Ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа реилацәажәара

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба ақалақьқәеи араионқәеи рхадарақәеи реиҳабацәа алархәны аилацәажәара мҩаԥигеит.

  Аилацәажәара иалахәын Ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа атәыла Аԥыза-министр Владимир Делба Ахада Иусбаҭа анапхгаҩы Беслан Ешба Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ  Дмитри Шамба.

Ахада аилацәажәараҟны ирылаиҳәеит даҽа усурак ахь ииагара инамаданы, Пицунда ақалақь ахада инапынҵақәа назыгӡо Руслан Хәынҵариа имаҵураҟнытә ихы дшақәиҭтәу. 

Даҽа усԥҟак ала Пицунда ақалақь ахада инапынҵақәа аамҭала рынагӡаҩыс дҟаҵоуп Рустам Агрба.

Бадра Гәынба аилацәажаәара иалахәыз дыдирдырит ақалақь-курорт анапхгаҩ ҿыц. Ахада Хәынҵариа Руслан иҭабуп ҳәа иеиҳәеит иусуразы, аусура ҿыц аҟны иара убас қәҿиарала аус шиуазы агәра шиго атәы азгәаҭаны.   

 Аԥсны ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа Ахада адырра ирҭеит сынтәатәи ашықәс азы хәымз рыҩныҵҟала имҩаԥгаз аусура аихшьалақәа рзы. 

Аҳасабрба ҟаҵан абиуџьет анагӡара, асоциалтә зҵаарақәа рыӡбара, аԥша бааԥс иахҟьаны зынхамҩа аԥхасҭа аиуз ауаа ацхыраара рыҭара уҳәа реиԥш иҟоу егьырҭ иактуалтәу азҵаарақәа ирызкны. 

 Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит атәыла анапхгара амҩақәа рхаҭабзиара аиӷьтәра ҷыдала хшыҩзышьҭра шарҭало, аҳаблабжьаратә мҩақәагьы убрахь иналаҵаны. Хара имгакәа аусурақәа ахьхацыркхо амҩақәа азгәаҭаны реиқәыԥхьаӡа шьақәыргылоуп. 

Бадра Гәынба араионқәа рхадацәа ари азҵаара иахаҵгыларц, хаҭала хылаԥшра арҭарц рыдиҵеит. 

 Аҳәынҭқарра Ахада ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа ирыдиҵеит: 

 — анхара-коммуналтә нхамҩа асистема арҽеира-еиҭашьақәыргыларатә усурақәа рзы, аинфраструктура аобиектқәа, амедицинатә, аҵараиуратә усҳәарҭақәа, акультура аусҳәарҭақәа, аспорттә обиектқәа реиқәыршәаразы иаҭаху аматериалқәа разырхиара; 

— административ-ҵакырадгьылтә еизшарақәа рзы аинформациа-еилыркаагатә шәҟәқәа реиқәыршәара; 

Е-сԥшьбарак абиуџьет ахашәалатәи аныхтәтәи ҳасабырба аҟаҵара  иазԥхьагәаҭоу аусмҩаԥгатәқәа рынагӡаразы аилыркаагақәа ацҵаны.

Аилацәажәра иалахәыз ҷыдала иазхьарԥшын ақалақьқәеи араионқәеи рхадарақәа реилазааратә ҟәшақәа, иара убас урҭ рнапаҵаҟа иҟоу аусбарҭақәеи анаплакқәеи реиҿкаара-зинтә формақәеи аԥҵаратә документқәеи аус зуа азакәанҧҵара иақәыршәаны ишышьақәыргылатәу атәы.

Аҳәынҭқарра Ахада ахадарақәа реиҳабацәа ирыдиҵеит ақыҭанхамҩа Аминистрреи  дареи русеицурала  ақыҭанхамҩатә ҵакы змоу  адгьылқәа рхархәаразы ажәалагалақәа разырхиара.

Бадра Гәынба ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа азхьаирԥшит закәанла иарбоу аҿҳәараан администрациақәа рхадацәеи егьырҭ ахаланапхгара аҭыԥантәи аусбарҭақәа рмаҵурауааи рхашәалақәеи, рхарџьқәеи, рмазареи, амазаратә ҟазшьа змоу рхыдҵақәеи рзы иаартны алаҳәара аҟаҵара.

Аилацәажәараҟны ишьҭыхын актуалра змоу егьырҭ азҵаарақәагьы.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me