«Ақырҭуа ҳәа сануп, аха гәаҭала саҧсуоуп»

«Ақырҭуа ҳәа атәылауаҩшәҟәы сымоуп, аха гәыла-ҧсыла саҧсыуоуп. Сашьцәа сшәывагыланы аҕацәа срабашьуеит». Арҭ ажәақәа итәуп Аҧсны Афырхаҵа, ҩажәи жәохә шықәса дшырҭагылаз аибашьра адәаҿы зыҧсҭазаара ҿахҵәаз, Чанта ҳәа ахьыӡшьара змаз, Заур Мамиа-иҧа Ҷантуриа.


Ҭаацәак рлахьынҵа зҿаҟәаз, рҧеиҧш зыҧсахыз трагедиахеит Ҷантуриаа рҭаацәара рзы ари аибашьра.
Апатриотра аҧсуа жәла амазаара мацара акәӡам, мамзаргьы угәы уааҭасуа Аҧсны бзиа ишубо атәы аҳәара акәӡам, иара убас, милаҭла апатриотра ахә узшьаӡом. Ипатриоту ижәлар данырҭахәу ихы ҧхьеикӡом, ишьа акаҭәара мацара акәымкәа, ианаҭахха иҧсадгьыли ижәлари ихы рықәҵара дазыхиоуп.
Аибашьра ианалагоз исхыҵуаз фышықәса роуп. Аха иаҳхаҳгаз иазку агәалашәарақәа сыбла ихгылоуп иахьагьы анымҩаҧысуаз реиҧшҵәҟьа еилыхха. Урҭ реиҳарак дыргәылыҳәҳәо дыргәылагылоуп Аҧсны Афырхаҵа Заур Ҷантуриа. Адауаҧшь еиҧш дкахәхәа зоура ыҟаз, игәаҵантәи иаауаз иччаҧшь уаҳаны иуадаҩын ацҧышәамччара. Избан акәзар, уи ианыҧшуан игәы аҭбаареи, игәыбылреи.
Ақырҭуа-аҧсуа еибашьра иалагаанӡа аамҭа иаҵанакуа Ҷантуриаа рҭаацәара рҭоурых уамак исгәалашәом, аха аибашьраан, нас уи ашьҭахьтәи ахҭысқәа еиҭасҳәартә сырхаануп. Мамиа Ҷантуриеи Татиана Лагәлааҧҳаи рҭаацәара аныҳәаҩ ихы рыдиныҳәалартә иҟан. Рыҧшьҩы ҧҳацәеи, ҩыџьа рҧацәеи рыламыси, рааӡареи, реилкаареи рыӡбахә рҳәон. Изланхоз аҳаблаҿы мацара акәымкәа. Кәтол ақыҭан пату рықәын. Иухәоит ада акы иуҧырхагам, ахшара рааӡеит ҳәа рзырҳәон. Мамиа Ҷантуриа иҧа еиҳабы Рудик амилаҭтә-хақәиҭратә қәҧара аилашыра далагылан, ихы ҧхьаикуамызт аиҵбы Заургьы. Тәылауаҩшәҟәыла иқырҭцәоуп ҳәа анын, аха шьала-дала аҧсуаа ирыларсыз, иаҧсыуаны зхы зыҧхьаӡоз, аҧсшәа аҳәарадагьы аҧсуа ихдырра зманы изызҳаз дара, амилаҭтә интересқәа рыхьчараҿы хеигӡареи хьаҵреи рыздыруамызт. Аишьцәа рыхьӡ аҕацәа рҟынӡагьы инеихьан, рықәҧара атәы раҳахьан, ргәаҕгьы рыман. Изныкымкәангьы рыҩны иаахьан, раб уҧацәа ақәҧара иаҟәых, иаанкыл ҳәа иарҳәрц азы.
Аџьџьаҳәа иҟаз аҩнаҭа агәы­рҩа ҩнагьежьраны иҟазаарын. Аибашьраан Аҟәа инхоз Рудик Ҷантуриа раҧхьатәи амшқәа рзы Ацҳа Ҟаҧшь аанкыланы аҕацәа аазмышьҭуаз рхыҧхьаӡараҿы дыҟан, анаҩс агәыҧқәа реиҿкаара ианалага аҧшыхәрахь дцоит. Иара аҕацәа ахьтәаз аҭыҧқәа рыхсаала ҟаиҵон, урҭ рхыҧхьаӡареи, ирымоу абџьари еилкааны ҳаибашьцәа адырра риҭон.

Рудик иаасҭа Заур жәашықәса деиҵбын, ақырҭуа-аҧсуа еибашьра иалагаанӡа аус иуан ақыҭантәи ачаӡырҭаҿы, иҧшәмаҧҳәыси иареи ирааӡон ҧшь-ҩык ахшара, аибашьра зынӡа дацәыхаран. Август жәиҧшь 1992 шықәса рзы ҳмилаҭ аҟазаареи аҟамзаареи ианырҭагыла, Заур Мамиа-иҧа Ҷантуриа дыруаӡәкхеит аҧсадгьыл ахьчаразы раҧхьа игылаз аибашьцәа. Иара далан раҧхьатәи апартизантә гәыҧ. Бџьарлеи џьыҧҳанылеи еиқәшәамыз Кәтолаа реибашьцәа ирылшоз ала аҕа ааха ирҭон, абџьар имырхуан, аамҭа цацыҧхьаӡа реибашьыгақәа еиҳа ирацәахон. Ицеибашьуаз ирҳәалоит иахьагьы Ҷанҭа атәаха ҳаиҭомызт, иахьа аҕацәа ҧырхага раҳамҭаӡац, амҩа ҳақәышәҵа ҳәа дааҳадгылон ҳәа. Иара ахьаҵра заку издырӡомызт, ицеибашьуаз шамахамзар иқәлацәа шракәызгьы, ажәыларақәа раан иҩызцәа дрыхӡыӡаауа раҧхьа дгылон гәышҧыла ихьчарц азы.
Заур дааит аҭабиа аҟынтәи ҳәа анраҳалак аҳабла зегьы аилаҩҩуан. Иҳаиҳәозеишь, ҳаибашьцәа рҭагылазаашьа зеиҧшрозеишь ҳәа рыгәқәа хыҭхыҭуа иара ииҳәоз иазыҧшын. Заур иакәзар, иани иаби днырҿаҧшны, ишыҟоу еилкааны игәылацәа реизарҭахь днеиуан. Иагьа уадаҩра ыҟазаргьы лахьеиқәҵарак, ааҧсарак инирҧшуамызт. Зегь ҳамоуп, зегь рыла ҳаиқәшәоуп, акы шәацәымшәан аҕацәа ақыҭа иалалар ҳауӡом иҳәон иара. Сгәалашәараҿы иаанхеит еснагьтәи иццакра, сцароуп, аҷкәынцәа сзыҧшуп ҳәа дҩаҵҟьон дшынатәаз еиҧш. Аибашьра ианалага инаркны иҭахара амш аҟынӡа афырхаҵа уахык иҩны даҵаианы иҧсы имшьаӡеит. Иара аҭабиахь игон иҧацәагьы, Гиа жәаф шықәса дырҭан, уи ишьҭанеиуаз Гела жәиҧшь далганы жәохә дрықәын, аиҵбы Герман усҟан зынӡа дхәыҷын. Заур, ахәыҷқәа умган ҳәа аниарҳәалак. Акы ҳҭаххаргьы иаҳзааргалап, уи ҟазҵогьы акыр даҧсоуп, насгьы ахысшьа рҵалааит иҳәон аҭакс. Заур Ҷантуриа игәымшәареи, аҕацәа дырҿагыланы иааирҧшуаз агәаҕьреи рыӡбахә ақырҭцәа ршьара иқәнаҟьон. Убри азоуп иара «ихы» аҧара ду зақәырҵаз. Маҷк ухы уеигӡа, лымкаала ушьра иашьҭоуп ҳәа аниарҳәалак, иара ишиҟазшьаз еиҧш дҧышәырччо, аҕацәа акыр дҳарҟаҵома ҳәа длафуан. Ихәыҷы аахыс еицзызҳаз, иагьеигәылацәаз Заур Ҷантуриеи, Ҷыҷеи Гәырами Лагәлааи аҕацәа рцәа иҭадырӡыӡон. Лассы-лассы ҧшыхәра еиццалон, аҽнышьыбжьон иныҵыҵны аҕацәа ҭҟәаны иааргон. Ҳара ҳшанханы ҳашрыхәаҧшуаз, ҿык-бзык иазымҳәо агәаҕьра аарҧшны аҕацәа ндырҵәон. Асеиҧш афырхацәа рыцеибашьра гәадуран иҳәахьан Аҧсны Афырхаҵа Валери (Бурди) Агрба.

Тамшьи Кәтоли ирывоу Лабра ақыҭа аиҳарак аҕацәа рнапаҿы иҟан. Ҳаибашьцәа ажәылара амҩаҧгара рҽазыҟарҵон, аха еилкаан аҧсҭбарақәа шырацәахо. Избан акәзар, аҕацәа хыҧхьаӡарала еиҳан, бџьарлагьы еиҕьны еиқәыршәан. Аҧсны Афархаҵа Кама Лашәриеи Заур Ҷантуриеи ихәыҷы аахыс еицрызҳаит, ҳаблак иатәын. Дара еицеибашьуан. Кама илҳәоит еиҳабык еиҧш дшылхылаҧшуаз. Иара Лабра аҭарцәразы ажәылараангьы еиҳа амца ахьеилашуаз аҭыҧ ахь днеир имуӡеит. «Аҷкәынцәа ааираны иҟоуп, амҩа дбырбап, ара баарзыҧшы» ҳәа лаҳәаны дылҧырҵуеит. Аҧсны Афырхаҵа илҳәоит азныказы агәра шылгаз, аха анаҩс ишеилылкааз, аҿарҧа ҧшааны еиҳа иахьшәарҭаз дымнеиртә ишыҟаиҵаз. «Сшаанымгылоз идыруан, убри аҟынтә смыргәааӡакәан сирҧшит» – лҳәоит лара.

Кама лгәалашәарақәа рыла, Заур данылҧырҵ анаҩс, дук хара имгакәан дахьыҧшыз аҭыҧ ахь инеит аибашьцәа гәыҧҩык, лара урҭ дрыцны ддәықәлеит. Амҩа уаныло иҟамызт, ахысра ҕәҕәа цон. Еиварыҧх еивагылаз аҩнқәа рыҽрывакуа инеиуан ҳаибашьцәа. Ҧыҭрак ашьҭахь Ҷанҭа ихьӡеит. Аҷкәынцәа Кама дышрыцыз ангәеиҭа, ҽаанбзиала бнеиааит ҳәа лызҿиҭит. Аха изватәаз абетонтә ҭӡы уҽавырҳәҳәаны аҭак ҟаҵашьа ыҟамызт, иманшәаламызт Заур дахьтәаз аҭыҧгьы. «Аҕацәа хысуан еихсыҕьрада, ахқәа акәицқәа реиҧш ижжаӡа икаҧсон. Ҷанҭа дыҳцәыршьит ҳәа бжьык слымҳа иҭасит. Иара иаахеит дызгашаз ахы. Аха, аҵыхәтәан исаиҳәаз – ҽаанбзиала бнеиааит – слымҳа иахьагьы иҭыҩуеит» лҳәеит афырҧҳәызба.
Афырхаҵа Заур Мамиа-иҧа Ҷантуриа дҭахеит ҧхынҷкәын 7, 1992 шықәса рзы Лабра ахы ақәиҭтәраан. Ауха, адунеи амца акызшәа илашон, Кәтолынтәи ибзиаӡаны иубарҭан Лабра ҵлашаауа абылра ишаҿыз. Аҽыхьчаразы ҳазҭатәаз аҭабиа алашьцара дырлашон адәнынтәи иааиуаз ажәҩан иалаҧжәоз абзарбзанқәа. Ҳхәыҷқәан, аха еилаҳкаауан митәык шыҟоу, ахыршәқәеи ахысыбжьқәеи рыда ҷыҭыбжь уаҳауамызт. Ашамҭазы амца анеиқәтәа ажәабжь хьанҭа ааҳалаҩҩит – Заур дыршьит ҳәа. Хацәеи ҳәсеи згәы далымсыз, зылаҕырӡ камҭәаз дыҟамызт. Ицәырҟьа -әырысуа сыбла ихгылоуп данааргозгьы. Ауаҩынаӡа иара дызныз дакӡомызт… Раб данҭаха ашьҭахь ишьа рурц абџьар шьҭыхны аибашьцәа инарывагылеит Заур иҧацәа Гиеи, Гелеи. Аишьцәа иреиҵбу Гела ианашьоуп Леон иорден.
Аибашьра иалагеижьҭеи мызкы ааҵуаны, жьҭаарамза 1992 ш. рзы аҩны ддәылганы дыргоит хабарда ибжьаӡыз Рудик Ҷантуриагьы. 89 –тәи ашықәсқәа рзтәи ахҭысқәа рылахәхара, аибашьра раҧхьатәи амшқәа инадыркны иааирҧшыз агәымшәара, рҭаацәа аҧсуаразы рықәҧара, абри зегьы еицыланы, ирӡра иацхраақәаз иреиуоуп. Иара убасгьы ирацәан еиуеиҧшым агәҩарақәа. Дыршьызар акәхап, мамзар дмаауаз иҳәон агәырҩа иафаз аб Мамиа. Рудик иан Татиана лакәзар, лҧеиҵбы анышә дамалдахьан, аха лҧеиҳабы иҧсыбаҩ лымбакәа агәра лгомызт дҭадырхеит ҳәа, аҵыхәтәанынӡа иаара дазыҧшын. Рудик Ҷантуриа дандырӡуаз ихыҵуан 44 шықәса, иара дҭаацәаран, иман ахшара.

Аҧсны Афырхаҵа Заур Ҷантуриа иҧсы ҭазҭгьы сынтәа ихыҵуан хынҩажәи хәба шықәса. Даниз амш аҽны рҩыза дыргәаладыршәарц аҳаҭгәын иаҭааит аибашьра аветеранцәа, Заур Мамиа-иҧа ихьӡ зхәу Кәтолтәи абжьаратәи ашкол аклассқәа руак аҵаҩцәа ажәеинраалақәа ирыҧхьеит.
Леон ироден занашьоу Тариел Коҕониеи Заур Ҷантуриеи ианыхәыҷӡаз инаркны еиҩызцәан, класск аҿгьы аҵара еицырҵон, аибашьра раҧхьатәи амш инаркны еицеибашьуан. Афырхаҵареи, агәымшәареи ирызкны Чанта иаҟара изыхцәажәатәу ыҟамзар ҟалап. Абас еиҧш афырхацәа ргәалашәара ҧсра ақәымзар ауп, ихы мацара акәӡам дызмеигӡаз, макьана аибашьра ззаацәаз иҧеиҳабацәагьы аибашьра амца иналаиргылеит. Заур Ҷантуриа иҭынхеит ҧшьҩык – ахшара: хҩы-аҧацәеи аҧҳаи. Имоуп амаҭацәа. Урҭ ирдыруеит рабду ифырхаҵара атәы, уи иагьахыҽхәоит. Зынӡа ишқәыҧшӡаз еибашьуаз Заур Ҷантуриа иҧацәа хӡыргарак ҟамҵаӡакәан, реибашьратә мҩа зынӡа иаламцәажәаӡакәан , уи ҿыҵгас иҟаҵаны аҳәынҭқарра амал ацрамырҟьаӡакәан, ҭынч-ҧсымшь ибзазоит, ирыхшаз рааӡоит.
Кәтол ақыҭа анхацәа рымч ала ааигәа Заур Мамиа-иҧа иҳаҭгәын аҟны абираҟ кнаҳан. Иара даниз амш аҽны абираҟ шьҭырхит Аҧсны Афырхацәа Кама Лашәриеи Адгәыр Ӡлаиеи. Афырхаҵа иҳаҭгәын иаҭааз ашколхәыҷқәа аҧсадгьыл ахьчаҩцәа ирызку ажәеинраалақәа ирыҧхьеит.
Заур Мамиа-иҧа иҭаацәа иҭабуп ҳәа рарҳәеит аџьабаа збаз зегьы. Еиуеиҧшым аамҭақәа рзы, Аҧсны афырхацәа хацәнамырха иззықәҧоз, жәытәнатә аахыс ахьыҧшымра аиуразы ирымаз агәазыҳәара иахьа инагӡоуп. Ҳара иаҳуалу – уи аиқәырхареи, аихаҳареи роуп. Афырхаҵаратә хьыӡрашәа зыхьӡқәа анҧыҟҟала ианызҵаз аҧсадгьыл ахьчаҩцәа ргәалашәара ҧсра-ӡра ақәлараны иҟаӡам, дыҟанаҵ адунеиҿы аҧсыуак.

Елена Лашәриа

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me