Мшаҧы 18, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аҧсны Жәлар Реизараҿы

Мышқәак раҧхьа имҩаҧысит Аҧсны Жәлар Реизара изаамҭанытәу аилатәара. Амшхәаҧштә аҟны иқәгылан х-зҵаарак.

Аҧсни Урыстәылеи ииун 2, 2021 шықәсазы ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭра аҧкаанҵа аратификациа азуразы ақәҵара рыдыркылеит Жәлар Реизараҿы. Ари азакәан апроект Жәлар Реизара ашҟа инаишьҭит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа. Урыстәылатәи Афедерациа иҟанаҵо ацхыраарала Аҧсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура аусзуҩцәа руалафахәы, ртәанчахә ашьҭыхра хырхарҭас иамоуп ари азакәанпроект. Иара убасгьы ари азҵаара инарҵауланы дазааҭгылеит Жәлар Реизара аҟны атәыла Ахада ихаҭарнак, аиустициа аминистр Анри Барцыц.

Аҧсни Урыстәылеи рыбжьара август 4, 2022 шықәсазы Аҧсны асоциал-економикатә ҿиара аҳәынҭқарратә программа анагӡараҿы ирыдыркылаз аиқәшаҳаҭра аратификаца аҧсахра алагаларазы ақәҵара рыдыркылеит Жәлар Реизараҿы. Араҟа иарбоуп аҳақьымцәа, арҵаҩцәа, асоциалтә усзуҩцәа руалафахәы рызшәара. Ари азҵаара ахәаҧшраан ицәырҵит акымкәа-ҩбамкәа азҵаарақәа. Зегьы раҧхьа иргылан, уи азкын арҵаҩцәа руалафахәы зеиҧшроу, насгьы аҧара ахыҧхьаӡалараан иарбан критериақәоу изықәныҟәо.

Адепутат Наур Нарманиа иажәақәа рыла, иахьатәи аамҭазы арҵаҩы бжьаратәла иуалафахәы 25 нызқь мааҭ артәоит ҳәа иарбоу арҵаҩцәа рнапаҟны ироуӡом. «Арҵаҩы иага сааҭ игаргьы, ақәыҕәҕәара рацәаны имазаргьы уи аҩыза ауалафахәы иоуӡом», – иҳәеит адепутат.

 «Хымҧада арҵаҩы иоур алшоит 12 нызқь мааҭ, иара убасгьы 25 нызқь мааҭгьы. Уи шьақәзыргыло арҵаҩы имоу асааҭқәа, аџьабаа ауп», – ҳәа азгәеиҭеит Аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба. Иара убасгьы уи иҳәеит зыӡбахә рымоу аилагарақәа ыҟазар, официалла дара рышҟа идҵааларц.  «Ҳарҭ аҵарадырра Аминистрреи ҳареи ари азҵаара ҭаҳҵаауеит, иарбан раиону, иарбан школу еилаҳкаауеит, ахаҵгылара аҳҭоит», – иҳәеит Владимир Делба.

Адепутат Демур Гогиа иажәақәа рыла, Иахьа Аҧсны ахьынӡанаӡааӡо арҵаҩцәа ироуа ауалафахәы еиҧшӡам. Убри аан иазгәеиҭеит, ишыҟоу араионқәа, арҵаҩы иоуа ауалафахәы ахыхь иацҵан иахьырзыршәо. Адепутат хаҭала дыззааҭгылаз еицырзеиҧшны арҵаҩцәа зегьы ироуа ауалафахәы ауп. Уи иазгәеиҭеит ари азҵаара аҭҵаара шаҭаху.

Жәлар Реизараҿы Аҧсны аҳәынҭқарратә маҵзуразы азакәанпроект аус адуларазы аусуратә гәыҧ аиҿкааразы ақәҵара рыдыркылеит. Жәлар Реизара адепутат Адгәыр Ҳаразиа иажәақәа рыла иахьа ирацәоуп ахҭысқәа, уала-ҭахыла ауааҧсыра аусура ианрыдыркыло. Иара убасгьы уи иазгәеиҭеит аиҳабыра рҽанырҧсахуа, ҭакҧхықәрала зус иазнеиуа, зус бзианы издыруа русурҭа ҭыҧқәа рҟынтәи рхы рақәиҭтәра аанкылазарц.

Анаҩс Жәлар Реизара аилатәараҿы ааҧхьара ҟаҵан аполитикатә партиақәеи, ауаажәларратә еиҿкаарақәеи, аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи рышҟа имҩаҧысраны иҟоу амитинг инамаданы. Ааҧхьараҿы иазгәаҭан амитинг анымҩаҧысуа аамҭазы Аҧсны азакәан аҧҟарақәа зегьы ирықәныҟәаларц. Жәлар Реизара адепутатцәа зегьы ари ааҧхьара адгылара арҭеит.


Ш. Торчуа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me