Мшаҧы 24, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Ииун 1 – ахәыҷқәа рыхьчара Жәларбжьаратәи Амш

Есышықәса, аԥхынра раԥхьатәи амш аҽны аӡӷабцәа, аҷкәынцәа, иара убас урҭ рҭаацәа иазгәарҭоит  ахәыҷқәа рыхьчара Жәларбжьаратәи Амш.

Аԥсны ииун 1 азы имҩаԥыргоит ахәыҷқәа рҭыхымҭақәа рцәыргақәҵа, артистцәа алархәны аныҳәатә қәгыларақәа, ахәмаррақәа, аицлабрақәа, ашәақәеи акәашарақәеи ирызку аконкурсқәа, ҳәарас иаҭахузеи, ахәыҷқәа аҳамҭақәа рырҭоит. Ари аусмҩаԥгатә амҽхак ҭбааны иазгәарҭоит Аҟәа. Аҳәынҭқар­ратә филармониаҿы имҩаԥыргоит иазгәаҭаны ирымоу аныҳәатә концертқәа, С.Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр аҿаԥхьа иддырбоит Аурыс драматә театр актиорцәа злаху атетртә ҟазшьа змоу ақәгыларақәа, аԥқьаҭмпыл азы, ашахмат, ашашка, иара убас аӡсаразы аицлабрақәа.

Иахьа аҳәынҭқарра иалшо зегьы ҟанаҵоит Аԥсны ақәыԥшцәа махашьахала иӷәӷәаны рааӡаразы, аҵара бзиа аиуразы, аспорт радԥхьаларазы, доуҳала, цәаҩабзиала рҿиаразы. Ҳара иаҳзеиԥшу усны иҟоуп Аԥсны атәылауаа қәыԥшцәа рышьақәгыларазы аҭагылазаашьа маншәалақәа раԥҵара.

Абри аныҳәа иаҳгәаланаршәоит ахәыҷы изинқәа рықәныҟәара, ҳаҭыр рықәҵара, атәылауаҩратә уаажәларра аинститутқәа, аҟазшьа бзиақәа реиқәырхара хымԥада ишаҭаху.

Ахәыҷқәа рыхьчара Жәларбжьаратәи амш ауаатәыҩса рхы, рымчрылшара азнакуеит аибашьра ашәарҭараҟнытә ахәыҷқәа рыхьчара, урҭ ргәабзиара аиқәырхара, рааӡара, аҵара дырҵара адунеи ауаажәларра разхьарԥшра.

 

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me