Ҷыдала хшыҩзышьҭра ду аҭоуп аибашьратәи амобилизациатәи зырхиара аҩаӡара ашьҭыхра, Арбџьар мчқәа, амчратә еилазаарақәа, аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рыбжьара напхагараҭареи аусеицуреи рсистема аиӷьтәра.
Азеиԥш зыҟаҵарақәеи ашьцыларақәеи
Адҵаҟаҵаҩ хада адҵа ҟаиҵеит 2026 шықәса аҩныҵҟала Арбџьар мчқәа напхгара рыҭара иазку аштабтә зыҟаҵарақәа рымҩаԥгара ишиашоу агрессиа ашәарҭа аныҟоу аамҭазы, аибашьраан, аҵакырадгьыл хыхьчара амҩаԥгараан. Иара убас рнапы ианҵоуп адҵаҟаҵара-штабтә ҵара амҩаԥгара агәыԥтә архәҭакәа алархәны.
Арбџьар мчқәа Рыдҵаҟаҵаҩ хада, Арбџьар мчқәа Аштаб хада анапхгара рыдҵала иалагалахоит атәыла ашәарҭадара алыршара азырхиареи иҷыдоу аҭагылазаашьақәа раан аҳәынҭқарратә еилазаарақәа русеицура иазынархоу аусбарҭабжьаратә зыҟаҵарақәа.
Аҵакырадгьылтә хыхьчареи азанааҭтә зыҟаҵареи
Гәынба Бадра адҵа ҟаиҵеит дасу изызку ала ауснагӡатәқәа хымԥада рынагӡара алыршара иазынархоу амчқәа разыҟаҵареи аҵакырадгьылтә хыхьчареи рхархәагақәа иҷыдоу рформақәа разԥхьагәаҭаразы.
Иара убас Адҵаҟаҵаҩ хада адҵа ҟаиҵеит Атәылахьчара аминистрреи Аштаб хадеи иоперативтәу аилазаара рзанааҭ-маҵзуратә зыҟаҵара ацҵаразы аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи амчратә еилазаарақәеи рмаҵзурауаа радԥхьаларала.
Рнапы ианҵоуп аоперативтә-тактикатә зыҟаҵарақәа рымҩаԥгара агәыԥтә архәҭакәа алархәны, Адҵаҟаҵаҩ хада хаҭала иахылаԥшрала.
Амобилизациатә зыҟаҵара
2026-тәи аҵарашықәс азы амобилизациатә зыҟаҵара уснагӡатә хаданы иарбоуп аҳәынҭқарратә напхгараҭара ихадоуи аҭыԥантәии аусбарҭақәеи Арбџьар мчқәеи ҳәоуеиқшәарала русеицура амобилизациатә зыҟаҵареи амобилизациеи рызҵаарақәа рыла.
Гәынба Бадра Гунба ҷыдала араионқәеи Аҟәа ақалақьи радминистрациақәа рыхшыҩ азишьҭит дасу хаҭала ирыду аҭакԥхықәра ирыду арратә маҵзурахьы аапхьара аиҿкаареи амобилизациатә уснагӡатәқәа рынагӡареи рзы.
Адҵаҟаҵаҩ хада идҵала амобилизациатә зыҟаҵараҟны ихадоу амчқәа азкызароуп Ареспубликеи уи араионқәеи рыҟны арра-економикатәи амоблилизациатәи лшарақәа рыҭҵаареи раҳасаббареи, амобилизациа азыҟаҵареи амҩаԥгареи, аҵакырадгьылтә хыхьчара ауснагӡатәқәа рыӡбареи раан Арбџьар мчқәа рзы урҭ рхархәара, иара убас аҭыԥантәи анапхгаратә усбарҭақәеи, Арбџьар мчқәеи, амчратә еилазаарақәеи русеицура.
Амобилизациатә зыҟаҵарақәа шьаҭас ирымоуп аштабқәеи арратә комиссариатқәеи разыҟаҵара ашьҭыхреи Арбџьар мчқәа имобилизациатә еиҿкаара напхгара аҭаразы урҭ русура аиқәшәареи.
Адҵаҟаҵаҩ хада адҵа ҟаиҵеит адҵаҟаҵара-штабтә мобилизациатә зыҟаҵарақәеи аштабтә зыҟаҵарақәеи рымҩаԥгаразы ар аҭынч ԥсҭазаараҟнытә аибашьратә ашҟа риагаразы.
Аибашьратә зыҟаҵара
Адҵаҟаҵаҩ хада 2026-тәи аҵарашықәсазы уснагӡатә хаданы иаликааит ар разыҟаҵара асистема аԥҵара хықәкыс ирзықәгылоу азы ауснагӡатәқәа рынагӡара разырхиара алыршара иазку.
Гәынба Бадра рнапы ианиҵеит аибашьратә зыҟаҵара азԥхьагәаҭара амҩаԥгара ҳаамҭазтәи аҭагылазаашьақәа раан аибашьратә хҭысқәа рымҩаԥгашьақәа рыԥсахра ҳасаб азурала.
Ҷыдала хшыҩзышьҭра аҭоуп ар разыҟаҵара аформақәа реиӷьтәра, арҵаратәи аматериал-техникатә база арҿиара, разыҟаҵара арццакреи алҵшәамазаареи, хаҭалатәи аилазаареи аиҵахәҭақәеи реиқәшәара. Хазы адҵа ҟаҵоуп адҵаҟаҵаҩцәа еиҵбацәа, аоператорцәа, ԥырҩыда аԥырратә аппаратқәа рзы аԥырҩцәа разыҟаҵара. Арҵара аформа хадақәаны иалкаауп атактикатәи атактикатә-ҷыдатә зыҟаҵарақәа иеиуеиԥшым аҭагылазаашьақәа раан, ҽынлагьы уахынлагьы.
Агәаҭареи аихшьалақәа рыҟаҵареи
Адҵаҟаҵаҩ хада Аштаб хада анапы ианиҵеит азыҟаҵарақәа зегьы реихшьалақәа рыла ажәахәқәа разырхиара, алҵшәақәа рыхәшьарақәеи, ицәырҵыз ауадҩарақәеи урҭ раԥыхразы ажәалагалақәеи арбаны. Аҵарашықәс ахыркәшара ашьҭахь Аштаб хада Адҵаҟаҵаҩ хада иҟны инанагоит Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьар мчқәа разыҟаҵара асистема аиӷьтәреи аибашьратәи мобилизациатәи зыҟаҵара арӷәӷәареи рсистема аиӷьтәра иазку ажәалагалақәа.


