Традициала, есышықәсеиԥш сынтәагьы уи рԥшӡагас ахәмаргақәа ракәӡам иарҭаз, уи дырхиеит ақьаад иалху апҟақәа рыла. Ақьаад иануп агәыҳалалратә фонд «Ашанеи» агәыҳалалра уаажәларратә фонд «Кьарази» рнапаҵаҟа иҟоу ахәыҷқәа ргәазыҳәарақәа. Акциа аҽалархәразы агәазыҳәара зну апҟа гатәуп, уаҟа иарбо аҳамҭа аахәаны афондқәа руак аофис аҿы ишьҭаҵатәуп.
Ауаажәларра гәыҳалалратә еиҿкаара «Кьараз» аԥҵаҩцәа руаӡәк Камма Гоԥиа илҳәеит, сынтәа 500 инареиҳаны ахәыҷқәа рысалам шәҟәқәа шеизго. Лара лажәақәа рыла, ахәыҷқәа ргәы хыҭ-хыҭуа агәазыҳәарақәа алырхит, аҳамҭақәа ирзыԥшуп.
Ԥхынҷкәынмза 23 рзы астанциа «Гәыма» аҿы афондқәа рнапы аҵаҟа иҟоу ахәыҷқәа аҳамҭақәа рыҭахоит.
Ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы аҭакԥхықәра зду, Акультура гәыҳалалратә фонд «Ашана» анапхгаҩы Мактина Џьынџьал иазгәалҭеит, акциа ахәыҷқәа агәырӷьара ду шырзаанаго. Илҳәеит ари акциа «еицаҳзеиԥшу ашықәс ҿыц аламҭалазтәи аџьашьахәы» ауп ҳәа.
Аплатформа «Гәыма» анапхгаҩы Хьыбла Возба иазгәалҭеит, аиԥш-зеиԥшу «агәазыҳәарақәа рыԥсаӡ» Очамчыратәии Гагратәии араионқәа рхадарақәа рҿы ишыргыло, иахьазы аҩыџьарагьы 50 рҟынӡа ақьаад иалху апҟақәа шроухьоу.
Ҩышықәса ирылагӡаны Аԥсны ауааԥсыра инарыгӡеит 670-ҩык ахәыҷқәа ргәазыҳәарақәа. Аиҿкааҩцәа агәыӷра рымоуп сынтәагьы ахәыҷқәа ргәазыҳәарақәа зегьы нагӡахап ҳәа.


