Аҟәа, Аинрал Г. Агрба имҩаду аҿы, академик Маргарита Ладариа дахьынхоз аҩнаҟны амемориалтә ӷәы аадыртит

Маргарита Глеб-иԥҳа Ладариа (1925-2017) – иналукааша аҵарауаҩ, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет апрофессор, Аԥсны анаукақәа Ракадемиа академик, аурыс, афранцуз, аԥсуа литературақәа ирызку инарҭбаау аҭҵаарадырратә усумҭақәа равтор.

Амемориалтә ӷәы аартра ацеремониа рхы аладырхәит ААУ арҵаҩцәеи астудентцәеи, Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи ашәҟәыҩҩцәа Рассоциациеи рхаҭарнакцәа, Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиеи Аҟәатәи иаарту аинститути русзуҩцәа.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me