Анаҟәаԥиатәи абааш амаӡа

Ирҳәоит аԥсҭазаара амаӡақәа зегь раасҭа здыруа зқьышықәсала аиреи аԥсреи ирышаҳаҭу ахаҳәқәа роуп ҳәа, урҭ изхаану аҳәара иақәиҭызҭгьы егьа ҳзаадыртрын, аха…

Адгьыл хыхь иқәу раасҭагьы, ҩынтәны еиҳазар акәхап, хаҳәла аԥсабара иачаԥаз, уи аҵаҿтәи аҳҭынрақәа рымаӡа, урҭ рыԥшӡара узыршанхо ланарԥшыраны изыҟоугьы уи азакәхап.
Ауаҩы игәаԥхар, аԥсабара аԥсы ахаҵара шилшо агәра гоуп. Уи аԥсҭазаара иарҵабыргхьеит. Ҳадгьыл ԥшьаҿы зхыԥхьаӡара маҷым аҳаԥқәа, ауаа рылабара иақәиҭхарц аамҭа рацәеи имаҷым аџьабааи ақәырӡтәуп ҳәарада. Анцәа ида шаҳаҭ дызмам «адгьыл аҵаҿтәи аԥсабаратә маӡаҵәахырҭақәа» ашәҭ аӡаӡаҿы ишгәылҵуа аиԥш, иаартхозар акәхап, мышкымзар мышкы, ф-жәашықәсеи бжаки раԥхьа, Анцәа ихазы иалихыз Аԥсынра, ижәытәӡоу аҭоурых ҵаула иаршаҳаҭгоу аҭыԥқәа иреиуоу Анаҟәаԥиатәи ашьха, аҩадахьтәи аҿаҟьала, амшын ақәыԥшыларахьтә 220 м. аҳаракыраҟны, зыбӷьышьҭыбжь гәыԥсыршьагоу, еиуеиԥшым ашәаԥыџьаԥ хкқәа рымҵан, ажәлар акыр аҳәамҭақәа ззыркхьаз, «ҵа змаӡам» ҳәа ахьӡ зырҭахьаз акылҳара ҭазыԥшыхәыз, анаҩс уи аҭааҩцәа аршанхартә аԥсы ахаҵара зыбзоуроу Гиви Смыр иеиԥш, гәыла-ԥсыла аԥсабара иамадоу ауаҩы дақәшәар.
Уаҩ даршанхартә иҟоуп иҵабыргны ҳаԥсадгьыл аԥсабара. Иблахкыгоу уи аԥшӡара иссиру агәалаҟазаара зырҿыхо, зҳәара уадаҩу цәаныррак инамҭарц залшом дарбанызаалак. Аҳауа зҩыда, амшын иаҵәа, ашьха ԥагьақәа, иҿҟьаса иеиԥхныҩуа аӡиасқәа уҳәа, абеиарақәа зегьы ирыҵаҵәахуп маӡак-маӡак. Ишдыру еиԥш, аԥсабара дахәҭакуп ауаҩгьы. Урҭ шеимадоу, ишхеибарҭәаауа аӡәгьы изы имаӡам. Ауаҩытәыҩса аԥсҭазаараҿы дыҟанаҵы имаӡоу ари адунеи ԥишәалароуп. Уи ихшыҩи, игәаӷьреи, илшареи ирыбзоураны ауаажәларра рзы ихырҳагахартә аԥсабара аԥсы ахаҵара шилшогьы еилкаауп.

1988-89-тәи аҵарашықәс анхыркәшахоз, маи мза аҵыхәтәантәи амшқәа руаказы, шықәсык аԥхьа апоет, алитератураҭҵааҩ Владимир Платон-иԥа Анқәаб ихьӡ зхырҵаз, Хәаԥтәи абжьаратә школ, 7-11 аклассқәа рҵаҩцәа, рааӡаҩцәа рыцны иаҭааит Афонҿыцтәи аҳаԥы. Раԥхьаӡа акәны ари аланарԥшыра иаршанхаз сыруаӡәкын арҭ ацәаҳәақәа зыҩуа схаҭагьы. Зегь џьашьатәын араҟа, аҳаԥы аҿышәҭ аҟнытә 1300 м. унаскьазго, иҷыдоу адәыӷба маҷ инаркны улаԥш иҵашәоз иарбанзаалак. Ҳәаа змам угәырӷьара иузнарҵысуа ахәыцрақәа, икеи-кеиуа ажәҩан аҿтәи аеҵәақәа реиԥш, насыԥ-лашаран иухьыӡсо, жәҩангәашәԥхьара узаатызшәа ауп ухы шубо. Сааҭки бжаки аныҟәара иалагӡаны, уи амҩаԥгаҩ Лиудмила Ҭаниа, уажәшьҭа изласеилкаарҭахаз ала шәышықәсабжак раахыс, игәыку лыбжьы хаа ала, аҭааҩцәа аҳаԥы аартра аҭоурыхи, иуникалтәу аҩнуҵҟатәи уи аԥсабареи рыӡбахә далацәажәо, азҿлымҳара ҳаракы рызцәырызго, иаҳзеиҭалҳәоз даара уагәыланахалон. Абраҟа иазгәасҭарц сҭахуп, Лиудмила Кәыҷка-иԥҳа Афонҿыцтәи аҳаԥы раԥхьатәи аныҟәара амҩаԥгаҩцәа, «Аԥсны атуризм аусхк зҽаԥсазтәыз аусзуҩ» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы зыхҵоу: Циала Константин-иԥҳа Лакоиа, Лида Хәымса-иԥҳа Хәарцкьиа, Николаи Сафар-иԥа Шамба дшыруаӡәку. Иара убас, Лиудмила Ҭаниа лоуп аҳаԥы официалла аартра аамҭақәак шагыз, иџьашьахәу ари аланарԥшыра, раԥхьа аԥсуа бызшәа ҩныҩырц, 1975 ш. маи 11 аҽны 107-ҩык аԥсуа быргцәа рзы раԥхьаӡатәи аныҟәара аԥсышәала имҩаԥызгазгьы.
Ашколхәыҷқәа ҳзы Лиудмила Ҭаниа «лажәабжьеиҭаҳәара» хацлыркит, 1961 ш. рзы 16 ш. ирҭагылаз аҭыԥантәи арԥыс Смыр Гиви, икыду аиаҳәа иеиԥшха, ацаҟьа кнаҳақәа ирыбжьысуа акылҳара ала, ашаха иҽанҵаны 35 метра дшылбааз. Уи заҳауаз арԥарцәақәак усҟан иабаадыруаз, даҽа хышықәса рнаҩс, аԥсадгьыл ахьчаразы ҳаидызкылаз архәҭа ԥызас дшаиуаз уажә зыӡбахә ҳаҳаз, агәаӷьреи агәымшәареи злаз ауаҩ. Аха… акалашәа ишами адунеи?!
Имариоу ҳәа акагьы ыҟам ари аԥсҭазаараҿы, игәаҵан ихьухьууа деимыздоз, иҿымцәауа цәашьҵас игәыӷра мырӡкәа, адгьыл аҵаҿтәи адунеи маӡа аҭҵаара абас иҽазикит, згәаҭеи зыхшыҩи еицрымшәоз, Анаҟәаԥиа амҵан изызҳауаз арԥыс қәыԥш. Зеиԥшҟамло егьыҟам! Иара ари ашықәсан Вахушти ихьӡ зхыз агеографиа Қырҭтәылатәи аинститут, аспелеологцәа: А. Окроџьанашьвили, Б.Гергедава, З.Тинтилозов дрыцны, 139 метра аҵаулараҿы 18 сааҭ инарзынаԥшуа иҭарыԥшыхәт аҳаԥы, аха уи азхомызт. Аҩбатәи аекспедициа мҩаԥган 1963 ш. рзы. Жәохә мшы имҩаԥысуаз, 1964 ш. рзы, ахԥатәи инеизакны 105 сааҭ зымҽхазкыз аԥшыхәра-ҭҵааратә усмҩаԥгатәқәагьы иахьынӡақәнагаз алҵшәақәа рзаамырԥшит. Уби аҟнытә, 1967-1974 шықәсқәа раан инеиԥынкыланы аусурақәа мҩаԥысуан. Аҵаулареи аҭбаареи рымҽхаки, аҩнуҵҟатәи аԥсабаратә ҭагылазаашьақәеи рыла, адунеи аҟны зыӡбахә рылаҵәахьоу Словениа иҟоу – Шкоционтәи, Америка – Карлсбадтәи акала ирыҵамхо Афонҿыцтәи аҳаԥы аартын ииуль 4, 1975 ш. рзы. Москвеи Қырҭтәылеи, Аԥсни реиҳабырақәа рхаҭарнакцәа рыла ишьақәгылаз, аҳаԥы аҭааҩцәа раԥхьатәи агәыԥ рзы аныҟәара мҩаԥылгеит, сынтәа аҳаԥы ақәраныҳәа аназгәарҭоз, ииуль 4 аҽны аҵыхәтәантәи лымҩаԥгарала зусура хзыркәшаз Лида Хәымса-иԥҳа Хәарцкиа.

Аԥсуа доуҳатә дунеи аилкаараҿы иҷыдоу аҭыԥ аанызкыло, аԥсадгьыл ахьчаҩцәа ԥхьагылацәа ируаӡәкыз Гиви Смыр, аԥсабарахь имаз агәыбылра ихәыҷраҟнытә иаауан. Уи дызҟәырҷахаз, еснагь зыҟны дыҟаз аԥсабареи иареи ахаангьы рыгәқәа еихшәомызт. Зегь рбызшәа иаҳауан, еиликаауан, дрымҵахырхәо драцәажәаҩын ашәаԥыџьаԥ, ахаҳәқәа, ашәҭқәа, драхәыҭхәыҭуан дыззыӡырҩуаз акәараҷҷақәеи, аӡиасқәеи, дырҩызан амзеи аеҵәақәеи, сааҭла урҭ дырзыԥшуа, иареи дареи ргәы ԥибамҵәаӡо еилибакаалар рылшон. Ажәакала, ҳаамҭазтәи ауаҩы ибзазара иашьаҭоу, аха есааира дызцәыхарахо аԥсабара дахәҭа иашан иҵабыргны. Ус аҟазаара аӡәгьы идиҵомызт, Ҳазшаз иҟнытә иара ихатә гәаԥхара акәын уи. Араҟа иҳәоу ахшыҩҵак даҽазныкгьы ишьақәдырӷәӷәоит, жәашықәсақәак раԥхьа аԥсҭазаара џьбара ҳажәлар зҭанаргылаз аибашьра аамҭақәа рзы, арԥызаҩны Гәымсҭатәи ахырӷәӷәарҭатә цәаҳәаҿы иҟазаара аантәи аҭагылазаашьақәагьы.
1992-1993 ш.ш. рзтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аан, имаҷҩым Афонҿыцтәи аҳаԥы аусзуҩцәа рахьтә шәақьымцала аԥсадгьыл зыхьчоз. Урҭ рахьтә рыԥсы цқьақәа ахҭнырҵеит хә-ҩык: Ахбиук ахақәиҭтәраан дҭахеит 49 ш. зхыҵуаз Вадим Аҩӡба, аиааира амш далагәырӷьарц жәамш роуп изымхаз Игор Габуниа, ахәра зауз иҩыза дшеиқәирхоз ахыршә ԥҽыха иԥсҭазаара ҿахнаҵәеит Валери Коваль, марттәи ажәылара иалаӡит 33 ш. ирҭагылаз Валери Аргәыни, ҩажәа шықәса рышьҭахь зыԥсыбаҩ ԥшааз Алеқсандр Гудники. Урҭ зегьы рыхь­ӡала, аҳаԥы аиубилеитә усмҩаԥгатәқәа ирыхәҭакны, Ахьӡ-аԥша ақалақьтә баҳчаҟны еиуеиԥшым аҵла хкқәа еиҭаҳан.
Хәаԥтәи ашколхәыҷқәа ахаҳәтә ӡхыҽҽеи, 25 метра иҵаулоу аӡиа «Анатолиеи» аԥсабаратә џьа­шьахәы аартҩы «аҳҭынрахьы» дызлалбааз акылҳара ахьынтәубарҭоу, адгьылқәыԥшыларахьтә 135 метра алаҟәыраҟны иҟоу «ауада еиҵых» – азал «Анаҟәаԥиа» аҟнытә, ҳамҩа иацаҳҵеит, аныҟәарақәа ишьақәырӷәӷәоу рзеиԥш хырхарҭа инақәыршәаны. Анаҩстәи, аура ала егьырҭ иреиҳау – 260 метра инаӡо «Амҳаџьырқәа рзал» аҟны, «Белаиа гора» ҳәа изышьҭоу, зыхә ҳараку адгьылҵхтәқәа ируаку акальциттә шәыгәра, ҳаҩсны аҩнуҵҟатәи аӡиақәа рахьтә еиҳа илаҟәу «Безымианное» ахьубарҭоу, аҳаԥы азалқәа зегь раасҭа иахьҭынчроу ҳәа иԥхьаӡоу «Нарҭаа» ҳныҩналеит. Араҟа, адгьыл аҵантәи аҳҭынраҿы ҳныҟәара амҩабжа злакәыз ала, ҳамҩаԥгаҩ иҳалҭаз минуҭқәак аԥсеиҭакра ашьҭахь иацаҳҵеит ҳланарԥшыра ахарҭәаара. Ԥшшәы хкыла убла хызкуа, шәкы иреиҳау астологмитқәа рыла иҩычоу азал «Аҩхаа» ааныжьны, зыбжьаныҩра угәаҵанӡа инаӡо, асовет аамҭақәа раан еиԥш, уи ашьҭахьгьы концерттә зал ҳасабла ахархәара змаз «Аԥхьарца» уныҩналоит. Уи ауреи аҭбаареи 2345 метр ԥшьыркца ҭаӡоит, араҟа изныкымкәа аҭааҩцәа дыршанхахьеит аҳәынҭқарратә хортә капелла артистцәа. Аха, 2010 ш. раахыс. аҳаԥы аартҩы 2004 -2018 ш.ш. рзы адиректорс аус зуаз Гиви Смыр иажәалагала ала аконцертқәа рымҩаԥгара « Аԥхьараца» аҟнытә ииаган, уи азы еиҳа иманшәалоу ҳәа азԥхьагәаҭаны, 97 мет. иҳараку «Аспелеологцәа рзал» ашҟа. Амала, еиуеиԥшым аҭагылазаашьақәа ирыхҟьаны аҵыхәтәантәи ажәашықәса иазынкылан урҭ. Сынтәа аиубилеитә шықәсхыҵра инамаданы еиҭахацаркхеит, хыԥхьаӡара рацәала аҭааҩцәа здызыԥхьало аҳәынҭқарратә хортә капелла еиԥш, Р. Гәымба ихьӡ зху аҳәынҭқарратә филормониа ахкынагӡаҩцәеи, еицырдыруа ауарӷан арҳәаҩы Лука Гаделиеи уҳәа рықәгыларақәа. «Аҳҭынра ҳаҭазаара» хҳаркәшон аныҟәаратә хырхарҭаҟны иҵыхәтәантәиу – афбатәи азал «Аԥсны» ааныжьуа. Араҟа уамашәа иумбарц залшом 20 метра иҳараку «икамҭәо» аӡылбааҽҽа. Иара убас, абраҟа ауп, иҳаҩсыз ашәышықәса 80-тәи ашықәсқәа рылагамҭазы, асахьаркыратә фильм «Приключения Тома Соиера и Гекельберри Финна» ахәҭақәак ахьҭыху. Насгьы, аурыс шәҟәыҩҩы Дмитри Ермаков ироман «Метро 2033: «Слепцы» асиужет ари аҳаԥы аҟноуп иахьымҩаԥысуа.
Агәыԥ ҳзеиԥш фотосахьа аицҭыхрала инҳажьит Анаҟәаԥиатәи абааш иамаӡоу аҭыԥ џьашьахәы. Уздызыԥхьало, еснагь ах­ын­ҳәрахьы иуԥхьо, туристтә ҭыԥ мацарам Афонҿыцтәи аҳаԥы, уи убасгьы даараӡа зҵазкуа, аҭыԥантәиқәа рнаҩс аҳәаанырцәтәи аҵарауаагьы ирыҭҵаарадырратә ҭыԥ хадоуп.

Араҟа иааиԥмырҟьаӡакәа Урыстәылатәи аҵарауаа рыдгыларала имҩаԥысуеит аекологиатә мониторингқәа, убасгьы аҳаԥы аҩнуҵҟатәи аԥсабара аиқәырхара иазынархоу аусурақәа нарыгӡоит ԥымкрада. Агәаҭаратә- ҭҵааратә усурақәа еиҳараӡак иахьымҩаԥысуа «Агелектиттә» зал аҟноуп. Уахь аныҟәаҩцәа ирымҩахыҵырҭам.
Зҵакыра миллион метра ԥшьаркца ҭаӡо аҳҭынра ссир аҟны аҭааҩ дыдмыршынхарц залшом: асталактитқәа, асталагмитқәа, асталагнатқәа реиԥш, ахаҳәтә шәҭқәа, амаҽахәтә сахьанҵақәа, акораллитқәеи аоалитқәеи уҳәа, шәкыла убла хызкуа, зқьышықәсала изхыҵуа еиуеиԥшым аминералтә цәырҵрақәа.
Иаҳбаз- иҳаҳаз зегьы даара џьашьахәыс иҟаҵо, урҭ аамҭақәа рзы, ҳқыҭа маҷк иҩахыкны, аԥсҭа уахьҩыҵало, ажәлар рҟны «Ҳаԥкылҵәа» ҳәа изышьҭоу, ҵарадырратә бызшәала «Мачагәа иҳаԥы» ҳәа зыхьӡхаз, раԥхьатәи ауаҩы– «неондертальец» иаанҽасырҭа ҳәа ирыԥхьаӡо аҭыԥ аҟны, Аԥсны Афырхаҵа Мушьни Хәарцкьиа инапхгарала, Аԥсни Урыстәылеи рҵарауаа еицызлахәны имҩаԥысуаз археологиатә усурақәа рахь ҳазҿлымҳара еиҳагьы иҳаракхеит. Урҭ аԥхын аҽеиҩшамҭа инаркны изламҩаԥыргоз ала, ҳаԥсадгьыл аҭоурыхтә беиара ҳазыгәдуа, ԥыҭҩык уаҟа аԥшараатә жрақәа ҳхы рылаҳархәуан цхырааҩцәаны. Ашкол аҿы ҳарҵаҩцәа иаҳзеиҭарҳәоз ҳашьамдгьыл аҭоурых иҵегь ирҵауло, уи ахь ҳабзиабара ҩбанатәуан Мушьни Хәарцкьиа, Даур Амқәаб... уҳәа реԥш , аекспедициа иалахәыз аҵеицәа хьӡырҳәгақәа аӡәырҩы рҟынтә иҳаҳауаз ажәабжьқәа.
Иҟалап аамҭа иалнаршазҭгьы , шықәсқәак рнаҩс, ҳаԥсадгьыл аҭааҩцәа зыршанхоз аҭыԥқәа ируакхозҭгьы Ҳаԥкылҵәа– Мачагәа иҳаԥы, аха, ажәаҟны ишырҳәо еиԥш , «уара иуӡбо Анцәа иуциӡбозароуп»!?. Хараӡак имгакәа аԥсҭазаара џьб­а­ра даҽа хырхарҭак шьҭнахит... Аибашьра!!!
Иҵыхәаԥҵәарадоуп аспелеологиа аганахьала Аԥсны абеиара. Уи дырҵабыргуеит ҳтәыла аҵакыраҟны, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы, аҵарауаа иаадырԥшхьоу, иҵаулаӡоу ҳәа иԥхьаӡоу, зыҩнуҵаҟатә еиҿкаашьагьы ланарԥшыра ссирӡоу ԥшь- ҳаԥык: Гагратәи ашьхеибаркыра иахәҭакны, Арбаика иҟоу – «Веревкин иҳаԥы» (2223 м. ), «Ӡоу» (Крубера; Ворониа – 2224 м.), «Сарма аҳаԥы» (1830 м.). Иара убас Бзыԥтәи ашьхеибаркыра иатәу – «Ҳаԥкылҵәа– Снежнаиа» (1760 м.).
Сажәа хыркәшо абраҟа иаазгарц сҭахуп, сынтәа 50 ш. ахыҵра азгәаҳҭо Афонҿыцтәи аҳаԥы аартҩы Гиви Смыр: « Ҳара адунеи ҳаԥсахуеит, аха уи акәым ихадоу, иҳашьҭанеиуа аҿар ирзынҳажьуа ауп хадара злоу» ҳәа лассы- лассы ииҳәалоз иажәақәа. Ҵабыргны, ирацәаӡоуп Гиви Шамел-иԥа анаҩстәи абиԥарақәа ирзынижьыз, уи зыхә узымшьо адоуҳатә мазара, хдырра ҵаулала, блаҷыцны еиҷаҳарыла аихаҳара ауп ихадароу.
Аԥсуа доуҳа аҭоурых наӡаӡа иу­заҟәымҭхо, иӷәӷәаӡа, ҩашьара ақәымкә ишьҭа аанижьит Гиви Смыр, ус егьаанхоит уи азқьышықәсақәа ирықәланы.

Ахра Анқәаб

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me