Азанааҭ ныҳәақәа ирызкны

Аԥсныпресс.  Аԥсны иҿыцу даҽа азанааҭ­ныҳәақәа хԥа азгәарҭалоит. Ашәахьа, рашәарамза 5 рзы атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы Апарламенттә еилакы аилатәара мҩаԥысит.

Аилатәараҿы иахәаԥшит «Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы аныҳәатәи агәалашәаратәи амшқәа рзы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан аиҭакрақәа ралагалара азы» азакәан апроект. Уажәы излацәажәо азанааҭтә ныҳәақәа: лаҵарамза 17 – Аԥсны аҳәынҭқарра Адипломатиатә Маҵзура Амш, рашәарамза 10 – Аԥсны Аҳәынҭқарра астатистика аусзуҩ Имш; ԥхынгәымза 4 – Аԥсны Аҳәынҭқарра аԥсеиқәырхаҩ Имш ауп. Азакәан апроект ахәаԥшреи ахцәажәареи реихшьалақәа рыла апарламнттә еилакы алахәылацәа аӡбамҭа рыдыркылеит Апарламент иабжьгазарц имҩаԥысраны иҟоу аилатәараан ари азакәан апроект аҩбатәи аԥхьараан ирыдыркыларц.

 

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me