Мшаҧы 27, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аҧсны аҿар рфорум

Март 12 рзы Аҧсны Аминистрцәа Реилазаара ахыбраҿы имҩаҧган Урыстәыла Ахадас Владимир Владимир-иҧа Путин иалхра аламҭалазтәи Аҧснытәи аҿар рфорум. Уахь инаҧхьан Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа, уи ихаҭыҧуаҩ Бадра Гәынба, Аҧыза-министр Алеқсандр Анқәаб, Аҧсны Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәба, Аҧсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, аминистрцәа, аҵарауаа, астудентцәа, аҿар.


Афорум аартуа, «Аҧсны аҿар рфорум» ахантәаҩы Инал Хышба бзиала шәаабеит ҳәа реиҳәеит Аҧсны Ахада, асасцәа, аҿар еизаз зегьы. Дазааҭгылеит мышқәак рыла Урыстәыла Ахада иалхрақәа шымҩаҧысуа. Убри инамаданы ирыӡбеит Аҧсны араионқәа зегьы рҟынтәи аҿар алархәны Урыстәылеи Аҧсни реизыҟазаашьақәа ирылацәажәарац афорум амҩаҧгара. Иарҳәан Аҧсны агимн.
Анаҩс ажәа иман Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа. Уи аҿар рахь ихы нарханы иҳәеит, иахьатәи аҿар исуверентәу зхы иақәиҭу аҳәынҭқарраҿы инхартә еиҧш аҭагылазаашьа шрымоу. Дара Аҧсны аҧхьаҟатәи аҧеиҧш шракәу. Иазгәеиҭеит Асовет Еидгыла анхыбгала ашьҭахь, Аҧсны Раҧхьатәи Ахада Владислав Григори-иҧа Арӡынба аҧхьа днаргыланы, Аҧсны аҿар наиваргыланы ишрылдыршаз аҵасқәеи, ақьабзқәеи, абызшәеи мырӡкәа Аҧсны ахақәиҭра аманы аҟалара.
Иахьатәи ҳаамҭазы адунеи аҟны еиуеиҧшым угәы иамыхәаша ахҭысқәа мҩаҧысуеит. Убри инамаданы Аҧсны аҿар аҧеиҧш бзиа рыманы иҟаларц, аҵара бзианы ирҵаларц, агәабзиара рымазарц азы изықәгәыӷәа стратегиатә ҩызас ирымоу Урыстәыла шакәу. Иҳәеит, кыр шықәса инаркны иахьа уажәраанӡа ганрацәала ацхыраара ду шҳанаҭо Урыстәылатәи Афедерациа. Уи адагьы, уи ишабзоуроу хаз ҳәынҭқарраны ҳаҟалара.

Иара убас иазгәеиҭеит, Аҧснынтәи хатәгәаҧхарала хыҧхьаӡара рацәала аҧсуаа рыҷкәынцәа Урыстәыла Донецк имҩаҧнаго арратә операциа ҷыда аҟны ишеибашьуа. Урҭ ишрыбзоуроу ҧхьаҟатәи аҧеиҧш. Убри зегьы азгәаҭаны, Аҧсны аҿар март 17 рзы имҩаҧысраны иҟоу алхрақәа раан Урыстәыла Ахадас Владимир Владимир-иҧа Путин иалхра азҿлымҳара ҟаҵаны абжьыҭира инеирц. Иҳәеит, уи иалхра Аҧсны аҭынчра аҭышәынтәаларазы, аҿиаразы аҵак дуӡӡа шамоу.
Инал Хышба иажәахә аҿы дазааҭгылеит, хыҧхьаӡара рацәала, хатә-гәаҧхарала аҧсуаа рыҷкәынцәа Урыстәыла ишеибашьуа. Имаҷҩымкәа хаҵарыла аибашьра ацәаҳәаҿы ишҭахахьоу. Уи зегьы зызку аҭынчра аҟалара, аиааира агара ауп. Иара убас иҳәеит, Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра анеилга ашьҭахь, хыҧхьаӡара рацәала аурыс бжьаҟазаратә мчқәа ирылаз аруаа шҭахаз аҳәаа ахьчараҿ. Уи зырыхьчоз Аҧсны аҭынчра ҟаларц азы шакәыз.
Анаҩс ажәахә ҟаиҵеит Аҧсны аҿари аспорти рхеилак аиҳабы Ҭарашь Ҳагба. Уи дазааҭгылеит, ас еиҧш иҟоу аизара зыбзоуроу имҩаҧысраны иҟоу алхрақәа рҟны Урыстәыла Ахадас Владимир Путин иалхра шакәу. Иазгәеиҭеит, Урыстәылеи Аҧсни шеизааигәахаз 1993 - шықәса сентиабр 30 инаркны. Хашҭшьа змам хҭысуп ҳәа азиҧхьаӡеит 2008-тәи ашықәс август 26 – Аҧсны азхаҵареи Ахьыҧшымреи рымш. Иҳәеит Урыстәылеи Аҧсни аспорт аганахьала аиҩызара, аусеицура бзиа шрыбжьоу. Иазгәеиҭеит, астадионқәеи аспорттә залқәеи реиҭашьақәыргылараҿы афинанстә цхыраара шыҟанаҵаз Урыстәылатәи Афедерациа. Уи иабзоураны Аҧсны хыҧхьаӡара рацәала аспорт иазҿлымҳахо иалагеит. Уимоу аҳәаа анҭыҵ имҩаҧысуа еиуеиҧшым аицлабрақәа рҿы аҧхьахәқәа ргахьеит. Убри зегьы азгәаҭаны, аҿар ирабжьеигеит Урыстәыла Ахада иалхрақәа рыҽрыладырхәырц, Владимир Путин рыбжьы ирҭарц.
Иқәгылан, ажәахәқәа зҳәаз иреиуоуп Аҧснынтә Донецк хатәгәаҧхара еибашьуа М. Цкәиа, иара убас Р. Ануа, А. Тменов. Идырбан авидеонҵамҭақәа.
Аҵыхәтәан напышьҭыхрала рыбжьы рҭиит арезолиуциа адкыларазы. Уи даҧхьеит Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет амагистратура астудент Алхас Ҕәынџьиа.

Стелла Сақаниа 

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me