Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Вольвач зхадараҿы дыҟоу Урыстәылатәи аделегациа Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара аекономикатәи аҵарадырратәи аусеицура арӷәӷәара иазырхоу аиԥыларақәа мҩаԥыргеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит аусҳәарҭа апресс-маҵзура.
Аҭаараан ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭан аҵарадырра аусхкы аҿы аусеицура азҵаара.
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы имҩаԥысит Аԥсны аҵара аминистр Хана Гәынбеи, ААУ аректор Алеко Гәарамиеи, Урыстәылатәи Афедерациа иреиҳаӡоу аҵарадырреи анаукеи Рминистрра ахаҭарнак Алла Косовеи реиԥылара.
Аганқәа иалацәажәеит Аԥсны аҵарадырра аҿиара амҩақәҵагатә хсаала. Аиԥылараҿы аҵарадырратә программақәа рырҿыцра, арҵаҩцәа рквалификациа ашьҭыхра иақәшәо аҵарадырратә технологиақәа ралагалареи иаҵоу аҵакы ахадара иазааҭгылеит.