Мшаҧы 19, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аҟәа, маи 30 аҽны

Маи 30 рзы имҩаҧысит Аҧсны аоппозициатә мчрақәа зымҩаҧгара азҧхьагәаҭан ирымаз амитинг. Уи иалагаанӡа Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа алархәны аилацәажәара мҩаҧигеит. Иазгәеиҭеит аоппозициатә мчрақәа имҩаҧыргараны иҟоу амитинг аҟны Аҧсны Азакәан инақәыршәаны ахымҩаҧгара шаҭаху. Азинхь­чаратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа рышҟа дҵаны иқәиргылеит аилагарақәа ҟамларц азы ирылшо зегьы рыҟаҵара, ишакәым аӡәы ихы мҩаҧигозаргьы, азакәан ишаҳәо ала изныҟәара.

Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа аҿаҧхьа еизеит зықьҩыла ауааҧсыра. Аӡәымкәа-ҩыџьамкәа ргәаанагарақәа рҳәеит, излагараны иҟаз амитинг азы. «Иахьа имҩаҧысуа ахҭысқәа ирылахәу, азҵаара хадақәа рыӡбараҿы аҳәоуеиқәшәара алыршахааит. Ҳаиҵазырхо Анцәа ҳақәумыршәан!»,– иҳәеит  еизаз ажәлар рҿаҧхьа иқәгылаз Амиран Адлеиба. Уи иазгәеиҭеит иахьа зегьы хәыцырҭас, ҧсҭазаарас ирымоу ҳаҧсадгьыл иахьатәи алахьынҵеи, уаҵәтәи аҧеиҧши шракәу. «Амилаҭ шәарҭара ахыҵхырҭахь иҧхьаӡатәу ируакхоит ҳахдырра ахьынӡаҟоу, ҳдипломатиа, иара убас аполитикатә зыҟаҵара, ҳхыҧхьаӡара азҵаара, ҳдоуҳатә культура аҩаӡара», – иҳәеит уи.

Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа аҿаҧхьа дықәгылеит иара убас Ҭхьына ақыҭа Абыргцәа рхеилак аиҳабы, ауаажәларратә усзуҩы Хәыхәыт Шамба. «Ҳажәлар роуп атеатр аҿаҧхьа игылоу, ҳаҷкәынцәа роуп убрантә зыбжьы ҳаҳауа. Ҳара имаҷу жәларуп, ҳҽеиҩшара даара ирыцҳара дууп. Раҧхьаӡа акәны ҳазхазҵаз Урыстәыла аибашьра иаҿуп, ҳаҷкәынцәа ракәзар, убраҟа ашьаарҵәыра иалагылоуп, иҭахахьоугьы рацәаҩуп. Қырҭтәыла амақарра иаҿуп, акурорттә сезон ааины ҳашәхымс илагылоуп, «мышкы аус иууа шықәсык иануфо» ҳәа анырҳәо еиҧш, иахәҭазма иахьа ажәлар рыргәамҵра, наҟ-ааҟгьы реизгара?», – иҳәеит Хәыхәыт Шамба. «Акы ааҳгәамҧхацыҧхьаӡа ажәлар реизгара иашам, шәеидтәал, шәеицәажә, амш шәзымхар аҵх ахь шәиас, ишәырша. Ҳааҟәымҵӡакәа ажәлар реизгара ҳхәыҷқәагьы, ҳмаҭацәагьы ирҵоит, иашьцылоит. Сара агәра згоит, иахьа анахь иҟоугьы арахь иҟоугьы ҳаилибакаан ҳшеиҧырҵуала. Аҧсуа жәлар ахаангьы аидгылара рыман. Аӡәк еиҧш ҳаидымгылазҭгьы, иахьа иҳамоу ахақәиҭрагьы ҳауӡомызт», – иҳәеит абырг.

Асааҭ ҩба рзы амитинг алагара шазгәаҭазгьы, сааҭк ихьшәаны иалагеит. Уи ааиртит «Аҧсуа жәлар рхеилак» алахәыла Амиран Какалиа. Амитинг аҟны иқәгылан ргәаанагарақәа рҳәеит аветеранцәа реиҿкаара «Аруаа» аиҳабы Ҭемыр Гәлиа, Аҧсны аветеранцәеи атәылауааи руаажәларратә еиҿкаара «Аиааира» ахантәаҩы Вианор Ашба уҳәа аӡәырҩы. Амитинг аҟны иқәгылоз иззаҭгылоз азҵаарақәа иреиуан Пицундатәи аҳәынҭқарратә ҧсшьараҭа, апарт-отельқәа, афымцалашара ахә ашьҭыхра уҳәа убас егьырҭгьы.

Ақәгыларақәа рышьҭахь амитинг иалахәыз арезолиуциа рыдыркылеит, анаҩс Ҭемыр Гәлиа, Вианор Ашба, Саид Быҭәба амитинг аҟны иқәгылаз адҵақәа рынагӡаразы Аҧсны Ахада ишҟа инеит.

Аоппозициа ахаҭарнакцәа рыдкылара иалахәын Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыҧуаҩ Бадра Гәынба, Ашәар­ҭадара ахеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба. Аоппозициа ахаҭарнакцәеи Аслан Бжьаниеи реицәажәараан аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит Аиҳабыра Реилазара ҧхьатәара рцара азҵаара шзалмыршахо. Пицундатәи аҳәынҭқарратә ҧсшьарҭеи, апарт-отельқәеи рызҵаарақәа ракәзар, уи зыӡбо Аҧсны Жәлар Реизара ауп. Аҳәынҭқарра Ахада амитинг иалахәу рахь инеиразы азҵаара ахынҭаҩынҭарақәа ахылымҿиаарц азы иҽазаани­кылеит.  Арезолиуциаҿы иарбаз егьырҭ азҵаарақәа рзы ацәажәара дшазхиоу иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.

Аоппозициа ахаҭарнакцәа аҳәынҭқарра Ахада иҧылара ашьҭахь амитинг иалахәыз рҟны ирҳәеит реицәажәара алҵшәақәа. Уаҟа иазыӡбан аринахысгьы аҿагыларатә акциақәа рымҩаҧгара.

Амитинг анхыркәшаха ашьҭахь, аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Ахада Иусбарҭа аҿаҧхьа зқьҩыла еизаз ажәлар рышҟа ддәылҵны ҭабуп ҳәа реиҳәеит. «Иахьатәи амш азы абра еизаз, атеатр аҟны еизаз зегьы милаҭк ҳархаҭарнакцәоуп. Ҳазегь иааҳарҧшит ахымҩаҧгашьа иаша.  Ари аҩыза аизарақәа ҟамлар еиҕьуп, аха ианыҟалахгьы ииашоу амҩа иқәҵатәуп. Ҳара иахьа хықәкыс иҳамоу акызаҵәык ауп, ҳауаажәлар, ҳмилаҭ рымаҵ аура. Ҳәара аҭахума, ари аҩыза аус аҿы иҟоуп ҳазхьымӡаз азҵаарақәа, аха уаҵәы ҳахьӡарц азы аусура ҳаҿуп. Шәара ишышәҭаху еиҧш, саргьы исҭахуп ҳмилаҭ аизҳара аиурц, ҳҳәынҭқарра ҕәҕәахарц, аҧсҭазаара бзиа Аҧсны иҟаларц, убри азы аус утәуп», – иҳәеит аҳәынҭқарра Ахада. Аслан Бжьаниа иазгәеиҭеит, дызусҭзаалакгьы изы дшаарту. Аоппозициа ргәы иҵхо азҵаарақәагьы аус шрыдыруло, азнеишьа иашагьы шырҧшаауа. «Аҧхьаҟагьы шәара шәыцхыраара, шәыдгылара ҳақәгәыҕуеит, иҭабуп идуӡӡаны», – иҳәеит Аслан Бжьаниа.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me