Иҭоурыхтәхаз ақәгылара

Аҵыхәтәантәи аамҭазы Аԥсны мҽхакы ҭбаала аҿиара иалагаз аспорт хкқәа иреиуоуп асахьаркыратә гимнастика. Уи рыбзоуроуп ҳәарада Урыстәылантәи иааԥхьоу ԥшьҩык азыҟаҵаҩцәеи, зҿлымҳарала уи ахкы аҟны, аамҭакьаҿк иалагӡаны аихьӡара ҳаракқәа аазырԥшуа аҭыԥантәи аҵеиреи.

Маргарита Камынина илааӡамҭоу, жәа-шықәса зхыҵуа Софиа Боџьгәуа ареспубликатә турнир аҟны, актәи аҭыԥ анаанылкыла, иҵаулоу аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа зыбжьоу Аԥсны асахьаркыратә гимнастика Афедерациеи, еицырдыруа Амина Кабаева напхгара ззылуа асахьаркыратә гимнастика Академиа «Небесная грацие»-и русеицура иабзоураны, уи далахәхеит Китаи аҳҭнықалақь Пекин имҩаԥысуаз жәларбжьаратәи атурнир «Небесная грация»- Ахраҿа» Beijing Top Open-2025 ҳәа хьӡыс измаз.
Аԥсни Китаии адипломатиатә еизыҟазаашьақәа ахьрыбжьам аҟнытә, Софиа лыԥсадгьыл гәакьа абираҟ шьҭылхыртә залымшагәышьеит араҟа, аха аиԥш зеиԥшу жәларбжьаратәи аусмҩаԥгатә ахалархәра, аԥсуа ҭыԥҳа хәыҷы лзы мацара акәымкәа, инеизакны ҳтәыла зегьы ахьӡ аӡыргаразгьы ҭоурыхтә хҭысуп ҵабыргны.
Урыстәыла, Китаи, Колумбиа, Венесуела уҳәа жәпакы аҳәаанырцәтәи аҳәынҭқаррақәа рыҟнытә 200-ҩык инареиҳаны баҩхатәра ҳаракыла зҟазара аазырԥшуаз рахьтә 174-ҩык ираԥылгеит Софиа, уи каҵәароуп иҵабыргны аԥсуа гимнастка лзы.
«Китаи имҩаԥысуаз жәларбжьаратәи атурнир, Софиеи уи лазыҟаҵаҩи рҽаладырхәырцаз ахарџь ахахьы иагеит Академиа «Небесная грация». Уи ахьӡалоуп уаҟа дагьшықәгылаз уажәазы, ҳҳәынҭқарра жәларбжьаратәи аҩаӡараҿы азхаҵара ахьамам иахҟьаны. Аха, урҭ аамҭақәагьы ааишт хара имгакәа…
Софиа макьана дышқәыԥшӡоугьы, иахьазы лықәра зықәроу рыбжьара, алҵшәа ҳаракӡақәа аалырԥшхьеит, уажәазы лшаралеи баҩхатәралеи иаԥхьатәиу аҭыԥ аанылкылоит Аԥсны, дызҿу аспорт хкы аганахьала», – азгәалҭеит, Софиа длызгәдууа асахьаркыратә гимнастиказы Аԥсны афедерациа Ахада Гәында Кәарҷиа.
Убасгьы, арҭ амшқәа рзы Ермантәыла аҳҭнықалақь – Ереван, имҩаԥысуаз жәларбжьаратәи атурнир Step to the Dream аҟны араӡы­нтә аԥхьахә ланашьахеит Софиа.
Лара аҽазыҟаҵарақәа да­хьы­рхысуа Аҟәатәи ахәыҷтәы-қәыԥштә спортшкол №1 ааӡамҭацәа роуп, декабр алагамҭазы, Шәача ақалақь аспорттә комплекс «Витамин» аҟны, асахьаркыратә гимнастиказы ККОО «ФВЭГ» иаарту Ахраҿа аҽаԥсатәразы имҩаԥысуаз, Урыстәыла еиуеиԥшым ақалақьқәа рахьтә 150-ҩык инарыцны алахәцәа еидызкылаз аиндаҭларақәа ирылахәыз. Агәыԥ аилазаараҿы иҟаз 32-ҩык агимнасткацәа қәыԥшцәа, урҭ рбаҩхатәра алҵшәақәа ирыбзоураны ахьтәы медалқәа – 18, араӡнытәқәа – 10, аџьазтәқәа – 4 ирыҵаҽырбо ихынҳәит рыԥсадгьыл ахь.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me