Аԥснытәи аҿар – Санкт-Петербург

Санкт-Петербург агубернатор Алеқсандр Беглов абҵарамза 2 рзы аҟыбаҩ злоу Ракадемиаҿы  дырԥылеит Аԥснытәи ашколхәыҷқәеи аусхкырацәатә коллеџь астудентцәеи.

Абри атәы иаанацҳауеит ателеканал «Санкт-Петербург».  

 Санкт-Петербург агубернатор Алеқсандр Беглов инаԥхьарала жьҭаарамза 25 инаркны алагер «Заря» аҟны рыԥсы ршьоит 42-ҩык ашколхәыҷқәа, 8-ҩык астудентцәа, урҭ ирыцу 5-ҩык анапхгаҩцәа.

 Дара рзы еиҿкаахеит иҷыдоу апрограмма «Заряжайся осенью!», иазԥхьагәаҭоуп арзҩыдатәратә, акультура-рккаратә усмҩаԥгатәқәа, активла аԥсшьараамҭа ахгара.

Санкт-Петербург ақалақь еиҳа инарҭбааны аилкааразы аекскурсиақәа еиҿкаахоит, Крoнштадт, Урыстәыла аихамҩатә транспорт амузеи хада, амультимедиатә ҭоурыхтә парк «Рoссия — Мoя истoрия» иаҭаараны иҟоуп.

Аиԥылара аламҭалазы Аԥснытәи аделегациа Смольныи ашҟа аныҟәара мҩаԥыргеит, аҟыбаҩ злоу Ракадемиа аҵаратә классқәа рбеит. Аҿар Петербург аҭоурых иазкны имҩаԥгаз авикторина рхы аладырхәит.

Асасцәа бзиала шәаабеит ҳәа раҳәо, Алеқсандр Беглoв Урыстәыла Ахада инапынҵала аекономика, аҵарадырра, агәабзиарахьчара уҳәа егьырҭ аусхкқәа жәпакы рҿы Аԥсны аус ацура арӷәӷәара мҩаԥысуеит ҳәа иазгәеиҭеит. Убас, 2024 шықәса, рашәарамзазы Петербург ақалақь аҿы иаатит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ҳаҭыр зқәу Ахаҭарнакра.  

 «Ҳара ҳажәларқәа аиашьаратә еизыҟазаашьақәа рыбжьоуп. Иаҳзеиԥшу аҭоурыхи агәалашәареи ҳамоуп. Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа ашықәсқәа раан Аԥснытәи аибашьцәа хацәнымырха аӷа иҿагылан. 17 нызқьҩык ҭахеит усҟан. Аԥсны иалҵыз 23-ҩык аибашьцәа Асовет Еидгыла Афырхаҵа ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ранашьахеит», –  иҳәеит Алеқсандр Беглoв.

Агубернатoр иазгәеиҭеит, «ҳара ҳажәлар ҷыдала ҳаҭыр дула дыргәаладыршәоит Асовет Еидгыла ҩынтәны Афырхаҵа, 207-тәи авиациатә дивизиа акомандаҟаҵаҩ Витали Пoпкoв. Алегендартә ԥырҩы ихәыҷра ашықәсқәа зегьы Аԥсны ихигеит. Уи ихьӡ Гагра иҟоу, иара ианиаамҭаз аҵара ахьиҵоз абжьаратәи ашкол иахҵоуп».

Агубернатoр ҷыдала иазгәеиҭеит, Аԥсны иалҵыз 600-ҩык аибашьцәа амацәаз иҭакыз Ленинград ақалақь шырыхьчоз. «Ҳара урҭ рфырхаҵара наунагӡа ҳгәалашәараҿы иаанхоит. Пискариовтәи аԥсыжырҭаҿы иҟоу Агәалашәара Аллеиаҿы ишьақәыргылоуп амемориалтә хаҳәцәы «Амацәаз иҭакыз ақалақь Ленинград ахьчаҩцәа – Аԥсны иалҵыз афырхацәа рзы», -  иазгәеиҭеит Алеқсандр Беглoв.

Ахәыҷқәа рызҵаарақәа рҭак ҟаҵо, агубернатор еизаз иргәалаиршәеит, Петербург 2024 шықәса раахыс апроект «Жәларбжьаратәи аҿартә амшԥҵәақәа» («Международные молодежные смены») шынанагӡо. Ақалақь иаднакылоит Урыстәыла арегионқәа рҟынтәи адагьы егьыртә атәылақәа рҟынтәигьы ахәыҷқәа. Уажәы алагер «Молодежное» аҿы рыԥсы ршьоит аиашьаратә қалақь Мариуполь жәа-школк рҟынтәи ахәыҷқәа. Аԥхынра Санкт-Петербург иаднакылеит Курсктәи аобласт аҟынтәи ахәыҷқәа.

Традицианы ишьақәгылеит ашколхәыҷқәа аныҳәа «Алые паруса» ашҟа рнаԥхьара. Сынтәа уи рхы аладырхәит Аԥсны, Белорус, Киргизиа,  Молдова, Узбекьисҭан, Куба, Венесуела, Африка атәылақәа уҳәа рҟынтәи 500-ҩык инарзынаԥшуа ашкол аушьҭымҭацәа.  2026 шықәсазы ари аныҳәахь убасҵәҟьа ааԥхьара роуеит еиуеиԥшым атәылақәа рҟынтәи ахәыҷқәа, Аԥснытәи аушьҭымҭацәагьы уахь иналаҵаны.  

 Аԥснытәи аҿар рызҵаарақәа аиҳарак аҵараиурҭақәа рҿы аҵара иадҳәалахеит. Алеқсандр Беглов еиҭеиҳәеит Аԥснытәи ахәыҷқәа Урыстәылатәи Афедерациа анапхгара аквота ала Петербург иҟоу аҵараиурҭақәа ирҭалар шалшо. Уи азы Урыстәыла аҵарадырреи анаукеи Рминистрра асаит ахь аҭалара шықәсык шагу азыҳәамҭа дәықәҵатәуп ҳәа иазгәеиҭеит.

«Ҳара ҳҽазаҳшәеит Санкт-Петербургҟа шәвизит аиашазы иухамышҭуа ҭаараны иҟаларц, иҿыцу адыррақәеи ацәаныррақәеи шәынаҭарц, хра злоу аимадарақәеи аԥхара зҵоу агәалашәарақәеи шәзыннажьырц азы иҳалшоз зегьы ҟаҳҵеит», -  иҳәеит Алеқсандр Беглов.

Арҵаҩцәеи аҵаҩцәеи агубернатор иҭабуп ҳәа иарҳәеит аԥхара зҵоу адкыларазы, инарҭбаау, акыр аинтерес зҵоу апрограмма азы, иара убас Петербург ақалақь абаразы ирзаԥҵаз алшара шьахә азы.

 Агубернатор ахәыҷқәа иҭабуп ҳәа реиҳәеит Санкт-Петербург ахь  ирымоу аинтерес азы, ирзеиӷьаишьеит аҵараҿы ақәҿиарақәеи рнапы зларкуа аусқәа зегьы рҿы аманшәалареи.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me