В.Г. Арӡынба ихьӡ зху жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза «Аҟәа» арҿиаратә еицлабра «Аҟәа амҵәыжәҩақәа: аиҩызара ацҳа» захьӡу алахәхаразы азыҳәақәа рыдкылара иалагеит.
Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәбеи Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҳақьымцәа агемодиализ аҟәша аиҳабы - Ирина Андреевеи аҳақьым–анефролог Марҭа Ҳаразиеи - агемодиализ аҟәша ачымазаҩцәа аҷаҷақәа атрансплантациа рзура алыршара иалацәажәеит.
Асҭамыр Аргәын Самара ақалақьтә округ ахаҭарнакцәа дырԥылеит гәдоуҭатәи аԥшаҳәа аиҭашьақәыргылара азҵааразы.
Аицлабра мҩаԥысуан Краснодар, хәажәкырамза 21-22 рзы.
Афон Ҿыц адепутатцәа реизара ахантәаҩы Азамаҭ Чуаз Пицундеи Афон Ҿыци рбиуџьеттә шьақәгылашьа аиӷьтәразы аԥшьгара ахҳәаа ҟаиҵеит «Аԥсныпресс» аинтервиу анаиҭоз.
Аԥсныпресс аинтервиу аҭо ақалақь ахада Рустам Агрба еиҭеиҳәеит афинанстә хьыԥшымра аҵак ду шамоу. 2026 шықәсазы ақалақьтә биуџьет иартәоит 56 млн мааҭ.
Апоет аҵыхәтәантәи имҩахь инаскьагара инеит аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба, аԥыза-министр Владимир Делба, атәыла анапхгара, Жәлар Реизара адепутатцәа, арҿиаратәи аҭҵаарадырратәи интеллигенциа рхаҭарнакцәа, аполитикатәи ауаажәларратәи усзуҩцәа.
Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба жәларбжьаратәи аекономикатә форум «Аԥсны уаҵәтәи амш азы аинвестициақәа» азырхиареи амҩаԥгареи рзы Аиҿкааратә еилакы аилатәара мҩаԥигеит.
Асҭамыр Кациа иаҭаразы аусԥҟа инапы аҵаиҩит Аахыҵ Уаԥстәыла Ахада Алан Гаглоев.
Аԥыза-министр Владимир Делба аусуратә еилацәажәара мҩаԥигеит, уаҟа ирыхәаԥшын ақыҭа школқәа рҿы арҵаҩцәа адгылара рыҭаразы аҳәынҭқарра ахада идҵақәа рынагӡара азҵаарақәа.