Лаҵара 04, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аԥсны – адунеи иаҟәыҭхоу дгьылбжьахам

Абна ԥсабара Адунеизегьтәи амш есышықәса иазгәарҭоит март 3 азы. Уи хықәкы хадас иамоу абна афаунеи афлореи рызҵаарақәа рганахьала ауаажәларра ирымоу адырра аизырҳара ауп.
Аԥсны зеиуахкыҟаӡам аԥсабара, уи аекологиатә проблемақәа, урҭ рыӡбашьа амҩақәа дрылацәажәеит Аԥсныпресс иаиҭаз аинтервиу аҟны Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа аекологиа Аинститут аиҳабы, Аԥснытәи аҳәынҭуниверситет раԥхьатәи апроректор Роман Дбар.
– Роман Саид-иԥа, иаҳзеиҭашәҳәа ҳтәыла ԥсабаратә ҷыдарақәас иамоу?
– Аԥсны азҟазшьагәаҭоуп иҳараку азеиԥшбиологиатә, аекологиатә, аҳауатә еиуеиԥшымзаарала. Ари рнубаалоит аҵиаақәа рыхкқәа, аԥстәқәа рырацәара, иара убас атәыла иахыԥраауеит аԥсаатәқәа рмиграциатә мҩадуқәа руакгьы. Абри инаваргыланы, Аԥсны адунеи зегьы иаҟәыҭхоу дгьылбжьахам, абри аҟнытә ҳара иаҳныруеит апланета зегьы азы иҟазшьарбагоу аекологиатә проблема хадақәа. Урҭ иреиуоуп аҳаир аҟьашьра, аҳауа аҽыԥсахра, ҭыԥк аҟнытә даҽа ҭыԥк ахь ииасуа ахкқәа рхыԥхьаӡара амаҷхара, убрахь иналаҵаны аԥсаатәқәа уҳәа ахәаҷа-маҷақәа рыхкқәак.
– Иарбан хкқәоу Аԥсны аныӡаара ахықә аҟны инеины иҟоу?

– Аҵиаақәа ртәы уҳәозар, ҳара ҳҟны шәкы инареиҳауп џьара мацара изызҳауа, аендемикқәа ҳәа изышьҭоу аҵиаа жәлақәа. Хадаратәла, урҭ уԥылоит Гагратәи Бзыԥҭатәи ашьхарԥырақәа рҿы. Апроблема амҽхак заҟароу еилаҳкаарц азы иаазгоит ҿырԥштәык: иааидкыланы хкык адунеи аҟны иамҽханакыр ауеит рацәак идуум уадак аҟара, ҿырԥшыс иаагозар, аҵәҵәа сахьа змоу ашәҭ, мамзаргьы Гегатәи аӡхыҽҽа. Ус еиԥш иҟоу аҭыԥқәа ҳара ҳҟны имаҷӡам. Проблемас иҟоу убри ауп, урҭ даара иуашәшәыроуп, ирыхӡыӡаалатәуп, уи моу ауаҩы дазымхәыцӡакәа, ихы-игәы иҭамкәа иааидкыланы хкык зынӡаск адунеи ианыӡаауа иҟаиҵар ауеит.
Аԥстәқәа рыҩнуҵҟа абас еиԥш иуашәшәыроу ахкқәа рахь иԥхьаӡатәуп, раԥхьаӡа иргыланы рацәак зымҽхак змырҭбаауа организмқәак, ҿырԥштәыс иаагозар, аҳаԥқәа рыҩнуҵҟа зхы ныҟәызго. Адырреи азхәыцреи имамзар, анхамҩа знапы алаку ауаҩы изгәамҭаӡакәа Адгьыл аҿы хкык аҭархара илшоит. Абри ҟамларц азы ианыӡаауа аҵиаа хкқәа инарҵауланы рыҭҵаара аҭахуп, избанзар ахкы ақәӡаара – хьаҳәра зқәым процессуп. Ҳара ҳзы ари даара хра алоуп, избанзар миллион шықәса раахыс ишьақәгылоз аорганизмқәа ахьыҟоу атәылақәа рдунеитә реитинг аҟны Аԥсны аԥхьатәи ацәаҳәақәа руак ааннакылоит, убрахь иаҵанакуеит иҵаулоу аҳаԥқәа.


– Мзызс хадас ирымоузеи ахкқәа рхыԥхьаӡара аиҵатәра?
– Раԥхьаӡа иргыланы, ари мҩаԥысуеит зыԥсоу ҭоу аорганизмқәа ахьҿиауа аҭыԥқәа рмаҷхара иахҟьаны. Аԥсабараҿы аҽыԥсахрақәа лассы-лассы изыдҳәалоу ауаҩы активла имҩаԥиго анхамҩатә усура ауп. Насыԥны иҟалаз, ҳара иҳамаӡам ааглыхратә наплак дуқәа. Иҟалап, аекономиказы ари рацәак иҽеимзар, аха абиологиатә еиԥшымзаара аиқәырхара аганахьала – даара ибзиаӡоуп.
Иҩбахаз, аԥстәқәеи аҵиаақәеи имаҷӡоу рхкқәа реиқәырхара иаҭахнатәуеит идыру анормативтә шьаҭагьы, уи уасхырс иаҵагылазароуп «Аԥсны ашәҟәы ҟаԥшь». Иахьа уажәраанӡа уи ҳамаӡам, акымкәа-ҩбамкәа аҽазышәара шыҟаҵоугьы. Ҳара ҳзы иахьа уажәраанӡа амч змоу қьаадшәҟәны ишҳамац иаанхоит «СССР ашәҟәы ҟаԥшь», аха уа иарбоу адырраҭарақәа рҿыцлатәуп. Ҿырԥшыс иаагозар, шәарахқәак рзышәарыцара аганахьала иахәҭоу ахылаԥшреи аԥҟарақәа рықәымныҟәареи ирыхҟьаны, Аԥсны шьҭа уаҩы иԥылаӡом абынҽацәқәа.
Ихԥахаз, ахәшьара аумҭар ауам аекологиатә проблема дуқәа иҟарҵо анырра. Ауаатәыҩса дара рыҟазаара аҭоурых зегь аҩнуҵҟала ахаангьы аԥсабарахь абасҟак анырра бааԥс ҟарымҵацызт, аҳауа зҟьашьуа амаҭәашьарқәа рыла. Хьыӡҳәала, убарҭ амаҭәашьарқәа адунеи аҟны абиологиатә еиԥшымзаара аиҵатәра акырӡа зҵазкуа афактор акәны иҟоуп. Иааҳгап адиоксинқәа рганахьала ҿырԥштәы заҵәык. Урҭ ҟалоит ацрыҵ кьакьақәа ахьеизырго аҭыԥқәа рҿы апластика абылра иахҟьаны. Урҭ даара ихәшәхәымгароуп. Абиосфереи адгьыли аԥсабара зҟьашьуа амаҭәашьарқәа жәпакы рымч рықәхоит, аха абиосфера ахаангьы абарҭ амаҭәашьарқәа ирнымиацызт иара аҟазаара аҭоурых зегьы аҩнуҵҟала. Урҭ хыԥхьаӡарала иага имаҷзаргьы ӷәӷәала ашәарҭара рыцуп, аонкологиатә чымазарақәа цәырыргар алшоит.
Адунеи аҟны ԥсы зхоу, зыԥсы ҭоу зегьы еиԥшьуп, еидҳәалоуп. Иаҳҳәап, маҭәашьарк ԥстәык, ҵиаак азы иԥырхагазар – уи зегьы ирԥырхагоуп.
– Усмҩаԥгатәқәас иҟоузеи афлореи афауни рыхьчаразы?

– Абиологиатә еиԥшымзаара аиқәырхара амҩақәа ируакуп аԥсабарахьчаратә дгьылҵакырақәа, аҳәырԥсаррақәа, амилаҭтә паркқәа уҳәа раԥҵара. Ҳтәылаҿы ҷыдала ирыхьчауа аԥсабаратә дгьылҵакырақәа зегьы ирыҵаркуа адунеи аҟны ирекордуп ҳәа иԥхьаӡоуп. Уи атәыла аҵакыраҿы 26 процент иреиҳауп. Урҭ рахь иаҵанакуеит абас еиԥш иҟоу аҳәынҭҳәырԥсаррақәа – Ԥицунда-Мысратәи, Ԥсҳәы-Гәымсҭатәи, иара убас Риҵатәи Амилаҭтә ԥарк, Амилаҭтә парк «Кәыдрытәи аиҩхаа». Абарҭ ирыҵаркуеит атәыла аҵакыра иадкыланы хыџьара ишаны хәҭак егьаахымхо.
Рацәаӡак иуԥыхьамшәо аԥстәқәеи аҵиаақәеи рыҿиара, рыжәла амырӡразы акырӡа аҵанакуеит аԥсқьарразы ахьырхәра армҽыӷра, иара убас хлаԥшрада имаҷӡахаз аҵиаақәа реизгара. Абри аганахьала даара аҵак ду амоуп ҷыдала ахәыҷқәеи аҿари рыҩнуҵҟа ааӡаратә, аҵаралашаратә усура амҩаԥгара.

Аус адулатәуп иҳаҩсхьоу аамҭақәа раан ианыӡааз ахкқәа Аԥсныҟа раагара, ма реиҭарҿиара. Абас еиԥш ашьаҿақәа реихгара иаҿуп абынҽеи Кавказтәи абнацәи реиԥш иҟоу рганахьала.

Аԥсаатәқәа ирыҵаркуа акәзар, Виктор Маланӡиа активла имҩаԥигоз аҭҵааратә усура иабзоураны Аԥсны ашәҟәы иҭагалоуп аԥсаатәқәа рыхкқәа 300 егьаарыгымхо. Убарҭ рахьтә аԥшьбатәи ахәҭа иуашәшәыроу, ианыӡаауа ҳәа аԥстәқәа рыхьчара Жәларбжьаратәи аидгыла ахкқәа рсиаҿы иарбоуп. Шықәсык ахьтә ҩынтә Аԥсны иахыԥраауеит еиуеиԥшым ахкқәа ирыҵаркуа миллионла аԥсаатәқәа. Убарҭ шәарҭара ацымкәа иԥырларц азы алшарақәа аԥҵалатәуп.
– Изеиԥшроузеи абна аҭагылазаашьа?
– Аԥсны абнақәа реингалара амҽхак иахьа иҳаҩсыз ашәышықәса алагамҭа инаркны зегь раасҭа илаҟәуп, аха ари иаанагаӡом проблема ыҟаӡам ҳәа. Зҵаатәы хаданы иҟоу убри ауп, акырӡа илаҟәит адгьыл ахархәара акультура, атехнологиатә усқәа рырмариара, абнашьақәыргылара аҟамзаара. Абна нхамҩақәеи Аԥснытәи аҳәынҭуниверситети аимадарақәа рыбжьам. Апроблема ӷәӷәоуп, избанзар ҳреспублика хыџьара ишаны ҩ-хәҭак бнала ихҟьоуп. Анхамҩатә усура иамадоу азҵаарақәа зегьы аԥсабарахьчаратә ҵакы ду рымоуп.
– Аԥсны адунеи аҟны аԥхьа игылоуп аӡәы ила ишьаны аӡыржәтә ала. Иаанагома ари – акгьы хьаас иктәым ҳәа?
– Атәылаҿы аӡиасқәа, ихәыҷы-идуу 4700 раҟара ыҟоуп, шықәсык аҩнуҵҟала Амшын еиқәа иалалоит 27 км/3. Адунеи аҿы иҟам тәылак, абасҟак ӡыла иахьбеиоу. Аҵыхәтәантәи жәашықәса рыҩнуҵҟала аҳауа ӷәӷәала аҽахьаԥсахыз иахҟьаны, ҩынтә рыла еиҳахеит ақәоурақәа. Атәылаҟны аӡыржәтә меигӡарахда иҟоуп, аха иара убри аамҭазы атәылақәа жәпакы бааԥсыла иҿажәкуеит. Иахьынӡахәҭоу ҳхаҿы иааҳамгац изакә беиароу иҳамоу, иара убас лассы-лассы уи ишабалак ҳәа ҳазнеиуеит. Абри иҳамоу амал ду ҳшазыҟоу иашам. Убри еиҷаҳарала азыҟазаашьа – ҳаԥхьаҟатәи абиԥарақәа иҭәы-иԥха инхо-инҵуа, малла-шьалла ибеианы рыҟалара иауасхыруп. Иазгәаҭатәуп, аԥсуаа еснагь ҵасс ишрымаз аӡыхьқәа, акәарақәа, аӡиасқәа рыхӡыӡаара, реиҷаҳара. Урҭ агәам рҭарыжьуамызт, рхықәқәа рҿы адәахьы ицомызт, арахә рҭакырҭақәа дыргыломызт. Ари атрадициа – ҳара адунеи шҳадаҳкылауа ашьаҭақәа ируакын.
– Шәара шәызлахәаԥшуала, аԥсабара ҳаҭыр ақәҵан азныҟәашьа ҳамҵар, изеиԥшрахоузеи ахҟьа-ԥҟьақәа?
–Ауаҩы изгәаамыкӡакәа, дазымхәыцӡакәа икәша-мыкәша иҟоу, дызлагылоу аԥсабара аԥыргара, абиологиатә хкырацәара аиҵатәра иҽазикыр, иара иԥсҭазааразы, ихныҟәгаразы ашәарҭара ду инапала иаԥиҵоит. Ҳара абиологиатә еиԥшымзаара еиқәырхатәуп ҳәа ҳанцәажәо, ус баша ажәаԥшӡаны иаҳҳәаӡом, ари ауаатәыҩса реиқәырхара иагәыцәуп.

Акьыԥхь иазирхиеит
Борис Қаџьиа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me