Аизга еиднакылоит иналукааша аԥсуа сахьаркыратә ажәа ахаҭарнакцәеи Нхыҵ Кавказтәи аҭҵаарадырра-рҿиаратә интеллигенциа аклассикцәеи рырҿиара еиуеиԥшым аганқәа рыла иҭҵааны иахьалацәажәо астатиақәа ҳәа аанацҳауеит ААУ Telegram-канал.
Ашәҟәы ианылеит Дырмит Гәлиа, Омар Беигәаа, Владимир Анқәаб, Мушьни Лашәриа уҳәа аӡәырҩы ажәа азҟазацәа ирызку аматериалқәа.
Автор иара убасгьы анализ азиуеит адыга литература аклассик Тембот Керашев ирҿиара, еицырдыруа абаза поетцәа Микаель Чкәыту, Керим Мхце, Ҟали Џьегуҭан рпоезиеи, иналукааша аҟабарда шәҟәыҩҩы Заур Налоев ирҿиареи дазааҭгылоит.
Аизга иагәылалеит Константин Паустовски ирҿиараҿы аԥсуа тематика анализ, Даӷьсҭан жәлар рпоет Расул Гамзатов ирҿиара иазку аналитикатә материал. Иара убас, аизга иануп аԥсуа-адыга культуратә еимадарақәа рҭоурых иазку аматериалқәа.


