Аиҩызареи аҵарадырратә аԥшьгамҭақәеи

Аԥсны Аминистрцәа Реилазаараҿы имҩаԥысит амуниципалтә еиҿкаарақәа рырҿиара ацхыраара Афонд «Атомтә фымцасстанциақәа ахьыҟоу аҵакырақәа Рассоциациа» инарҭбаау аилатәара.

Аԥсны Аԥыза-министр Владимир Делба иаҵишьит аԥхьаҟа аусеицура астратегиатә ҵакы шамоу.

«Афонд аҵакырадгьылқәа рсоциалтә, рекономикатә рҿиара, аԥсҭазаара ахаҭабзиара аиӷьтәра иазку, зымҽхак ҭбаау апроектқәеи апрограммақәеи аԥсҭазаараҿы рынагӡара алзыршауа аусеицура амҩақәа ируакуп», – иазгәеиҭеит Делба.

Уи лымкаала иаликааит абри аформат аҷыдара, жәлар рдипломатиа ишацхраауа, Аҳәынҭкорпорациа «Росатом» аус ацызуа арегионқәеи ақалақьқәеи рыбжьара аԥышәа аимдаразы ҭыԥны ишыҟоу.

 Делба иргәалаиршәеит Афонди Аԥсни акыр шықәса раахыс хырҳарала аус шеицыруа, иаҵишьит хшыҩзышьҭра ҷыда шырзыруа абиԥара ҿа, урҭ рылшарамчқәа реихаҳара, ахәыҷқәеи аҿари рбаҩхатәра ацәыргара. Ҿырԥштәык аҳасабала иааигеит «Атом классқәа» хәба раартреи «Акультура адгьылҵакыра» ҳәа ахәыҷтәы рҿиаратә проектқәа реиҿкаареи.

Аконцерн «Росенергоатом» акорпоративтә функциақәа рзы адиректор хада Џьумбер Тҟьебучаа ишьақәирӷәӷәеит аилахәыра аусура шазку Урыстәыла аинтересқәа рырӷәӷәара, аиҩызаратә тәылақәа рҟны аусеицура арҿиара, ҷыдала иаликааит Аԥсны.

Уи хшыҩзышьҭра аиҭеит асоветтә атомтә усхк ашьақәгылараҿы Аԥсны аҭоурыхтә лагаламҭа.

«Аԥсны алагаламҭа ду ҟанаҵеит иахьагьы ҳхы агәра ҳгартә, ҳаԥсҭазаара шәарҭара ацымкәа иҟазҵо абџьар ирласны аԥҵараҿы», – иҳәеит иара.

Аҵара аминистр Хана Гәынба илҳәеит «Атом классқәа» хәба аус шыруа. Дгәыӷуеит аԥсабара-ҭҵаарадырратә маҭәарқәа рахь ахәыҷқәа аинтерес рызцәырызгауа апрограммақәа рымҽхак ҭбаахап ҳәа.

Афонд ахантәаҩы Андреи Захарцев иазгәеиҭеит иуадаҩӡоу атехникатә уснгаӡатәқәа аԥыжәара шрымоугьы, аҵареи, акультуреи, аспорти рганахьала абиԥара ҿа аус рыдулара атомтә усхк азы иаҵанакуа шмаҷым.

Акультура аминистр Даур Ақаҩба иҳәеит акультуратә ҭынха аиқәырхара аганахьала атәылаҿы активла аус шыруа.

Аҵак ҷыда амоуп «Росатоми» Афонди рсоциатә усеицура.

Аԥсны инарыгӡоит акультуратә программақәа, убрахь иналаҵаны афестивальқәа, абаҟақәа реиҭашьақәыргылара уҳәа егьырҭгьы. Ақаҩба игәаанагарала, акультуратә проектқәа рырҿиара – аҭоурыхтә гәалашәара аиқәырхара, амилаҭ ракзаара арӷәӷәара, аинвестициақәа радыԥхьалара ауп.

Аилатәара инақәыршәаны «Урыстәыла атомтә усхк – 80 шықәса» амедал  ранашьан. Уи роуит Аԥыза-министр Владимир Делба, акультура аминистр Даур Ақаҩба, Аҟәатәи афизика-техникатә институт адиректор Анатоли Марколиа, Аԥснытәи аҳәынҭуниверситет аректор Алеко Гәарамиа, Гагра ақалақь ахадара аиҳабы Иури Ҳагәышь.

Иара убас аусеицуразы, аиашьаратә еимадарақәа рзы ашәҟәқәа рнапы рыҵарҩуп.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me