Мшаҧы 28, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Иуа Коҕониа – 120 ш.

Март 13, 1904 ш. рзы диит аханатә аахыс ҕәҕәалаӡа аҧсуа поезиа аҭоурых зыхьӡ ҧшьа адҳәалоу, ҳмилаҭтә сахьажәаҟны аеҵәа еиҧш даацәырҵны имҩасыз Иуа Абас-иҧа Коҕониа.

Уажәгьы уашьҭангьы ажәлар рҿы кашәара ақәым апоет Иуа Коҕониа ихьӡ. Ииашахеит иара иажәақәа, «аҳы, сышәҟәы, уҧырла, тәамҩахә умамкәа уцала!..» ҳәа ииҳәаз. Иуа иаҳзынижьыз аҩымҭақәа – ахақәиҭразы зеиҕьаҭам ашәақәа, алирикатә жәеинраала ссирқәа, аепикатә жәабжь дуқәа бызшәа ҧшӡала еиқәыршәаны – арҭ зегьы «тәамҩахә рымам», шьахәла аус руеит иахьагьы.

Ш. Инал-иҧа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me