Ажәа иман Аҧсны афинансқәа рминистр Владимир Делба. Уи иҳәеит Аҧсны аҳәынҭқарратә биуџьет аҟны иҟоу, сынтәа категориақәак руалафахәы шышьҭыҵуа 27,3% рыла.
Ҳазҭоу ашықәс иалагӡаны руалафахәы шьҭырхуеит абарҭ ахырхарҭақәа рыла: апедагогика аусзуҩцәа, арҵаратә усбарҭақәа – 29,7 нызқь мааҭ (2023 шықәсазы – 26,8 нызқь мааҭ); ашколқәранӡатәи аусбарҭақәа – 26,7 нызқь мааҭ (2023 шықәсазы – 22,4 нызқь мааҭ); ахарҭәааратә ҵараҿы – 29,2 нызқь мааҭ (2023 шықәсазы – 23,9 нызқь мааҭ).
Иара убас зегь раасҭа руалафахәы ҳаракхоит аҭҵаарадырратә усзуҩцәа: 43,9 нызқь мааҭ рҟынтәи иҳаракхоит 58,3 нызқь мааҭ рҟынӡа; аҳақьымцәа категориала зыҩаӡара ҳараку руалафахәы ҟалоит 52,9 нызқь мааҭ (2023 шықәсазы – 39,7 нызқь мааҭ).
Афинансқәа рминистр В. Делба иазгәеиҭеит, еиуеиҧшым аусбарҭақәа рҿы ишымҩаҧырго аконтрольтә гәаҭарақәа ахарџьқәа рыла, аусзуаҩцәа рхыҧхьаӡарақәа рыла.
Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәба адепутатцәа рахь ихы нарханы иҳәеит амаининг азҵаара иахьа ипроблеманы ишыҟоу, уи аӡбаразы алҵшәақәа шимбо. Уи аӡбара знапы иану рус такҧхықәрала иазнеилароуп, алҵшәақәагьы рбартә еиҧш ишыҟаҵатәу азгәеиҭеит.
Анаҩс ииасын амшхәаҧштә аҿы иқәгылаз «Ауаҩы изинқәа рыхьчаразы иҟаҵаз – 2023 шықәсазтәи аумҩаҧгатәқәа» азҵаарахь. Уи иазкны ажәа лҳәеит ауаҩы изинқәа зыхьчо Анас Кьышьмариа. Лара иазгәалҭеит иахьатәи ҳаамҭазы Дранда аҳаблаҿ абахҭа иҭаку абаандаҩцәа рҭагылазаашьа. Аиашазы, ацәгьа зуа закәанла ацәгьа дақәыршәатәуп. Аха иҭаку абаандаҩцәа, иахьҭаку ауадақәа асанитартә нормақәа ирықәшәаӡом. Абаандаҩы иҟаиҵаз ацәгьара дазхәыцыртә еиҧш аҭагылазаашьа имаӡам. Урҭ чмазаҩхар изхәышәтәуа дрымаӡам. Акрырҿаҵара аҿгьы уаҩы дзыргәырҕьаша ҳәа акгьы ыҟам. Ауаҩы изинеилагарақәа ыҟоуп.
Иара убас дзаҩымсит Аҟәа иҭаку рҭагылазаашьа асанитартә нормақәа ишрықәымшәо, аилагарақәа шыҟоу, ишахаҵгылатәу. Лажәахә аҿы дырзааҭгылеит еиуеиҧшым ауаҩы изинеилагарақәа маҷымкәа.
Анаҩс Аҧсны Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәбеи адепутатцәеи иҭабуп ҳәа ларҳәеит имариам лусураҿы ирыӡбо егьырҭ азҵаарақәа рзы.
Стелла Сақаниа