Лаҵара 01, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Жәларык рцынҵәарах

«...Избан, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы изакәызаалак иҳахәаша акы ҟамҵаӡакәа аамҭа баша изцо. Имаҷума иахьа аԥсуа ҿар ҳҿаԥхьа ишьҭоу аусқәа, ҳара ҳамч зықәхаша, инаҳагӡаша. Иахьа адемократиатә аамҭа аан ҳара иҳалшароуп аиаша аҳәара ацәымшәара, ҳмилаҭ зегьынџьара аиаша рдыруазароуп. Иахьа изызҳауа аҿар уаҵәтәи Аԥсадгьыл аԥеиԥш лаша роуп. Дарбанзаалак аԥсуа, апатриот цәанырра злоу, аԥсуа милаҭ рхьаа иаргьы ихьаазароуп. Иазхазааит ҽырба патриотра, аишәа аҿы ажәа ԥшӡақәа рҳәара. Иаамҭоуп хдыррала апрактика ҟазшьа змоу апатриотизм ахь аиасра».
Сергеи Ҳамыҭ,
(Агазеҭ «Аԥснытәи ауниверситет»,
1988 ш. цәыббра 23),

Сергеи Анатоли-иԥа Ҳамыҭ диит аԥсуа қыҭа Калдахәара, анхаҩы иҭаацәараҿы 1964 шықәса абҵарамза 27 рзы. Иқыҭаҿы абжьаратә школ иҿырԥшыганы даналга ААУ аҭоурыхтә факультет дҭалоит. Уа­нтә­ аррамаҵурахьы иԥхьоит. Аррат́ә уалԥшьа ақалақь Североморск ихигеит. Даныхынҳә иҵара иациҵеит. 1990 шықәсазы ААУ диплом ҟаԥшьыла ихиркәшеит.
Сергеи Ҳамыҭ ихы иды­р­уа да­на­лага нахыс ихылҵшьҭра дазҿлымҳан. Данстудентха аҭоурыхтә факультет аҟны еиликааз рацәахеит. Иара знызаҵәык иадамхаргьы дызҿцәажәахьаз, дихамышҭуа ихаҿы даанхон иҵаулара, идырра, игәыбылра уҳәа рыла.
1990-тәи ашықәсқәа раан Гәдоуҭатәи араинагӡком ахьӡала ашәҟәы ҩны атәылауаҩшәҟәы ҿыц анрымихуаз амилаҭ «аԥсуа» ҳәа дахьаныз ахаҭыԥан «аубых» ҳәа анырҵаратәы иҟаиҵеит.
– Усҟан, – иҳәеит иашьа Рудик, «Леон иорден» занашьоу, аҩбатәи агәыԥ ахымхәа, – имариамызт, даара аџьа адибалеит, аха илшеит, еснагь игәы иҵхоз азҵаара иӡбеит. Атәылауаҩшәҟәы иара заҵәык иакәын адунеи аҿы «аубых» ҳәа ианҵаны измаз…
Сергеи зыԥсадгьыл иахӡыӡаауаз, аҭоурых ҭызҵаауаз, иахнагахьоу бзиаӡаны издыруаз, ԥсабарала зҟазшьа ӷәӷәаз хаҭаран. Аԥсны иадҳәалоу акы шиаҳалак ақьаад ианызҵоз, уахгьы-ҽынгьы ҳашьцәа Нхыҵ-Кавказааи ҳареи ҳаизааигәареи ҳаибабареи иахгәаҟуаз, изҭахыз дыруаӡәкын. Ҳашьцәа мшын нырцә иҟоу рзы амца ицран. Иажә́а иалан: «Урҭ мхынҳәыр, рыԥсадгьыл аҟны инымхар, Аԥсны аԥсуаа рыла иаҳзырҭәӡом. Дарбан аԥсуазаалак, уи дазхәыцлароуп, раагаразы иҳалшо зегьы ҟаҳҵароуп».

Аибашьра анҵысы Аԥсныҟа ҳџьынџьуаа аауа ианалага, ақыҭа аиҳабы Хьырсон Агрба диацәажәаны, Калдахәара ақыҭаҿы иааганы иҭаиҩуан. – Аибашьра еилгар, – ҳқыҭала ҳалагоит, сзацәажәо зегьы, гәахәарыла ирыдыркылоит, рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь ихынҳәуа рацәаҩхоит ҳәа иҳәон Сергеи.
Ажәла Ҳамыҭаа «зхәы иаҭәҳәаны изфо» ҳәа ззырҳәо ажәлақәа ирхыԥхьаӡалоуп. «Ҳамыҭаа Аԥсны ааҭӡык ҳанхоит, ҳарҭ зегьы ҳазхылҵыз аӡәы иоуп. 1964 ш. аубыхцәа зегьы реиԥш, усҟантәи ақәымчрақәеи агәаҟрақәеи рышьҭахь ҳабшьҭра Аԥсныҟа нхара иааит. Абри исҳәо ҳабду Дади иҳәамҭаны иаанижьыз аҭоурых ауп. Урҭ Аԥсныҟа ианаауаз, ахнышьыр иааргаз ҳамоуп. Ҳаиҳабацәа ахнышьыр аҩны идәылаҳгар шыҟамлоз ҳарҳәеит, уи ҳахӡыӡаауа, ҳнавсцыԥхьаӡа ҳҭоурых ҳгәалазыршәо, баҟак иаҩызаны ҳахәшҭаараҿы иҟоуп, – дҳацәажәон Рудик.
Анатоли Дади-иԥа Ҳамыҭ дыз­хылҵыз реиԥш игәы ҭбаан, ачеиџьыка иман, аԥсуара ныҟәигон, пату изақәын. Иԥшәма Џьыкырба-Ҳамыҭ Римма Қәҭиа-иԥҳаи иареи ԥшьҩык ахшара рааӡеит: Марина, Родик, Сергеи, Ада.
Ҳҭаацәараҿы зегьы Сергеи дрылыркаауан, –уи ашәҟәқәа ирацәаны дрыԥхьон. Ҳаргьы агәыбылра ҳиркуан. Ҳаиҳабацәа рахь еснагь азҵаарақәа рацәаны иман. Аублаа ирыдҳәалаз зегьы игәы иҵхон. Аублаа адунеи ианыӡаауеит ҳәа ирҳәоз ацәаныррақәеи ақәгыларақәеи зегьы дрызҿлымҳан. Нас атәылауаҩшәҟәы аниоу, ауаа иреиҳәо далагеит, рмилаҭ шьақәдыргылар шыҟало. Ҳара –ҭаацәала зегьы «аубых» ҳәа амилаҭ анҵаны, атәылауаҩшәҟәқәа ҳамоуп. Зегьы ҳзы даараӡа акыр аҵанакуеит – иажәа иациҵон Рудик
Сергеи Ҳамыҭ ААУ аҟны аҵара аниҵоз, курск аҟны алекциақәа ирыԥхьоз аҵарауаҩ Аргәын Иура Гәдиса-иԥа Сергеи Ҳамыҭ изы ицәажәара абас иҟан: «Сара идипломтә усумҭа напхгара асҭон. Ауниверситет аҟны аҵара зҵоз, зегьраԥхьа зхатәы бызшәала (аԥсышәала) адипломтә усумҭа зҩыз студентын. Уи «даараӡа ибзиоуп ҳәа» изыхьчаз дыруаӡәкын… Исгәалашәоит, 1990 ш. Лазаревск ҳәа иахьашьҭоу аҭыԥаҿы, ашыԥсыӷ жәлар раԥхьатәи реизара ду ахь Аԥснынтә аделегациа ҳнаԥхьан. Сахьцәажәоз «аубых» ҳәа атәылауаҩшәҟәы змоу аԥсуа делегациа дшалаз сҳәеит. Абри анысҳәа Акультуратә хан азал дуӡӡа аҟны итәаз зегьы гыланы рнапқәа еинырҟьон…

Сергеи ААУ аҭоурыхтә факультет даналга, Калдахәаратәи абжьаратә школ ахь рҵаҩыс дхынҳәит. Уаҟа аус шиуаз, иҿыцны Аԥсны еиҿыркааз агәыҳалалратә адемографиатә фонд аҭакзыԥхықәу амаӡаныҟәгаҩыс далырхит. Аԥсны ақырҭцәа ақәлаанӡа аус иуан.
– Аибашьра аԥхьатәи амш азы Сергеи абџьар шьҭихит, – иара Гәымсҭатәи ахырхарҭахь дцеит. Сара Гагратәи ахырхарҭаҿы сыҟан. Гагра ахақәиҭтәра ашьҭахь Сергеи дахьыҟаз сыԥшааит. Уи Қәҭелиа Зураб икоманда далан. Уа ҳшеицыҟаз, 1993 шықәса мшаԥымза 23 рзы сырхәит. Гәдоуҭатәи агоспиталь аҟны акыраамҭа сышьҭан. Сшьапы сықәгылаанӡа аҩеижьра сыхьит. Усҟан Сергеи Аладатәи Ешырала деибашьуан, «Смертники» ҳәа изышьҭаз аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргон. Ажәылара иалагараны ишыҟаз, Сергеи иаб дшычмазаҩыз иаҳан, аҩны дааит. Ҳаб Гагра дганы ахәышгәтәырҭаҿы дышьҭеиҵеит. «Саб иаарласны аиааира ҳгоит, Аԥсны ҭаҳарцәуеит», – ҳәа иаҳәаны Ешыраҟа дцеит. Мышқәак бжьысыит. Аладатәи Ешырала ажәылара иалагараны иҟан. Сергеи аҩны дааит. Нас Гагра дцаны ҳаб ахәышәтәырҭа дҭыганы дааигеит. «Ҳаибашьцәа ахәра зауа рацәаҩхар ҟалоит, убри аҟынтә аҩны дыҟазар, сгәы ҭынчуп…» ҳәа наҳәаны ашҭа дынҭыҵит. Ҳан дынишьҭалеит. Иара даахьаҳәын, абас ибжьы ааиргеит: «Аԥсуаа Аиааира ҳгоит, шәара шәыҽшәырӷәӷәа!» – иҳәан, шьаҿа ӷәӷәала ашҭа дынҭыҵит», – игәалаиршәон Рудик.
Сергеи «Смертники» захьӡыз агәыԥ иалаз ржәылара ашьҭахь, уаҟа иибаз, дызлаԥшыз иалахәыз аибашьцәа иреиҳәон: «Идырны аԥсра иаԥылоз ҳаибашьцәа рыбжьқәа ахрақәа арҵысуан. Аӷацәа рыблала ирбеит аԥсуаа рыԥсадгьыл ахақәиҭтәразы, аҭарцәразы, аӡәгьы иԥсы дшамеигӡо. Уи ажәылараҿы ирацәаҩны иҭахеит. Азаҵәқәа рхыԥхьаӡара маҷӡамызт. Иҭахаз рышьҭахь инеиуазгьы, гәкаҳарак рымамкәан ԥхьаҟа ицон…

Сергеи Ҳамыҭ 1993 ш. цәыббрамза 17 рзы аҳҭны-қалақь Аҟәа аҭарцәразы ажәылара ианалагоз, дызгашаз ахы иқәшәеит. Данҭаха ашьҭахь «Леон иорден» ианашьан. Ашкол аҟны аҵара изырҵоз арҵаҩы Ҟаитан Лили Жьагәа-иԥҳа лҵаҩы дылгәаларшәо, ус лҳәеит: иахьагьы сҵаҩцәа, соушьҭымҭацәа зегьы дрылскаауеит. Ицәажәашьа, ихәыцшьа, аҟыбаҩ ҷыда илаз, игәыблыра адуӡӡара еснагь исыцуп. Дунаӡак иеиԥш дхәыцуан. Сергеи абжьбатәи акласс аҿы дантәаз инаркны, аублаа рҭоурых игәы иҵхон. Уи иацыз атрагедиа иныруан, иқәыӷәӷәон… Аибашьра акәымзар, Сергеи иахьа аԥсуа жәлар рыгәҭа дыӷәӷәаӡа дгылазаауан… Ҳажәлар асеиԥш иҟоу аҵеицәа рылиаауанаҵы ахааназ ԥсра-ӡра рықәӡам. 1999 шы­қәсазы Гәдоуҭа ақалақь амузеи «Абазгиа» зыхьӡыз (усҟан амузеи ахьӡ абас акәын ишыҟаз) ахыбраҿы Сергеи изкыз аиԥылара мҩаԥаагон. 1999 ш. Аҟәа иҭыҵыз Сергеи Ҳамыҭ ишәҟәы «Аубых итрагедиа» аӡыргара мҩаԥысуан. Ашәҟәы еиқәдыршәеит: Аргәын Иура, Гиви Допуа.
Зны Сергеи дихцәажәо аҵарауаҩ Иури Гәдиса-иԥа, ус иҳәеит: «Ашьжьымҭан илаша-лашо иҩаҵхахаз, шьыбжьаанӡагьы инҭашәаз амра лаша дадкыланы уихцәажәаргьы, имыцхәхом. Сара агәра ганы сыҟоуп, абас еиԥш иҟаз аҵеи, аԥсынҵры нагӡа иоузҭгьы, иахьа ҳазхыҽхәо ҳҵарауаа дыруаӡәкзаауан. Аха ақәылаҩцәа иаҳзааргаз аибашьра, иара атәы ҟанамҵар амуит. Аҵеицәа иреиӷьқәаз рыԥсадгьыл ахақәиҭра аиқәырхара рылдыршеит иахьа, рхы-рыԥсы ақәҵаны. Ус иҟан Аԥсны аҵеицәа жәытә-натә аахысгьы, ус иҟалоит ҳаԥхьаҟагьы…»
Калдахәара ахәы ԥшӡа Ҳамыҭаа реиашьаратә нышәынҭрақәа, урҭ рызқәаҭыԥ ахьыҟоу Аџьахә ахьӡуп. Сергеи ишьа злоу иԥсадгьыл афырхаҵаратә ашәа ахыҩуеит. Ҳаԥсадгьыл Аԥсны зыԥсы ақәҵаны еиқәзырхаз, рыԥсқәа ҭынчхарц, ҳара иҳалшо ҟаҳҵалароуп, иаҳхамышҭроуп, абиԥарақәа ирызныжьтәуп дара закәыҵәҟьаз.
Сергеи ихьааигон, игәнигон аубыхқәа рбызшәа ахархәара ахьмаҷыз, адунеи аныӡаара иахьалагаз. Абызшәа мыӡразы, уи аҵара шаҭаху иҳәон. Сергеи иԥхыӡ иалаз – иабдуцәа рбызшәа еиқәхаразы, иҿиаразы амҩақәа ԥшаатәын. Аха…
Рудик С. Дбар ихьӡ зху Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра Аҳәынқарратә музеи иеиҭеит Сергеи инапҩырақәа зегьы. Аԥхьаҩ иимбацгьы маҷӡам. Сергеи Ҳамыҭ сынтәа 60 шықәса ихыҵуеит. Еидкыланы ишьҭоу иеизгамҭақәа акьыԥхь рбазҭгьы, аҭоурых иазаанхар акырӡа зҵазкуа еизгамҭақәоуп.
Сергеи Анатоли-иԥа Ҳамыҭ иуаҩреи, игәымшәареи, иԥсадгьыл ахь имаз абзиабареи ашәышықәсақәа ирықәланы иаанхоит. Аубых ихаҿсахьа, уи иӷәӷәара, имшәара, ихәыцра ҵаула дагәыцәны ҳҭоурых адаҟьақәа дыргәылазаауеит. Иара дыздыруаз, изааигәаз иҩызцәа лассы-лассы иаҭаауеит амузеи. Уи дызгараз игареи инапҩымҭақәеи лассаамҭа изрыдҵуам. Аҵарауаҩ Иури Гәдиса-иԥа иажәа иалан: «Абаҩхатәра змаз аҵеи амцабз згәылҟьоз иԥсҭазаара кьаҿ иалагӡаны иаҳзынижьит адипломтә усумҭа «Калдахәара ақыҭа. Аҭоурыхтә-етнографиатә очеркқәа» зыхьӡуи апублицистикатә статиақәа. Урҭ ирыԥхьо игәеимҭарц залшом иаԥызҵаз автор қәыԥш иуаажәлари иԥсадгьыли шаҟа бзиа ибоз, дрыхӡыӡаауаз, излаилшоз ала каламԥынҵала ишихьчоз.

Гугуца Џьыкырба

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me