Аслан

Аслан

Аԥсныпресс.  Башкириантәи раԥхьатәи аԥышәаратуристтә гәыԥ ааигәа Аԥсныҟа амҩа иқәлоит. Аныҟәара «Башкириеи Аԥсни рышықәснҵыра ду» апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысуеит ҳәа адырра ҟанаҵоит Башинформ.

Аԥсныпресс.  Аԥсны иҿыцу даҽа азанааҭ­ныҳәақәа хԥа азгәарҭалоит. Ашәахьа, рашәарамза 5 рзы атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы Апарламенттә еилакы аилатәара мҩаԥысит.

Шәачантәи Аҟәаҟа

Рашәара 09, 2023

Аԥсныпресс. Рашәарамзазы Шәачантәи Аԥсныҟа иаараны иҟоуп акруизтә лаинер «Князь Владимир». Абри азы РИА «Новости» ахь адырра ҟаиҵеит Шәачатәи амшынтә баӷәаза аиҳабы Иури Владимиров.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа ҳауа­ажәлар ахәыҷқәа рыхь­чара Амш рыдиныҳәалеит.  Уаҟа иазгәаҭоуп: «Акыр иаԥсоу аҩызцәа! Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит ахәыҷқәа рыхьчара Амш!

Асабша, маи 27 азы Аԥсны ашәа­ҳәареи акәашареи зҽаԥсазтәыз рҳәынҭқарратә ансамбль ақәгыларақәа қәҿиарала имҩаԥысит. «Урыстәылеи Аԥсни ркультуратә еимадарақәа» ҳәа апроект инақәыршәаны, П.Чаиковски ихьӡ зху азал аҟны аконцерт шымҩаԥысыз атәы далацәажәеит акорр. Алеқсеи Шамба.

Ақәгылара иалагаанӡа акультура аминистр Даур Ақаҩба ажурналистцәа драцәажәеит.

Аԥсуа жәлар ҳҭоурых аҟны ахааназ XIX ашәышықәсазы иҟалаз ажәлар рхырҵәара, амҳаџьырра хашҭра ақәымкәан иаанхоит. Аҭоурыхҭҵааҩцәа ирҩуеит Аԥсны ахы-аҵыхәанӡа 400 нызқь­ҩык аԥсуаа нхон ҳәа.

Есышықәса, аԥхынра раԥхьатәи амш аҽны аӡӷабцәа, аҷкәынцәа, иара убас урҭ рҭаацәа иазгәарҭоит  ахәыҷқәа рыхьчара Жәларбжьаратәи Амш.

Инна Аҳашҧҳа лпоезиа иаҟазшьоуп аҧсҭазаараҿы аҭыҧ змоу, хкырацәала иеилоу ахҭысқәеи асахьақәеи, аҧштәы абжьи уҳәа уб. иҵ. рзааҭгылара, рыҭҵаара, исахьарку ажәала реибыҭара, рыраӡара.

Мышқәак раҧхьа имҩаҧысит Аҧсны Жәлар Реизара изаамҭанытәу аилатәара. Амшхәаҧштә аҟны иқәгылан х-зҵаарак.

Аҟәа, маи 30 аҽны

Рашәара 02, 2023

Маи 30 рзы имҩаҧысит Аҧсны аоппозициатә мчрақәа зымҩаҧгара азҧхьагәаҭан ирымаз амитинг. Уи иалагаанӡа Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа алархәны аилацәажәара мҩаҧигеит. Иазгәеиҭеит аоппозициатә мчрақәа имҩаҧыргараны иҟоу амитинг аҟны Аҧсны Азакәан инақәыршәаны ахымҩаҧгара шаҭаху. Азинхь­чаратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа рышҟа дҵаны иқәиргылеит аилагарақәа ҟамларц азы ирылшо зегьы рыҟаҵара, ишакәым аӡәы ихы мҩаҧигозаргьы, азакәан ишаҳәо ала изныҟәара.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me