Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru
«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com
Ажәҩан аҿоуп иахьыҟоу, ишдыру еиԥш, аеҵәақәа рдунеи. Амзеи дареи еицрыгашьа шрымам еиԥшҵәҟьоуп, ихьыԥшшәылоу аеҵәақәа жәаҩеи, ажәҩан ахь ирхоу еихыршьу ахҿақәа хԥеи знубаало ицәеиқәаиаҵәоу Абираҟи, жәытәӡаахыс уи зҭоурых иаласоу, хылҵшьҭрала иаҳзааигәаӡоу адыга жәларқәеи ахааназ еиҟәыҭхашьа шрымам.
Нестор Аполлон-иҧа Лакоба диит 1893 шықәса маи 1 азы Лыхны ақыҭан, анхаҩы иҭаацәараҿы. Иара иира мызқәак шагыз иаб дыршьит.
Идыруп, маи 1 шазгәарҭоз аџьажәлар реидгылара иамшны. Аха издыруа маҷҩуп ари аныҳәа ахы шыҵнахыз Америка.
Арыцхә аҭоурых зыдҳәалоу 1886 шықәсазы Чикаго имҩаԥысыз ахҭысқәа роуп. Убри ашықәс маи 1 азы Чикаго аусуцәа азабастовка ҟарҵеит 15 сааҭ аусура мшы иаҿагыланы, афабрикақәа знапаҿы иҟаз рҿаԥхьа дҵаны иқәдыргылеит аасаҭктәи аусура мшы ашҟа ииасырц. 1889 шықәса ииуль азы 2-тәи Аинтернационал актәи аконгресс Париж ақәҵара аднакылеит маи 1 азгәаҭалазарц атәылақәа зегьы рџьажәлар жәларбжьаратәи реидгылара иамшны.
Урыстәыла аҭоурых аҿы 1890 шықәсазы Варшава абри аныҳәа азгәарҭеит. Маи 1 иофициалтә ныҳәаны азгәаҭара иалагеит Октиабртәи ареволиуциа ашьҭахь. 1992 шықәсазы атәылақәа зегьы рџьажәлар жәларбжьаратәи реидгылара Амш иахьӡырҵеит Ааԥынреи Аџьеи Рныҳәа ҳәа. Иҵабыргыҵәҟьаны, маи 1 ааԥынра иамшныҳәаҵәҟьоуп. Ааԥынтәи амра хаа рықәыԥхо, абри амш лаша гәырӷьарала иазгәарҭон, ажәлар зегьы адемонстрациақәа рахь инеиуан. Араҟа еиԥылон аиҩызцәа, агәакьацәа, аҭынхацәа.
Асовет аамҭазы ари аныҳәа Аԥсны инарҭбааны иазгәарҭон. Ақыҭақәа рҿы еиҿыркаауан еиуеиԥшым амилаҭтә хәмаррақәа, аҽырыҩрақәа. Иҳаҩсыз ашықәс инаркны ҳҳәынҭқарраҿы маи 1 рылаҳәоуп ԥсшьарамшны.
Ааигәа абызшәатә политиказы Аҳәынҭқарратә усбарҭа аҟны имҩаԥысит ҿыц иҭыҵыз аԥсуа бызшәа аҵара иазку ашәҟәқәа хәба рӡыргара. Арахь иааԥхьан ашәҟәқәа реиқәыршәара иазааԥсаз аҵарауаа, абызшәадырҩцәа.
Ашәҟәқәа рӡыргарахь ииасаанӡа минуҭктәи ҿымҭрала дыргәаладыршәеит ааигәа здунеи зыԥсахыз абызшәадырҩы, апрофессор Сариа Алеқсандр-иԥҳа Амҷба.
Абызшәатә политиказы Аҳәынҭқарратә усбарҭа аиҳабы Гәында Кәыҵниаԥҳа иҭабуп ҳәа ралҳәеит ашәҟәқәа рӡыргарахь имҩахыҵыз зегьы. Идлырбеит иҭрыжьыз ашәҟәқәа. Уи илҳәеит: «Раԥхьа ихадоу аԥсуа бызшәа дырҵара, иҷыдоу апрограммала рызнагара ауп. Ҳара ҳусбарҭа абзоурала иаартын ҩ-гәыԥк. Рҵаҩыс дрымоуп Лиуба Цәеиба. Иахьанӡа ихыркәшоуп ҩ-курск, ирыҭоуп асертификатқәагьы. Аԥсуа бызшәа акурс ашәҟәы ҭҳажьит, аредакторс дамоуп Диана Шамба. Изҵарц зҭаху зегь рзы иманшәаланы иҟаҵоуп. Аҳәынҭқарратә бызшәа ишахәҭоу аус ауа иҟаларазы, еиуеиԥшым ахырхарҭақәа зегьы ишрыхәҭоу аус руазароуп, раԥхьа игылоуп аусмҩаԥгара. Убри хықәкыс иҟаҵаны иҭыжьуп ашәҟәы «Аԥсышәала аусмҩаԥгаразы ацхыраагӡа», редакторс дамоуп Светлана Ладариа-ԥҳа. Г.Х.Андерсен имшира инақәыршәаны еиҭаган иҭрыжьит, Сергеи Зыхәба, Шамиль Аҟәысба реиҭагақәа. Платон Бебиа ишәҟәы «Амра ԥхоит», Владимир Аҵнариа ахәыҷқәа ирызкны ииҩхьаз ажәеинралақәа реизга «Сыԥсадгьыл амра».
Русура атәы иалацәажәеит арҵага шәҟәы «Аԥсуа бызшәа алагарҭатәи абжьаратәи аҩаӡара» зыхьӡу аредактор, аспециалист хада Диана Шамба, иара убас уи авторцәа, апрофессор Альдона Ажьибеи, абызшәадырҩы, аҵарауаҩ Адгәыр Шьынқәбеи. Ашәҟәы актәи ахәҭа азкуп ашьҭыбжьқәа рҵара. Иара шоуп ҩ-хәҭакны, актәи ахәҭа 20 урок рыла ишьақәгылоуп. 500 ажәа аус рыдулоуп, иҟоуп имаҷу атекстқәа, изҭаху зегьы рхы иадырхәо. Аҵак ду аҳҭеит атәыладырратә аспект, аҵара маншәалоуп, редакторс дамоуп Гәында Кәыҵниа, аиқәыршәаҩ Адамыр Беренџьи, уҳәа азгәалҭеит Диана Шамба.
Ашәҟәы аҩбатәи ахәҭа дазааҭгылеит аԥсуа бызшәа акафедра аиҳабы, апрофессор Альдона Ажьиба. Аҩбатәи ахәҭа рызкуп ацәажәаратә темақәа, араҟа ихадоу ашьҭыбжьқәа рхала дырҵара акәӡам, уи ажәа, аҳәоу, адиалог ирыдҳәаланы, аиндуктивтә метод ала рызнагара. Уи иаанаго, имазеины акгьы раҳҭаӡом, дара аҽаршьцыларақәа нарыгӡоит, нас алкаахьы ицәырҵуеит.
Аусбарҭа аспециалист хада, апоетесса Гәында Сақаниа-ԥҳа дазааҭгылеит ишҭрыжьыз ашәҟәы Платон Бебиа ахәыҷқәа ирызку иажәеинраалақәа «Амра аԥҳаи», Владимир Аҵнариа ишәҟәы «Сыԥсадгьыли амреи».
Ашәҟәқәа рҭыжьра зџьабаа аду зегьы иҭабуп ҳәа раҳәо, иқәгылеит Милиа Ҵнариеи, Кама Бебиа-ԥҳаи.
Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Аԥҳазоу иҳәеит: «Арҭ ашәҟәқәа уаҵәтәи амш анаҳҳәо ирыҵаркуа рацәазар ҟалап, аки-аки еиԥшымкәа ихеибарҭәаауа иҟоуп, арҭ аҭыжьымҭақәа зегьы, аҳәынҭқарра аусаҿы ахархәара зауша, ӡышхәак иаҩызоуп». Иара убас иҟаиҵеит ажәалагала абраҟа, абызшәатә политиказы аҳәынқарратә усбарҭаҿы иҟазарц шахәҭоу акомпиутертә центр.
Ашәҟәқәа рӡыргараҿы ргәаанагарақәа рҳәеит аҵарауаа ҿарацәа Дифа Габниа, Альбина Анқәаб, Риҵа Сақаниа, апоетесса Заира Ҭҳаиҵыкәԥҳа.
Ашәҟәқәа хәыда-ԥсада ирыҭахоит ахәыҷбаҳчақәа, ашколқәа. Иаазхрац зҭаху рзы иаарласны ашәҟәыҭирҭақәа рҿы инагахоит. Иахьазы урҭ ртираж 25 нызқь инаӡоит.
Наира Сабекиа
Аҧсуа телехәаҧшра ажурналистцәа Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа аинтервиу анимырхуаз актәи зҵаараны ишьҭырхит аҧсуа бызшәа азҵаара - абызшәа аҿиаразы аҳәынҭқарра иарбан усқәоу имҩаҧнаго.
Аслан Бжьаниа иазгәеиҭеит 30 шықәса рыҩныҵҟа х-комиссиак шеиҿкааз аҧсуа бызшәа арҿиаразы, аха иахьагьы инагӡам аусқәа шыҟоу.
«Сани саби еиҭарҳәон: аҧсуаа азин рымаӡамызт Аҧсны ҧсышәала ацәажәара. Уи шықәсык акәӡамызт ус ианыҟаз, кыршықәса иҟан, аха ҳауаажәлар аҧсуа бызшәа еиқәдырхеит. Аҧсышәала џьара унеины уцәажәар ауамызт, – ашкол аҟны иҟамызт, аусбарҭақәа рҿы иҟамызт.
Аҧсуа бызшәа абеиқәхеи? Аҭаацәа рҿы еиқәхеит. Ари сара аҭакҧхықәра аҳәынҭқарра аҟынтәи ауаа рахь ииазгарц акәӡам изысҳәо. Сара исҳәарц исҭаху убри ауп, аҭаацәа рҿы ауп ахы ахьыҵнахуа аҧсуа бызшәа. Убри ҳауаажәлар еилыркаар сҭахуп, уантәи ауп ишалаго аҭагылазаашьа.
Егьырахь, акурсқәа ҟаҳҵеит, онлаин-программа ҟаҳҵеит, ашколқәа ҳамоуп, амультфильмқәа ҳамоуп, Аҧсуа киностудиа ҳамоуп, ашәҟәы акьыҧхьра ҳамоуп. Уи зегьы ҳамаӡамызт усҟан. Уи азыҳәа удырӡуан аҧсуа бызшәа уҳәар, аха еиқәдмырхеи. Убри аҧышәагьы шьҭыхны иҭҵаатәуп. Усҟан изеиқәҳархеи, иахьа, даҽа ҭагылазаашьа бзиак анҳамоу, изаҳцәыӡуеи? Усҟан Аҧсны инхоз амилаҭ рхыҧхьаӡара еиҳаӡамыз? Еиҳан. Уажәы ҳара ҳаиҳауп. Абри аполитикцәа рымацара рыхшыҩ азхаӡом, ара абри апроблема здыруа аспециалистцәа, афилологцәа, алингвистцәа ражәа аҭахуп», - иҳәеит Аҧсны Ахада.
Аслан Бжьаниа иҳәеит ари азҵаара иазкны иаарласны аспециалистцәа еизигарц шиҭаху.
Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы ареспубликаҿы ақыҭанхамҩа активла аҿиара мҩаԥысуеит, уи иазоужьхоит абиуџьеттә малқәа рнаҩсгьы хазхаҭалатәи аинвестициақәагьы. Абри атәы иҳәеит Аԥсуа телехәаԥшра иаиҭаз аинтервиу аҿы Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа.
Хышықәса рыҩныҵҟа ақыҭанхамҩа арҿиаразы ахықәкытә программа анагӡара иазоужьхеит 300 млн. мааҭ. 2024 шықәсатәи атәыла абиуџьет аҿы иарбоу ахықәкқәа рынагӡаразы иазԥхьагәаҭоуп 150 млн. мааҭ. «Ҳара иҳамоуп имаҷымкәа инагӡоу апроектқәа. Ублала иубар алшоит ана-ара апроектқәа рынагӡара шымҩаԥысуа. Аҵыхәтәантәи аамҭазы ақыҭанхамҩа ашҟа инеиуа иалагеит имаҷымқәа аԥаратә малқәа, уи аҳәынҭқарратә биуџьет аҟынтәи мацара акәымкәа, Урыстәылатәи Афедерациа абанкқәа рыдгыларала альготатә кредитқәа рзоужьра аҳасабалагьы имҩаԥысуеит», – иҳәеит Аслан Бжьаниа.
Иара ҿырԥштәыс иааигеит Очамчыра араион Кәтол ақыҭа. Араҟа аинвестициақәа рымҽхак иааизакны 1,4 млрд. мааҭ рҟынӡа инаӡеит. Уи –100 гектарк инареиҳаны аӡахәаҭрақәа, иара убас зыргылара иаҿу аҩыҟаҵарҭатә зауади амилаҭтә чысқәа рқьафурҭеи. «Ари апроект даара аинтерес аҵоуп. Аҳәынҭқарра уи адгылара анаҭеит, 800 млн. мааҭ кредит ҳасабла иазоунажьит. Аҩыҟаҵарҭатә зауади ақьафурҭеи раартра азԥхьагәаҭоуп ҳазҭоу ашықәс нанҳәамза 15 рзы. Уи Аԥсны Мрагыларатәи ахәҭа аҿиаразы акырӡа аҵанакуа иҟалоит. Сара агәра ганы сыҟоуп, ари аҭыԥ Аԥсны иаҭаауа асасцәа рацәаны ишаднаԥхьалало. Сгәаанагарала, ари ииашаны ирхәыцыз, ианаамҭоу иаԥшьыргаз проектуп», – иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.
Даҽа проект дук анагӡара мҩаԥысуеит Гәылрыԥшь араион аҿы, ахатәы инвестициақәа рыла ԥыхьатәи асовнхара «Кохора» аҿы ацитрустә плантациақәа реиҭашьақәыргылара иаҿуп. Гал араион аҿы анагӡара иаҿуп апроект ду. «200 тонна инареиҳаны аԥсыӡ аалыҵ роуит Галтәи аӡеизакырҭа аҿы. Ара ирааӡоит акалмаҳа, аԥсыӡкәтаӷь ҟаԥшь ҭрыжьуеит. Анаплакы анаҩсгьы аҿиара иаҿызаауеит, ҳаргьы уи ацхыраара аҳҭоит», - иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.
Аслан Бжьаниа жәаҳәарада еиликаауеит ас еиԥш иҟоу апроект дуқәа рынагӡараан ауадаҩрақәа цәырцыр шалшо. «Сара апроектқәа зегьы акыр аҵанакуеит ҳәа исыԥхьаӡоит, аҳәынҭқарра есымша аус аҟаҵара зҽазызшәо ауаа ацхыраара рыҭара иазхиазаауеит. Урҭ атәыла Ахадеи анапхгареи рҟынтәи адгылара роуеит», - иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа.
Аҵыҵындра ҳәа изышьҭоу аарыхра – Аԥсны азы иҿыцу қыҭанхамҩатә хырхарҭоуп. «Аҵыҵындра ҳара ҳзы иҿыцу культуроуп, аха уи Урыстәылеи Аԥсни рџьармыкьақәа рҿы акыр изыдҵаало, ахархәара зауа культуроуп. Ари апроект есышықәса иаҳа-иаҳа аҽарҭбаауеит, уи, жәаҳәарада, уамеигәырӷьар залшаӡом», - иазгәеиҭеит Аслан Бжьаниа.
Гәылрыԥшь араион аҿы аусура иалагеит аԥаҭлыкақәа ирҭоу аӡыржәтә ҭзыжьуа азауадгьы.
«Иарбоу апроектқәа рынагӡаразы иалагалаз аинвестициақәа рзеиԥш хышәа-ҵышәа 5 миллиард мааҭ иреиҳауп. Хыԥхьаӡара рацәала аусуратә ҭыԥқәа цәырҵуеит. Ҳқыҭақәа рҿы имаҷымкәа иҟоуп аусурҭада иаанхаз ауаа. Ас еиԥш анаплакқәа рыҟазаара ауаа иааиԥмырҟьаӡакәа иахьынхо усуратә ҭыԥла реиқәыршәара алнаршоит», – иҳәеит Аслан Бжьаниа.
«Аԥсны идыргылоит, ирҭиуеит апартаментқәа, аха уи иахьа иҟоу аԥҟарақәа рыла ауп ишымҩаԥысуа, убри аҟнытәи аоппозициа ауаа рырҩашьаразы имҩаԥнаго аусмҩаԥгатәқәа ахәҭаны иҟам ҳәа исыԥхьаӡоит». Абри атәы Аԥсуа телехәаԥшра иаиҭаз аинтервиу аҿы иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа.
Уби аан, уи инаҵшьны иазгәеиҭеит «иахьа иҟоу аԥҟарақәа инагӡаны игәылыршәам, ари зегьы раԥхьаӡа иргыланы абизнес ауп. Апартаментқәа рыргылареи урҭ рыҭиреи иахьа Аԥсны абиуџьет ахь изеиԥшразаалак ахашәалахәы ҳәа акгьы нанашьҭӡом. Апартаментқәеи апарт-отельқәеи рзакәантә шьаҭа аҭышәынтәаларазы азакәан иарбазароуп апартаментқәа знапаҿы иҟоу аԥшәмацәа рмазаразы ашәахтә. Уи аҟнытә, иааиуа амалқәа хықәкылатәи абиуџьеттә фонд аҟны еизгахарц, уи ҷыдала Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа рыбзазара аиӷьтәра иазырхазарц.
«Убри аганахьала, инарҵауланы, наука бызшәала ҳалацәажәар сҭахуп. Зегьы реиԥш, саргьы азҵаара сахӡыӡаауеит, – иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.
Аҳәынҭқарра Ахада азакәанԥҵаратә аԥшьгара аҳасабала Жәлар Реизара-Апарламент ахь иалеигалаз «Апарт-отельқәеи апартаментқәеи рзакәантә шьаҭа аҭышәынтәаларазы» азакәан апроект акәзар, уи Аслан Бжьаниа иажәақәа рыла, «аиҭакрақәа алагалазарц алшоит; уаҟа апараметрқәа еиҭарыхәаԥшзар, агеографиа еиҭахәаԥшзар ҟалоит, аха уи иааизакны аусхк аҿиара, ҳекономика иҭышәынтәаланы аҿиара иацхраауа зегьы реиҳа ихадоу аусхк ауп».
Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аусура аларгара иаауа атуристцәа рхыԥхьаӡара иацнаҵоит, уи инамаданы, жәаҳәарада, аԥсшьаҩцәа здызкыло аҭыԥқәа рхыԥхьаӡара аизырҳара азҵаара ықәгылоит. «Иаҳзаауада, ҳара аԥсшьаразы зегьы рыла иманшәалоу аҭагылазаашьақәа аԥаҳамҵар? Ҳаппонентцәа лассы-лассы адгьылқәа рхархәаразы аҽԥныҳәақәа ҳарҭоит. Иаагозар, зҵакыра 300 нызқь гектар инарзынаԥшуа Аԥсны Мрагыларатәи ахәҭа – Очамчыра, Тҟәарчал, Гал араионқәа. Иарбоу апроект анагӡаразы иаҭаххоит 100 - 150 гектар адгьыл. Аппозициа ахаҭарнакцәа ажәлар рыхәҭак ари апроект хәарҭа алам, уимоу иаҳԥырхагоуп ҳәа агәра ддыргеит. Аха аус аҿы уи хра злоу проектны иҟоуп. Ари еиҭамҵуа амазара аазхәало ауаа, ҳара ҳахь иааны ҳекономика аҿиара иацхраалоит, ҳбиуџьет ахь ашәахтәқәа аларгалалоит. Арҭ ахашәалахәқәа ашколқәеи ахәышәтәырҭақәеи рыргылареи реиҭашьақәыргылареи, ҳхәыҷқәа рыкрыфареи, реилаҳәареи, реизҳазыӷьареи рзы ҳҳәынҭқарра алшарақәа ишиашоу ианыԥшуеит. Ашәахтәшәаҩцәа аҳәынҭқарратә биуџьет ахь иаларгало ашәатәқәа шьҭыҵуеит, убри аан урҭ изеиԥшразаалак аполитикатә зинқәа роуӡом. Апартаментқәа раахәара Аԥснытәи атәылауаҩра акала иадҳәаланы иҟам», - иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.
«Сара Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахадас сыҟанаҵы, уи Аконституциа ахьчара ҭакԥхықәрас исыднаҵы, адгьыл аҭира аганахьала изакәызаалак алацәажәарақәа залыршахом. Сусура зегьы ҳхәыҷқәа иахьрызҳаша, иахьынхаша Ҳаԥсадгьыл аҿиара, уи аԥеиԥш бзиа ашьақәыргылара иазкуп. Уаҳа даҽа мҩакгьы ҳамаӡам!» - аҳәамҭа ҟаиҵеит Аслан Бжьаниа.
Аслан Бжьаниа агәра ганы дыҟоуп апартаментқәа Аԥсны гәахәарыла ишаархәало Урыстәыла иқәынхо аԥсуаа ирзааигәоу ажәларқәа рхаҭарнакцәа – адыгаа, ачерқьесцәа, аҟабардақәа, ауаԥсаа. «Шәгәы ишԥаанаго, уи аиашьаратә жәларқәа реизааигәара иацымхрааӡои? Ҳара урҭ еиҳа лассы-лассы иаҳбалоит. Уахьгьы-анахьгьы аҭаацәарақәа аԥырҵар, ҳаиниалар, аусеицуреи аимабзиаратә еизыҟазаашьақәеи ҳабжьалар, уи хра злоу усӡами нас? Ҳкультуреи ҳмилаҭтә хаҭашьареи ирзеиӷьӡами уи?» – ахәҭакахьала азҵаарақәа ықәиргылеит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа.
Урыстәыла Украина имҩаԥнаго иҷыдоу арратә операциа Аԥсни Урыстәылеи ирыбжьоу аизыҟазаашьақәа акала ирԥырхагамхаӡеит.
«Урыстәыла Аԥсны адгылара аҭара, асоциал-економикатә ҿиара ацхыраара аганахьала ахахьы иагаз ахыдҵақәа зегьы рынагӡара алыршахоит», - Аԥсуа телехәаԥшра иаиҭаз аинтервиу аҿы абас иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа.
Аҳәынҭқарра Ахада агәра ганы дыҟоуп, Урыстәыла уажәы изхысуа аԥышәарагьы ишахәҭоу ала, иааирала ишахысуа. «Сара агәра ганы сыҟоуп, иҷыдоу арратә операциа иааирала ишхыркәшахо», - иҳәеит Аслан Бжьаниа.
Аҳәынҭқарра Ахада иажәақәа рыла, иҷыдоу арратә операциа амҩаԥгара инадҳәаланы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа иаҳнарбеит ҳаԥхьаҟа иалкаау аидгыларақәа раԥҵара акыр аҵакы шаиуа.
«Ари адунеи аҿы хазы аҟазаареи хазхаҭала аполитика амҩаԥгареи зылшо аҳәынҭқаррақәа зынӡа имаҷхоит. Ахатә политика амҩаԥгаразы иазхо аресурсқәа аҳәынҭқаррақәа зегьы ироурым. Уажәы имҩаԥысуеит, ус иуҳәар ҟалозар, изаамҭанытәиу аихшара. Иҟоуп европаа, зхатә хәыцшьеи, зхатә хықәкқәеи змоу. Ҳара ҳаҭыр ақәаҳҵоит Европатәи акультура, аӡәырҩы уи ибзианы ирдыруеит, аха уажәы зыӡбахә ҳамоу аклассикатә европатәи акультура акәӡам. Уажәы ҳазлацәажәо, Европеи Еиду Америкатәи Аштатқәеи, Урыстәылеи уи иадгыло атәылақәеи ргәаанагареи рҭахрақәеи ақәыӷәӷәаратә ҟазшьа аманы рыдцаларазы имҩаԥырго аҽазышәарақәа ртәы ауп», – адунеи аҿы иҟоу аҭагылазаашьа дахцәажәо, иазгәеиҭеит Аслан Бжьаниа.
Атәылақәа жәпакы Аԥсны ахьыԥшымра шазхарымҵогьы, Аҳәынҭқарра Ахада Аԥсни Урыстәылеи ирыбжьоу аиҩызаратәи аидгыларатәи аизыҟазаашьақәа аринахысгьы ишыӷәӷәахо, насгьы уи Аԥсны аҳәынҭқарратә шьақәгылареи аекономикеи рырӷәӷәара ишацхраауа азы агәра ганы дыҟоуп.
Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсуа телехәаԥшра иаиҭаз аинтервиу аҿы В.Г.Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза «Аҟәа» ареконструкциеи аусура аларгареи ирызку апроект ду анагӡара атәы далацәажәеит. «Ҳара уаанӡа аҳаирбаӷәаза аиҭашьақәыргылара еиԥш иҟоу апроект ду анагӡара аԥышәа ҳамаӡамызт. Убри аҟнытә, ауадаҩрақәа цәырҵуеит, жәаҳәарада, аха ӡбашьа змам акгьы ыҟаӡам», – иҳәеит иара.
Аҳәынҭқарра Ахада агәра ганы дыҟоуп, «30 шықәса раахыс ус игылоу Жәларбжьаратәи аҳаиртә баӷәаза «Аҟәа» ареконструкциа Аԥсны аҳәынҭқарразы акрызҵазкуа, аҭоурыхтә ҵакы змоу апроектқәа иреиуоуп. Аҳаиртә баӷәаза ареконструкциа анхыркәшахалак анаҩс, жәларбжьаратәи астандартқәа ирықәшәо иҟалоит, еиуеиԥшым аҳаирплан хкқәа аднакылоит. Ари аҩыза аинвестициатә проект анагӡара атәылауаа транспортла реиқәыршәара, иара убас аԥсшьаҩцәа рхыԥхьаӡара аизырҳара, атәыла аекономикатә ҿиара ӷәӷәала ацхраара алнаршоит.
Иара убас, Аҳәынҭқарра Ахада атуристцәа рыдкылара аобиектқәа рыргылара азҵаарагьы ахшыҩзышьҭра аиҭеит. «Асасааирҭатә бизнес аҿы иалагалаз аԥарақәа рырхынҳәаразы 10 -15 шықәса инарзынаԥшуа иаҭаххоит. Ас еиԥш иҟоу афинанстә модель зегьы ирнаалаӡом. Ҳара иарбоу ахырхарҭала активла аус ҳамур, усҟан ҳтәылаҿы ӷәӷәала аҿиара иаҿу атуристтә усхкы ҳауӡом. Аҵыхәтәантәи аамҭазы аҭагылазаашьа акыр еиӷьхеит, уи угәы иаамыхәар залшаӡом», – иҳәеит Аслан Бжьаниа.
Акьыԥхь иазирхиеит
Б.Қаџьиа
Аԥсуа ҭҵаарадырреи акультуреи рҿы здаҟамлац ахҭыс ҟалеит. Аҭыжьырҭа «Academia» аҟны акьыԥхь абеит аа-томк зҵазкуа аԥсуаа рнарҭтә епос.
Аредактор-аиқәыршәаҩ – Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа апрезидент, ААР академик, Урыстәылатәи аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аҳәаанырцәтәи алахәыла Зураб Џьапуа. Аиқәыршәаҩ ХХ ашәышықәса 80-тәи ашықәсқәа раахыс арҭ аепикатә текстқәа реизакреи реихшареи далагахьан. Аматериалқәа аҭыжьра разырхиаразы аусура хықәкыла ихацыркхеит 2005 шықәсазы. Ари аус рнапы шалакыз иалакын усҟан Зураб Џьапуа иаспирантцәаз, иахьа аԥсуа ҵарауаа қәыԥшцәа Наала Барцыци Саида Ҳаџьыми.
Ари амилаҭтә проект адунеи абара аԥсуа жәлари аԥсуа ҳәынҭқарреи рзы хҭыс дуӡӡоуп. Атомқәа шьақәыргылоуп иахьатәи атекстологиатә принципқәа рыҩаӡарала. Ашәҟәқәа еидыркылоит иахьанӡа еиқәханы иааз аԥсуаа рҿаԥыцтә культура адоуҳатә баҟа хада – «Нарҭаа» – ирызку аҳәамҭақәеи урҭ рвариантқәеи хаҭәааны. Аизга иацуп аредактор-аиқәыршәаҩ инеиҵыху иҭҵаамҭа, атекстқәа ркомментариқәа, рсемантикатә рбагақәа, ашәақәа рнотақәа уҳәа убас аҳәамҭақәа хазырҭәаауа аҭҵаарадырратә згәаҭарақәа.
Жәа-томкны иҟоу аҭҵаарадырратә, академиатә ҭыжьымҭа, хымԥада, шьаҭамырӡгахоит аԥсуа жәлари Аԥсуа ҳәынҭқарреи рзы. Атомқәа лагала духоит кавказдырраҿы, иара убас адунеитә епикатә традициақәа рыҭҵаараҿы.
ААР Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт анапхгареи аколлективи гәалсра дула адырра ҟарҵоит лыԥсҭазаара дшалҵыз аҵарауаҩ, аҟазараҭҵаара акандидат, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, Аԥсуаҭҵааратә институт аетнологиа аҟәша аҭҵаарадырратә усзуҩ нага Мери Мушьни-иԥҳа Ҳашба
М.М. Ҳашба диит мшаԥымза 5, 1937 шықәсазы Аҟәа ақалақь. 1961 шықәсазы далгеит Қарҭтәи аконсерваториа амузыкаҭҵаара ахырхарҭала. 1974 шықәса инаркны акыр шықәса инеиԥынкыланы аус луан Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҟны. Мери Мушьни-иԥҳа еснагь активла далахәын Аԥсни уи анҭыҵи имҩаԥысуаз еиуеиԥшым Жәларбжьаратәии Зегьыеидгылатәии аҭҵаарадырратә конференциақәа, афорумқәа, апленумқәа. М.М. Ҳашба 1991 шықәсазы Миклухо-Маклаи ихьӡ зху Аетнологиеи Антропологиеи ринститут аҿы илыхьчеит адоктортә диссертациа аҭоурыхҭҵаара ахырхарҭала, 2008 шықәсазы ААР алахәыла-корреспондентс далхын. Мери Мушьни-иԥҳа лыҭҵаарадырра азкын амузыкатә фольклор, амузыкаҭҵаара аҭоурых, аԥсуаа рмузыкатә культура аҭоурых аҭҵаара.
ААР Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт анапхгареи аколлективи гәалсра дула ирыдышшылоит зыԥсҭазаара иалҵыз ҳҵарауаҩ нага, аԥсуа музыкаҭҵааҩ Мери Мушьни-иԥҳа лыуацәеи лҭынхацәеи. Аҵарауаҩ лыҟамзаара даара цәыӡ дууп Аԥсуаҭҵааратә институт аколлективи аԥсуа ҭҵаарадырреи рзы. Мери Мушьни-иԥҳа лгәалашәара наунагӡа иаанхоит ҳгәаҿы. Хашҭра лықәым.
ААР Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт анапхгареи аколлективи
Сынтәа, ишдыру еиҧш, агазеҭ «Аҧсны» 105 шықәса ахыҵит. Уи аамҭа иалагӡаны хыҧхьаӡара рацәала аҳәса аус рухьан, иҟоуп иахьа уажәраанӡагьы агазеҭ амаҵ азызуа. Урҭ рахь иаҵанакуеит: ажурналистцәа, акьыҧхьыҩцәа, акорректорцәа уҳәа. Агазеҭ аҭоурых агәылалара ара иаҭыҧым, уи иазкны астатиақәеи ашәҟәқәеи ҭрыжьхьеит ҳҵарауаа.
Ашәҟәыҩҩы, ажурналист, апублицист Борис Кәаҷаҷа-иҧа Қаџьиа 49 шықәса раҧхьа 1975 шықәса рзы агазеҭ «Аҧсны ҟаҧшь», иахьа «Аҧсны» аредакциа ашҟа дымҩахыҵит усура ҳәа. Агазеҭ «Аԥсны ҟаԥшь» аредакторс иҟаз Сергеи Михаил-иԥа Кәыҵниа мызки бжаки ҧышәарак аҳасабала ҿҳәарас иҭаны аусура далаиргоит. Абар уи аахыс уажәшьҭа 50 шықәса дазааигәахоит.
Жәаа шықәса зхыҵуаз аҭыҧҳа дымҩахыҵит агазеҭ аредакциа ашҟа, алаҳәараҿы илбаз аусурҭа ҭыҧ адҵааларазы. Усҟантәи ашықәсқәа рзы агазеҭ «Аԥсны» «Аҧсны-ҟаҧшь» ҳәа иҭыҵуан. Редакторс дыҟан Сергеи Кәыҵниа.