Шәачантәи Аҟәаҟа

Аԥсныпресс. Рашәарамзазы Шәачантәи Аԥсныҟа иаараны иҟоуп акруизтә лаинер «Князь Владимир». Абри азы РИА «Новости» ахь адырра ҟаиҵеит Шәачатәи амшынтә баӷәаза аиҳабы Иури Владимиров.

«Князь Владимир» Шәачатәи амшынбаӷәазахь инеиуеит рашәарамза 21 азы. Аԥсныҟа амҩа иқәлоит рашәарамза 29 азы. Шәачантәи аӷба уахынла идәықәлоит, анаҩс Аҟәаҟа ахы архоит, араҟа игылазаауеит хымш. Зынӡа аԥхынтәи аамҭахәҭа алаинер инанагӡоит 11 реис. Алаинер «Князь Владимир» ала Шәачантәи Аԥсныҟа аныҟәарақәа рыла Шәачатәи амшынтә хәаахәҭратә баӷәазаҿы атуристтә мҩасра 5 инаркны 10 процентк рҟынӡа иазҳауеит ҳәа иԥхьаӡоит Шәачатәи амшынбаӷәаза аиҳабы Иури Владимиров.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me