Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Вольвач Аҟәа ақалақь аҿы ангиограф ахьықәдыргыло Ахәыҷтәы республикатә хәышәтәырҭа аргылара шымҩаԥысуа гәеиҭеит.
Шьаҭанкыла аргылара Аусбарҭа аиҳабы Демир Гамисониа Дмитри Вольвач иҿаԥхьа аргыларатә усурақәа шымҩаԥысуазы аҳасабрба ҟаиҵеит. Иахьатәи амш азы ахыбра абаҩ аибыҭареи аҭыӡқәа рышьҭыхреи хыркәшоуп ҳәа иҳәеит.
Хара имгакәа арентгенҽацәыхьчаратә хаҳәҟьаԥсла ачаԥара, ақьырсҭақәеи ашәқәаеи рышьақәыргылара ҳалагоит. Арентгенҽацәыхьчаратә ԥенџьыр аахьеит. Иара убас аҳауеиҭарсратә система шьақәҳаргылараны ҳаҟоуп», – иҳәеит иара.
Аргыларатә усурақәа рцашьа ангәеиҭа ашьҭахь, Дмитри Вольвач апроект анагӡара ахәшьара бзиа аиҭеит.
«Ҳара зыхә ҳараку амаругақәа шьақәҳаргылоит, уи акыр аамҭа Аԥсны атәылауаа зыҩаӡара ҳараку ацхыраара рыҭара алнаршароуп. Ԥхьаҟа акыр зҵазкуаз ашьаҿа ҟаҳҵеит: ангиограф ашьақәыргыларазы аидеиа аҟынтәи уи агәҭакы маҷк ада анагӡара алыршара аҟынӡа. Амедицинатә персонал разыҟаҵара – уигьы акыр хҵазкуа усны иҟоуп, агәабзиарахьчара Аминистрра аҟынтәи ҳколлегацәа хымԥада уи иахәҭоу ахшыҩзышьҭра арҭоит», – иҳәеит иара.
Ахәҭакахьала, Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба гәыԥҩык Аԥснытәи аҳақьымцәа Урыстәыла иҷыдоу аҽазыҟаҵаратә курсқәа рахысра иалагахьеит ҳәа адырра ҟаиҵеит. Ахәыҷтәы хәышәтәырҭа аргылара ахьымҩаԥысуа агәаҭараан, аргылара Аусбарҭа аиҳабы Демир Гамисониа Дмитри Вольвач ишьақәырӷәӷәоу аграфик инақәыршәаны иарбоу аобиект ахархәарахь рыҭара 2026 - тәи ашықәс азы иазԥхьагәаҭоуп ҳәа адырра ииҭеит. 191 млн. мааҭ рҟынӡа рырҭахьеит.
Демир Гамисониа иажәақәа рыла, аргылаҩцәа русура аҳақьымцәа ргәаанагарақәа ирызхьаԥшны имҩаԥыргоит.
«Амедицинатә еиқәыршәагақәа рзы ӡбамҭақәак рыдыркылараны иҟоуп, иарбоу аусурақәа инамҩатәны имҩаԥгатәуп», – иҳәеит иара.
Шьаҭанкыла аргылара Аусбарҭа аиҳабы аобиект аҿы аусурақәа зегьы иазоужьу аамҭа инақәыршәаны, ҩаӡара ҳаракыла аҿы имҩаԥысуеит ҳәа иазгәеиҭеит.