхра еиҳагьы иацырҵеит аԥсуа композиторцәа рашәақәа назыгӡаз: Е. А. Ешба ихьӡ зху Аҟәатәи ахәбатәи абжьаратәи ашкол аҵаҩы Е. Карамышева, Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҟәатәи аԥшьбатәи абжьаратәи ашкол аҵаҩы А. Аҟалӷьба.
Аиубилеитә хәылԥазы ахыркәшараан, И. Коӷониа иҭынхацәа ра­хьтә – апоет Т. Аџьба иԥшәмаԥҳәыс Р. Коӷониа-Аџьба иҭабуп ҳәа ралҳәеит ҵакыла игәылҭәааз аиқәшәара иахаҵгылаз, еиҿызкааз, уи зҽалазырхәыз зегьы.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me