Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Урыстәылатәи Афедерациа аекономикатә ҿиара Аминистрра аделегациа алархәны Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара азҵаарақәа ирызкыз аусуратә еилацәажәара мҩаԥысит Аԥсны Аминистрцәа Реилазаараҿы. Уи иалахәын Урыстәылатәи аделегациа.
Аилатәара иалахәыз рылацәажәеит Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара асоциал-економикатә усеицуреи ХХ аиҳабырабжьаратә комиссиа аилатәара аҽазыҟаҵареи амҩаԥгареи рзы уи акомиссиа ацхантәаҩцәа рыӡбамҭақәа рынагӡара азҵаарақәа.
Аиԥылара аартуа, атәыла Аԥыза-министр Владимир Делба иҳәеит: «Ҳара 2022-2025 шш. асоциал-економикатә ҿиаразы апрограмма анагӡара абжьаратәи аихшьалақәа ҟаҳҵоит. Ҳара зегьы анаҩсгьы 2026-2030 шш. Аԥсны асоциал-економикатә ҿиаразы иҿыцу аҳәынҭқарратә хықәкытә программа азнеишьақәеи амеханизмқәеи рышьақәыргыларазы аусеицура ҳазхиоуп».
Иара убасҵәҟьа иазгәеиҭеит, иҟоу апрограмма ахырҳара шалоу, уи хра злоу алҵшәақәа шаанарԥшуа.
«Ҳара иаабоит хра злоу алҵшәақәа шыҟоу, аҩныҵҟатәи аалыҵ аизҳара, абиуџьет ахашәалахәқәа рышьҭаҵара, ибжьаратәу аулафахәы аҩаӡара ашьҭыхра, иара убас есышықәса изыцло ихадоу егьырҭ арбагақәа… Иааиуа апрограмма азнеишьақәа маҷк рҽырыԥсахит», - иҳәеит Владимир Делба.
Аԥсни Урыстәылеи уи азы азинмчы змоу аусбарҭақәа аусуратә программақәа жәба еиқәдыршәараны иҟоуп; урҭ рышьаҭала аусхктә программақәа аԥҵахоит, анаҩс асоциал-економикатә ҿиаразы аҳәынҭқарратә программа.
Владимир Делба иажәақәа рыла, амҩақәҵагатә хсаалақәа, аусхктә программақәеи аҳәынҭқарратә программеи аԥсҭазаараҿы инагӡахароуп хымԥада.
«Иузынамыгӡо ахыдҵақәа ҳара иқәҳаргылаӡом, ҳара конкретла алҵшәақәа раиура ҳазырхоуп», - иҳәеит атәыла Аԥыза-министр Владимир Делба.