Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа ҳауаажәлар ахәыҷқәа рыхьчара Амш рыдиныҳәалеит. Уаҟа иазгәаҭоуп: «Акыр иаԥсоу аҩызцәа! Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит ахәыҷқәа рыхьчара Амш!
Ахәыҷқәа ҳара аԥхьаҟатәи ҳԥеиԥш ҳәа ҳрыхәаԥшуеит, урҭ рыхӡыӡаара ҳара ҳзы зегьы ирыцкуп. Ахәыҷқәа ауаажәларра рыҩныҵҟа зегь раасҭа иуашәшәыроуп ҳәа иԥхьаӡоуп, убри аҟнытә, ҳтәылаҿ аҭынчреи аҭышәынтәалареи еиқәырханы урҭ ршәарҭадара ахьчара ҳнапы иануп. Ахәыҷқәа рыхьчара Амш ҳара аиҳабацәа даҽазныкгьы ахәыҷқәа ирыдҳәалоу апроблемақәа ҳрызхьанарԥшуеит, урҭ рзинқәа шыхьчатәу ҳазнархәыцуеит.
Ахәыҷқәа зегьы ирзеиӷьасшьоит игәырӷьахәу, илахҿыху аԥхынтәи аԥсшьара аамҭа, агәабзиара, аҭынчра, анасыԥ зцу ахәыҷра. Аҭаацәа зегьы иҭабуп ҳәа расҳәарц сҭахуп рааԥсаразы, ҿыц еиҵагыло абиԥарақәа рааӡара зду ирырҭо азҿлымҳаразы, иахьрыхӡыӡаауазы. Ишәҭлааит, еизҳазыӷьалааит Аԥсны, ҩнаҭацыԥхьаӡа ахәыҷы иччабжь ҩныҩлааит!»