Ашәаҳәаҩ ирепертуар аҟны, аԥсадгьыл абзиабара, аԥсадгьыл ахьчара, ан лгәырҩа, абзиабаратә лирика уҳәа ирызку еиуеиԥшым ашәақәа шмаҷымгьы, еиҳа аԥыжәара ргоит илахҿыху, алаф ашәақәа.
Хаҭала, ашәаҳәаҩ ихаҭа иҩуеит игәы аҿынтә иаауа ажәақәа, лассы-лассы аҳәаанырцәтәи ашәақәагьы аԥсшәахь ииаигоит. Аха уи ибаҩхатәра ссир ала аԥсуа ажәа ианаало, аԥсуа-цәа ахаҵаны, наџьнатә аахыс ажәеи амузыкеи еицаԥҵазшәа, еиҿыбааны аҟаҵара илшоит.
Ааигәа Џьими Шәманиа, еицырдыруа, бзиагьы еицырбо абырзен ашәа «Аишьа» амузыкала, аԥсышәала ажәақәа аԥиҵеит. Аиашазы, аҳәаанырцәтәи амузыка даара ианаалеит, абаҩхатәра злоу аԥсуа естрадатә шәаҳәаҩы авторс дзауз ашәа «Аишьа». Уи инамаданы ашәаҳәаҩ ирҿиара ааидкыланы азааҭгылараз ҳара ҳиҿцәажәеит Џьими Шәманиа.
Ҳаиҿцәажәара хацыркуа Џьими Шәманиа иазгәеиҭеит, ашәа «Аишьа» аԥсуа версиа аҭаҩра амузыкант, аоранжировкаҟаҵаҩ Абзагә Марыхәба ишибзоуроу.
«Ашәа «Аишьа» амузыкала аԥсышәала аԥҵара аидеа ансызцәырҵ, сыгәҭыха ицеиҩысшеит Абзагә. Уи сгәы азҭеиҵеит, иагьсабжьигеит сыгәҭакы сацәхьамҵырц. Уи акәхеит, мызкы аҩнуҵҟала «ABZA MUSIC» астудиа аҟны, Абзагә ибзоурала ашәа «Аишьа» ажәақәа алахҿыхрагьы ацны, аԥсышәала иҭааҩит. Ари ашәа аҭаҩраан хықәкыс исымаз асценахь ацәыргара акәмызт, ус, ҩнуҵҟатәи гәаҳәаран. Аха «Тик-ток» ианҭаагала хыԥхьаӡара рацәала ахәаԥшцәа ибзианы ирыдыркылеит. Ҳәарада, уи агәахәара ҳазҭо акы ауп» – дҳацәажәон Џьими.
Ашәақәа рынагӡараҿы, еиҳарак зажәеинраалақәа ахархәара рышәҭо апоетцәа зусҭцәада? – ҳәа ҳиазҵааит, аҭак ҟаҵо иазгәеиҭеит, даара ишигәаԥхо, иагьшаликаауа Иван Ҭарба ипоезиа.
«Хаҭала, сара споетӡам, аха инасыгӡо ашәақәа рҟны, ажәақәа, шамахамзар, сара авторс срымоуп. Амузыка, еиуеиԥшым акомпозиторцәа: Кәасҭа Ченгелиа, Тото Аџьапуа, Артур Лакрба, Анри Гәымба авторцәас иамоуп.
Ажәеинраала аҩра, ҷыдала, ашәа алхра мариаӡам, насгьы уи асценахь ацәыргара гәаӷьыуацәоуп аҟнытә, ажәақәа анызыҩлак зыԥсҭазаара иалҵыз апоетесса Инна Аҳашба агха-ԥхақәа сыҵалҳәарц илсырбалон, слыдҵаалон лассы-лассы. Уи лабжьгарақәа рыла исыԥсахуан ажәақәа, ацәаҳәақәа, анаҩс, сгәы раҳаҭны инасыгӡон асценаҿы», – иҳәеит ашәаҳәаҩ ирҿиара дазааҭгыло.
Хаҭала, Џьими ашәаҳәаҩ изанааҭ ахь ихьаԥшра шыҟалаз азгәаҭо иажәа иациҵеит:
– Аҟәатәи алицеи-интернат аҟны аҵара анысҵоз, аибашьра ашьҭахьтәи ашықәсқәа раан акәын. Аԥсны жәлар рартист Кәасҭа Константин-иԥа Ченгелиа ашәаҳәаратә хор еиҿкааны иман. Сара усҟан ахԥатәи акласс аҿы стәан. Аԥсны Аҳәынҭқарра Раԥхьатәи Ахада Владислав Григори-иԥа Арӡынба дызлахәыз ныҳәак азгәаҳҭон ашкол аҟны. Сара ашәа «Мамзышьха» ахкы насыгӡон. Мшаҽнеиԥш исгәалашәоит, иԥхаӡагьы сгәалашәараҿ инхеит. Ашәа анагӡара ашьҭахь В.Г.Арӡынба салкааны схы дагәӡит. Уи нахыс, ашәаҳәара еиҳа сазхьаԥшуа, сҽадысҳәало салагеит.
Џьими Шәманиа анаҩс, абаҩхатәра злоу аҿар ахьалрыԥшаауаз, рхы ԥыршәартә аҭагылазаашьа ахьрымаз афестиваль «Аҟармаҵыс» иҽалаирхәит. Уи иажәақәа рыла, 13 шықәса ихыҵуан раԥхьа асценахь данцәырҵуаз. Усҟан инаигӡоз аҭаца илызку ашәа «Даади» азы актәи аҭыԥ ианашьахеит. Ԥшьышықәса инеиԥынкыланы ари аконкурс ихы алаирхәыртә аҭагылазаашьа иман. Ҳаиҿцәажәараан уи даара длызгәдуны дигәалаиршәеит аестрадахь раԥхьатәи ишьаҿақәеи иқәҿиарақәеи зыбзоуроу Инга Заркәуа. Анаҩс – Аҟәатәи амузыкатә ҵараиурҭа аҟны аестрада аҟәшаҿы аҵара аниҵоз рҵаҩыс имаз, изаамҭанымкәан зыԥсҭазаара иалҵыз Џьансыхә Чамагәуа иџьабаа шиду. Акомпозиторцәа: Кәасҭа Ченгелиа, Тото Аџьапуа ирҿиаратә ԥсҭазаара аҟны ихадоу аҭыԥ ааныркылоит. Аха, лымкаала, инаҵшьны иазгәеиҭеит, ашәаҳәаҩ, акомпозитор Артур Лакрба ибзоуроу шырацәоу, хаҭала, естрадатә шәаҳәаҩык иаҳасабала ишьақәгылараҿы.
Џьими аестрада аҟны ихатә стиль имоуп, иашәақәа ауаа ирзааигәоуп, еихышәшәа, аԥсуа естрада ианаалоит, еиҳаракгьы шьоукы-шьоук ашәаҳәаҩцәа инарыгӡо ашәақәа рҟны еиԥш ажәақәеи амузыкеи еилаӡҩом. Ашәа зызку ауаҩы еиликаартә еилырганы иуаҳауеит. Уи иажәақәа рыла, 40 ашәа инарзынаԥшуа ирепертуар иалоуп.
Раԥхьаӡа асценахь ацәырҵра аӡәырҩы агәыхыҭ-хыҭра рзацуп, аха уи аҩыза ацәанырра Џьими имамызт аханатә, ашәаҳәара аԥышәа шимамызгьы.
«Сааиижьҭеи асцена сашьцылазшәа акәын схы шызбоз, раԥхьаӡа акәны асценахь санцәырҵуаз. Уи аахысгьы убас ауп. «Знык асценахь санбацәырҵуеи ашәа анбасҳәои» – ҳәа агәаҳәара сыман, сгәы сыхон асценахь. Иҟалап, сахьқәыԥшыз, аԥышәагьы ахьсымамыз акәзар мзызс иамаз. Аха, уажәгьы сгәы хыҭхыҭуеит сызҳәом, амала асценахь сцәырҵаанӡа сгәы змырҭынчуа, «ашәа ахәаԥшцәа ишԥарыдыркылари, иахырҳәаарызеи» ҳәа ауп. Ҳәарада, сара сзы ихадароуп, уаанӡа гәхьаас исымамыз, сыззымхәыцуаз, ахәаԥшцәа рыхәшьара, урҭ ишрыдыркыло», – иҳәеит уи.
25 шықәса инарзынаԥшуа иҵуеит Џьими Шәманиа аԥсуа естрада аҟны ашәа иҳәоижьҭеи, уи аԥышәагьы, абаҩхатәрагьы злоу шәаҳәаҩуп.
– Хаҭала, инашәыгӡо ашәақәа рҿы, иарбан хырхарҭоу еиҳа ишәзааигәоу, зынагӡара шәгәаԥхо? Ҩаԥхьа сиазҵааит. Лак-ҩакрада, «алаф ашәақәа, илахҿыху ашәақәа», – ҳәа аҭак ҳаиҭеит.
Џьими деицырдыруа дызлаҟалаз раԥхьатәи ашәақәа иреиуоуп: «Мрамза», «Бара быда», «Баргьы саргьы» уҳәа убас егьырҭгьы. Ашәа – «Зегь иреиӷьу ашәҭыш» ашәаҳәаҩ иқәҿиаз ашәақәа ируакуп. Ажәақәеи амузыкеи акомпозитор Анри Гәымба авторс дызмоу ашәа «Исырба» азыӡырҩцәеи ахәаԥшцәеи даара ибзианы ирыдыркылахьоу ируакуп, иҭыхуп ари ашәа иалху аклипгьы.
Ашәаҳәаҩ, акомпозитор Артур Лакрба имузыкала иаԥҵоу ашәа «Аамҭа» анагӡашьа мацара акәымкәан, ҵакылагьы ихәыдам, уаҩ дзырхәыцуа ацәаҳәақәа ирылхуп.
«Ушԥассиру Аԥсны» акәзар, аӡәырҩы ҿырҳәала ирдыруа, ирҳәо ашәоуп. Ашәақәа «Ан лгәырҩа», «Иҭабуп ахацәа» ирныԥшуеит иаҳхаагаз аибашьреи уи иалиааз афырхацәеи ргәалашәара амырӡра. Арҭ ашәақәа злыху ажәақәа авторс дрымоуп ашәаҳәаҩ Џьими Шәманиа.
Хаҭала, Џьими иаԥиҵаз, аҵыхәтәантәи ашәақәа рахьтә, ауаа ргәы иақәшәо, зегьынџьара еицырҳәо, ахархәара зырҭо ашәаны иҟалеит «Ашықәс ҿыц».
Аҳәаанырцәтәи амузыкала иаԥҵоу, аԥсуа версиахь ииагоу Џьими иашәақәа: «Сиузанна», «Носа», «Сгәаҵа иҭоу бара», «Аишьа» уҳәа Џьими ирҿиараҿы рхатә ҭыԥ ааныркылоит.
Абаҩхатәреи аԥышәеи змоу ашәаҳәаҩ, 4-ҩык ахацәарԥар драбуп. Иԥа еиҳабы Данил 18 шықәса дырҭагылоуп, еициз агәабжьанытәқәа – Еснаҭи Дауҭи 16 шықәса рхыҵуеит. Аиҵбы Самаҭ – 10 шықәса.
Шәыхшара рахьтә шәырҿиарамҩа ианылаз ыҟоума? Хаҭала шәара ишԥашәыдышәкылои урҭ ашәаҳәара рыԥсҭазаара азыркыр? – ҳәа Џьими азҵаара аниаҳҭа, азныказы, даара игәарԥханы дыччеит. «Аиаша шәасҳәап, хаҭала, сара исҭахӡамызт сыхшара аҟазара амҩа ианылар, сара исҿыԥшыр. Ашәаҳәара, хаҭала, сара схы азыскит, исыԥсҭазаарахеит. Аха, ибзианы исгәалашәоит «сызнысыз амҩа шымариамыз…» абаҩхатәра зегьы ирыцкуп, аха шәаҳәаҩык иаҳасабала ашьақәгылареи анаҩстәи уԥсҭазаара аиҿкаареи ҳазҭагылоу аамҭазы ҳтәылаҿы ари мариам. Аха, ишырҳәо еиԥш, «Уара иуҳәо Анцәа иуциҳәозароуп…» 10 шықәса зхыҵуа сыхшара реиҵбы Самаҭ ашәаҳәарахь ихы ирхеит. Саргьы асценахь дсыццәырҵхьеит. Уажәы ашәа иҳәоит, Хьыбла Мықә-ԥҳа напхгара зылҭо ахәыҷтәы гәыԥ «Дореми» аҟны» – иҳәеит уи.
Ҳаиҿцәажәара хыркәшо Џьими Шәманиа иазгәеиҭеит, ашәаҳәаҩ изы ихадароу, аиааирақәа зегьы иреиҳау шҳамҭоу – ахәаԥшцәа рыбзиабара, урҭ рнапеинҟьабжь.
Ахәаԥшцәа рыбзиабара иаԥсахахьоу абаҩхатәреи аԥышәеи змоу аестрадатә шәаҳәаҩы Џьими Шәманиа еснагь агәахәара изҭо аҳамҭақәа аԥхьаҟагьы изыԥшызааит.