Лаҵара 19, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image
Аслан

Аслан

Аҧсны аҿар рфорум

Хәажәкыр 14, 2024

Март 12 рзы Аҧсны Аминистрцәа Реилазаара ахыбраҿы имҩаҧган Урыстәыла Ахадас Владимир Владимир-иҧа Путин иалхра аламҭалазтәи Аҧснытәи аҿар рфорум. Уахь инаҧхьан Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа, уи ихаҭыҧуаҩ Бадра Гәынба, Аҧыза-министр Алеқсандр Анқәаб, Аҧсны Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәба, Аҧсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, аминистрцәа, аҵарауаа, астудентцәа, аҿар.

Абаҩхатәра злоу аестрадатә шәаҳәаҩы Џьими Шәманиа ирҿиара бзиа избо, инаигӡо ашәақәа згәаԥхо, ҷыдала ихьӡ гәцаразкуа азыӡырҩцәеи ахәаԥшцәеи маҷҩым.

Иуа Коҕониа – 120 ш.

Хәажәкыр 13, 2024

Март 13, 1904 ш. рзы диит аханатә аахыс ҕәҕәалаӡа аҧсуа поезиа аҭоурых зыхьӡ ҧшьа адҳәалоу, ҳмилаҭтә сахьажәаҟны аеҵәа еиҧш даацәырҵны имҩасыз Иуа Абас-иҧа Коҕониа.

Уажәгьы уашьҭангьы ажәлар рҿы кашәара ақәым апоет Иуа Коҕониа ихьӡ. Ииашахеит иара иажәақәа, «аҳы, сышәҟәы, уҧырла, тәамҩахә умамкәа уцала!..» ҳәа ииҳәаз. Иуа иаҳзынижьыз аҩымҭақәа – ахақәиҭразы зеиҕьаҭам ашәақәа, алирикатә жәеинраала ссирқәа, аепикатә жәабжь дуқәа бызшәа ҧшӡала еиқәыршәаны – арҭ зегьы «тәамҩахә рымам», шьахәла аус руеит иахьагьы.

Ш. Инал-иҧа

«Ақырҭуа ҳәа атәылауаҩшәҟәы сымоуп, аха гәыла-ҧсыла саҧсыуоуп. Сашьцәа сшәывагыланы аҕацәа срабашьуеит». Арҭ ажәақәа итәуп Аҧсны Афырхаҵа, ҩажәи жәохә шықәса дшырҭагылаз аибашьра адәаҿы зыҧсҭазаара ҿахҵәаз, Чанта ҳәа ахьыӡшьара змаз, Заур Мамиа-иҧа Ҷантуриа.

Зыхьӡ еицамкуа

Хәажәкыр 12, 2024

Март жәеиза рзы Гәдоуҭа, араион Акультуратә хан аҟны имҩаҧысит абаҩхатәра ҟаимаҭ злаз апоет, Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат, Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан, 1992 ш. октиабр жәба рзы хабарда ибжьаӡыз Таиф Аџьба диижьҭеи 85 ш. аҵра иазкыз аиубилеитә хәылҧазы.

Ражьден Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿы имҩаԥысит аԥсуа жәлар рмузыка-арҳәагақәа роркестрқәа XIII рреспубликатә фестиваль «Аԥхьарца». Уи азкын еицырдыруа аҟазараҭҵааҩы Иван Еснаҭ-иԥа Кортуа игәалашәара.

Ашьапылампылтә сезон – 2024 аартра иазкын иахьа, аҩаша, хәажәкырамза 5 рзы, Аԥсны ашьапылампыл Афедерациа апрезидент Шабаҭ Логәуа, аҟәатәи «Динамо» акаԥдан Аслан Багаҭелиа, Ашьапылампылтә Клуб «Гагра» акаԥдан Асҭамыр Ҵышәба Sputnik Abkhazia апресс-центр аҿы ажурналистцәа ирырҭаз апресс-конференциа.

Аԥсны ахьӡ аҭыгара, акультура аиқәырхара, иреиҳаӡоу аихьӡарақәа раарԥшра – ари уалԥшьоуп зегьы рзы. Ааигәа Харитон Агрба диацлабуан Мексикатәи аспортсмен Хосе Мигель Боррего «Лига ставок. Ночь чемпионов IBA» «Сириус» имҩаԥнагаз атурнир аҳәаақәа ирҭагӡаны. Араҟа иԥшьоу аԥхьахә игеит Аԥснытәи абоксиор Харитон Агрба.

Февраль 29 рзы Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла Гәдоуҭа араион П.Шьаҟрыл ихьӡ зху Лыхнытәи абжьаратәи ашкол аҟны имҩаҧнагеит алитературатә семинар. Уахь имҩахыҵит ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Аҧҳазоу, ажурнал «Алашара» аредактор хада Анатоли Лагәлаа, ахәыҷтәы журнал «Амцабз» аредактор хада Гәында Сақаниа, апоетцәа Гәында Кәыҵниа, Заира Ҭҳаиҵыкә, ­Абзагә Аҟалҕьба. Рҽаладырхәит агазеҭ «Аҧсны» аредактор хада Ахра Анқәаб, Гәдоуҭа араион аҵара аҟәша аиҳабы Адамыр Ҳаразиа, арҵаҩцәа, ашколхәыҷқәа.

Ишдыру еиҧш, аҧҳәызба – аҧшӡареи, ахаареи, аизҳареи дырхаҿуп, символс дрымоуп.Хаҭала, аҧсуа ҧҳәыс – ан лтәы ҳазааҭгылозар, уи лроль даара акыр аҵанакуеит ҳаҧсҭаазаараҿы.

Image
Image
Ad Sidebar

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me