Аԥшьбатәи акласс аҟны дантәаз инаркны аспорт аҿы иааирԥшуаз аихьӡарақәа гәаҭаны, зхы иақәиҭу аиқәԥара ахь дрышьҭит. Аҿар рааӡараҿы, зџьабаа дуу Ӡыкә Мамед-иԥа Бениа напы идикылеит, игәыԥ ахь днеигеит. Качубеи ажәабатәи акласс аҿы дантәаз Аԥсни уи анҭыҵи дырдыруа ихьӡ рҳәахьан.
Араион, Аԥсны, нас Қарҭ иара икапан иаҵанакуаз, зхы иақәиҭу ақәԥараҿы аиааирақәеи аԥхьахәқәеи игон. Ашкол дышҭаз Қырҭтәыла дачемпионхеит. Аспорт адунеи аҟны уи иҷыдоу ихатә ҭыԥ ааникылеит. 1992-1994 ш.ш. раан Качубеи Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет Апрезидиум Ахантәаҩы ишәарҭадара ахьчара аусбарҭахь аусура диаган. 1994 ш. Аԥсны Аҳәынҭқарра ашәарҭадара аиҳабы ихаҭыԥуаҩс даҭан. 1996 ш. Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьчара аиҳабы иусқәа назыгӡо (аамҭала) ҳәа дшьақәырӷәӷәан.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада В. Арӡынба Владислав Григори-иԥа Иусԥҟала (1997 ш.рзы ) Чкок Качубеи Георги-иԥа Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада ишәарҭадара ахьчара аиҳабыс днарышьҭуеит.
Качубеи аԥсуа қыҭа иааӡаз Жәандәрыԥшԥьтәи абжьаратә школ аҟны абаҩрҵәыра аҵатәхәқәа риҭон. Уи аамҭазы Гәдоуҭатәи аспорттә школ аҿы ахы иақәиҭны аиқәԥаразы аҿар азыҟаиҵон. Инапы злакыз аҿар аспорт адунеи ду амҩа иахьаниҵоз иара изы ԥсҭазаара дуӡӡан. 1990-тәи ашықәсқәа раан Аԥсны аиҳабыра Рыҩны ахылаԥшра идыргалеит. Уаҟа Аԥсны Раԥхьатәи Ахада В. Арӡынба ишәарҭадара ахьчара аиҳабыс диаргоит.
Качубеи аҿар рҿы аусуреи, аҵаҩцәа аспорт ахь ршьаҿақәа реихгареи, аиааирақәа дыргареи рзы иус аџьабаа дуӡӡа ацын. Инапы злакыз аус даара бзиа ибон, аспорт игәы шазыбылуазгьы иусура аанижьуеит. Уи ахҭыс игәаларшәо, Качубеи ус иҳәеит:
– Сара сзы уи даараӡа акраҵанакуан, иацыз аҭакԥхықәрагьы еилыскаауан. Ҳаҭыр дула аус сыдыскылеит… Ахаан исхашҭуам, саныныҩнала, Владислав Григори-иԥа ашырҳәа дҩагылан, дысԥылеит. Дсацәажәеит. Ииҳәаз иажәақәа раӡан. Дызлацәажәоз зегьы игәаҵантәи иаауан. Сахьыныҩналаз иуадаҿы иҟан:
– Кчач Алик, Чамагәуа Анатоли, Бганба Витали, Жулев Владимир. Еицыз зегьы еиҳабыс Бганба Витали дҳаман. Сара аофицер еиҳабыс сыҟан…
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалага, аԥсуа жәлар баагәараны рыԥсадгьыл ахьчаразы игылеит.
Владислав Григори-иԥа шаҟа уизхәыцуа, убри аҟара дҵаулоуп, дҳаракуп… Дахьыҟазаалакгьы, дызҿызаалакгьы зегьы дрылукаауан, духамшҭуа угәаҵаҿы даанхон, иахьагьы уи икадрқәа ирыхәаԥшуа наӡаӡа ргәаҵа иҭазаауеит… Аԥсуа жәлар зыргәамҵуаз азҵаарақәа аартны иҳәон… Хшыҩла иӷәӷәаз, здырра ҵаулаз, Аԥсны-ԥшӡа аԥсуаа ишрыԥсадгьылу, ахатәы бызшәада Аԥсны шзеиқәымхо лассы-лассы далацәажәон.
Качубеи, Владислав Григори-иԥа идҳәалаз ахҭысқәа акакала игәалаиршәон, еиҭеиҳәон. Зны-зынла урҭ ахәыцрақәа рылҵра ицәыуадаҩын.
–Аибашьраҿы ажәылара ианалагалак Владислав Григори-иԥа иҿаԥшылара цәгьан, иуадаҩын. Ихы-иҿы аҽеиҭанакуан, ацәажәарагьы иҭахӡамызт. Дааҟәымҵӡакәан аҭаҭын дахон. Цугуровкатәи ахҭысқәа аиҳабацәа ибзиаӡаны иргәалашәоит. Иҟаиҵаз иҷыдаз адҵала ҳаизигеит: Арӡынба Гемберг, Шамба Сергеи, Арӡынба Дмитри, сара. Даҽаӡәгьы дыҟазшәа сыҟоуп, аха дысгәалашәаӡом. Владислав Григори-иԥа дахьтәаз ҳҩеит.. Ақырҭцәа иааҟәымҵӡакәан ҳархәҭақәа ирылахысуан. Амҩан аҭабиақәа ааныжьны, ихьаҵуаз аԥсуаа рацәаҩны иаҳԥылеит. Уаԥстәылантәи аибашьцәа зхатәгәаԥхарала еибашьра иааз еишьҭагыланы албаара иаҿын. Владислав Григори-иԥа ибжьы ҩҭиган, ус иҳәеит:
– Аԥсуаа, зегьы шәхынҳәы! Абыржәы абри аҳаракыра анҭаҳмырцәы, ахааназ ҳаԥсадгьыл ҳзырхынҳәӡом. Наӡаӡа иаҳцәыӡыр алшоит!
–Нас, – иҳәеит Качубеи, – иҵегь ибжьы ҩеиҵихын: – «Шәхынҳәы» ҳәа адҵа риҭеит. Ауаԥсаа рахь ихы наирхан, ус иҳәеит:
– Шәара шәылбаа! Иҭахаз ыҟоуп шәҳәеит…
– Владислав Григори-иԥа ибжьы аҩхаақәа ирҭыҩуан – Сыԥсы ахьынӡаҭоу, усҟантәи иҿаԥшылара сыбла ихгылазаауеит, исыцзаауеит… Владислав Григори-иԥа ицыз зегьы аштаб ахь ҳалбааит. Уаҟа сааҭк иназынаԥшуа дцәажәон. Акомандирцәеи аибашьцәеи ирџьбараны, ирыӷәӷәаны драцәажәеит. Рыхқәа ларҟәны изыӡырҩуан, ажәак рзымҳәеит. Еицыз адачаҟынтә албаара ианалага, аӷацәа урҭ ирықәкны ахысра иалагеит. Аҭабиаҿы сааҭки бжаки инарзынаԥшуа иҭаиан. Амашьына ианақәтәа илыбаауа ианалага, ахыԥҽыха амашьына изҭатәаз ашә иаахет, икылнажәеит Гемберг ишьапы иацәхасит…
Гәдоуҭаҟа амҩа ишықәыз, Владислав Григори-иԥа абџьар зманы ақалақь иалоу зегьы аштаб аҟны еизыргарц адҵа риҭеит. Аибашьцәа аҭабиақәа аанзыжьыз, Владислав Григори-иԥа дышрацәажәоз авидеонҵамҭа ыҟоуп… Убри ацәажәара амацара, иԥсҭазаара шаҟа шықәса ахнахыз, аӡәыр дазхәыцхьоума?!
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра еилгеит. 1706-ҩык аибашьра адәаҿы иҭахеит. Аибашьра анеилга Гал аҳәаа ахьчараҿы 407-ҩык руалԥшьа анагӡараан рыԥсҭазаарақәа ақәырҵеит. Аԥсуа жәлар рыԥсы еиԥш бзиа ирбоз, аибашьра ҳалызгаз, Аиааира ҳгаразы иӷәӷәарреи ихшыҩ дуи рыла адунеи ирхыџхыџит…
– Аԥсны аибашьра анеилга Е.Шеварднаӡе Аԥсныҟа иаара – иҳәеит Качубеи, – 1994 ш. Урыстәылатәи арбџьар мчқәа рминистр Грачови, иара убас Урыстәылатәи ашәарҭадаратә хеилак аиҳабы Березовскии еиҿыркааит.
Владислав Григори-иԥа Урыстәылантә иааз аделегациа идгыланы иацәажәон. Березовски ибжьы ааҭиган, Владислав Григори-иԥа днеидгылан, ус иҳәеит: – Аиҿцәажәарақәа Бомборатәи аеродром аҟны имҩаԥаагарц агәаҳәара ҳамоуп.
Владислав Григори-иԥа ибжьы ҩҭиган, аҭак ииҭеит:
– Сара, Афонтәи Аҳәынҭқарратә дачаҿы амҩаԥгара шәыдызгалоит. Иақәшаҳаҭхеит. Аиԥылара ацара ишаҿыз, Грачов ажәалагала ҟаиҵеит: «Арӡынбеи Шеварднаӡеи аиҿцәажәарақәа имҩаԥырго, аӡәгьы аламырхәыкәан, рхала еицәажәартә…Зегьы дәылҵит. Аамҭа маҷк цахьан (ашә ывҵраан иҟан), Шеварднаӡе ибжьы игылаз зегьы ираҳауан, ус иҳәеит: – Владислав Григори-иԥа. Ҳара ҳаҩҳәынҭқаррак џьара ҳаицыҟазаауеит, мамзар ҩ-ҳәынҭқаррак аԥаҳҵоит – ҳәа.
Владислав Григори-иԥа деиҵамхаӡакәан, аҭак ҟаиҵеит:
– Ҩ-ҳәынҭқаррак аԥҵатәуп!
Шеварднаӡе ибжьы рдуны, иара ишьҭихыз азҵаара хынтә иҳәеит. Аха, уи аҭак аӡәгьы ианыҟаимҵа, Владислав Григори-иԥа, аҭак ииҭеит.
– Ҳаицәажәара лҵшәадахеит!
1997 ш. Владислав Григори-иԥа Қарҭҟа днарыԥхьеит. Аусура ашьҭахь аҩныҟа иусзуҩцәа дааргеит. – Уаҵәы ашьыжь, Шәачаҟа ҳцоит. Примакови сареи аиԥылара ҳамоуп, –иҳә́ан, аҩныҟа иҿынеихеит.
Ашьыжь еиԥылараны иахьыҟаз, Урыстәыла Апрезидент идачаҿы, асааҭ 11.00 рзы инеит. Примаков ихаҭа дырԥылеит. Аԥсшәа анеибырҳәа дара аҩнуҵҟа иҩналеит. Усҟан Аԥсны Ахада ицын: Арӡынба Гемберги Чкок Качубеии.
– Усҟан, –иҳәеит Качубеи, – ссааҭ сахәаԥшит, 11.30 ыҟан. Гемберги сареи адәаҿы ҳаанхеит. Ҳҽыԥсахуа ашә ҳахьчон, иаҳҷаԥшьон… Хә-сааҭк цеит. Уи аамҭазы Примаков иԥшәмаԥҳәыс хәышәқәак лыманы, иахьтәаз ауадахь даныҩналоз ашә иҵегь саахеит. Ауада аҩнуҵаҟа иҟаз алшара соуит избартә. Лара дышиашаз Владислав дынидгылан, ахәшәқәа илҭеит, ижәит. Ҳаҩналеит, игәы ихьуан, иблахаҵ гьежьуан. Ихаҿсахьала ацәажәара ицоз шыхьамҭаз, ишыӷәӷәаз убарҭан.
Качубеии Гемберги Владислав Григори-иԥа иацәажәартә́ аҭагылазаашьа рмоуӡеит. Иԥшрала еилыркааит акы дшаргәамҵуаз. Ацәажәарақәа цонаҵы Владислав Григори-иԥа хә-ҭоԥк аҭаҭын дахеит. Сааҭыбжак ашьҭахь Аҟәаҟа амҩа иқәлеит.
– Амҩа ҳанықәла, - иҳәеит Качубеи, – ҭынчран, аӡәгьы ҳцәажәаӡомызт. Ешыраҟа ҳааит. Убасҟан, Владислав Григори-иԥа, ус иҳәеит: – Уаҵәы асааҭ жәаба рзы, Бамборантә Примаков ихатәы ҳаирплан ала, Қарҭҟа ҳԥыруеит. Ахәылԥаз ҳхынҳәуеит.
Владислав Григори-иԥеи, Качубеии, Гемберги акыраамҭа ахәыцрақәа рыҽрыҭаны игылан. Аԥсны Ахада «Ҳԥыруеит!» – ҳәа ииҳәаз нагӡатәын.
– Гәдоуҭантә ҳаныԥыр нахыс Владислав Григори-иԥа иеиқәырхаразы иҟасҵашаз сазхәыцуан, схаҿы иааиуаз сыгәҭахәыцрақәа рацәан. Аҵыхәтәан, абас схәыцит: – Шеварднаӡе сидымҵӡакәа ишьҭахь сгылазаарц. Акы иалагар, Шеварднаӡе шасыс дызгарц сҽазыҟасҵеит. Ус ҟасҵар Владислав ихьчаразы еиҳа алшара снаҭон. Усҟан Владислав Григори-иԥеи сареи уажәы-уажәы блала «ҳаицәажәон», ҳаилибакаауан, игәы шҭынчымыз иблақәа ирхызбаалон, аха ихы-иҿы лашарак анубаалон…
Аԥсны цҳаражәҳәаҩыс иҟаз, Лакербаиа Зураб ақырҭцәа иазҵааит: – Владислав дзыхьчо Шеварднаӡе дидымҵӡакәан иааигәа дызгылоузеи? – ҳәа. Зураб, Качубеи ихаҭа диазҵааит: – Ҵакыс иамоузеи ухымҩаԥгашьа? – ҳәа. Качубеи деиҵамхаӡакәа, аҭак ииҭеит.
Владислав Григори-иԥа, Қарҭҟа ааԥхьара шимаз, Қарҭ аҩнуҵаҟа имаӡан. Аӡәгьы издырӡомызт. Примаков даауеит ҳәа акәын аинформациа шрымаз.
Раԥхьа аҳаирплан Примаков дҭыҵит, уи ишьҭахь Владислав Григори-иԥа. Аоператорцәа ркамерақәа дырцәеит, аусура ааныркылеит. Владислав Григори-иԥа уамашәа дбаны ихәаԥшуан. Қарҭ ақалақь агәҭа иалганы, зегьы адачахь иргеит.
Аҭыԥаҿы ианнеи нахыс, ауаа рацәаҩны адача иакәшеит. Шеварднаӡе аӡәгьы неимышьҭӡеит. «Аԥсны автономиа» зыхьӡыз рхаҭарнакцәа азал иҩнарымҵаӡеит. Ауаа еизаз рхыԥхьаӡара иацло ианалага, аруаа ирыԥхьеит.
Еицыз зегьы аҽныҵәҟьа Аԥсныҟа ихынҳәраны иҟан. Аха ицоз аиҿцәажәарақәа аҵх агәанынӡа инеит. Асааҭ жәаҩа рзы ахыбра идәылҵит. Адәахьы иандәылҵ ажурналистцәа Владислав Григори-иԥа азҵаарақәа ирҭо иалагеит. 50 зҵаара рҟынӡа ыҟан, урҭ зегьы рҭакқәа ҟаиҵеит. Шеварднаӡе дзыхьчоз рхыԥхьаӡараҿы Аԥсны инхоз ақырҭуа дыҟан. Иара Лыхнытәын, Аџьамҽыӷра аҳабла деиуан..
Владислав Григори-иԥа азҵаарақәа рҭак аныҟаиҵа ашьҭахь, адгьыл ҵаҟатәи аиасырҭала, хышә метра шьапыла иныҟәеит. Аҩбатәи адачаҿы инеит. Аҩнуҵҟа ианыҩнала, аишәа фатәыла ирхианы игылан. Уаҟа итәан: Шеварднаӡе, Примаков, Арӡынба… Ирыцқәазгьы чысла иҭәыз аишәахь зегьы нарыԥхьеит
Аҵх акыр инеихьан. Шеварднаӡе аԥсуа жәлар рныҳә́аҿа дгыланы ишьҭихит. Шьапыла адачахь ицеит. Шеварднаӡе инаскьеигон.
– Араҟа шәзыцәшәо акгьы ыҟаӡам, шәышә́қәеи шәԥенџьырқәеи аартны шәыцәа! – ҳәа реиҳәеит.
– Владислав Григори-иԥа, – иблақәа химҩаӡеит. Ишеит. Шеварднаӡе дааит, акраҳҿарҵеит. Нас, аеропорт ахь ҳаргеит. Асааҭ 10.30 рзы Қарҭ ҳнеит, – иҳәеит Качубеи.
– Иага аамҭа царгьы, Владислав Григори-иԥа, мраҵас Аԥсны дахаԥхалоит, – иҳәеит Чкок Качубеи. Иҟаӡам ҽнак данысгәаламшәо, санизымхәыцуа, иажәақәа, ихшыҩ ду, зыжәлар гәыкала бзиа избоз, ирыхӡыӡаауаз, ихатәраз, иӷәӷәаз, амца ӡыблара ҳалызгаз, аԥсуа жәлар дырԥызаҩны даанхоит.
Владислав Григори-иԥа иԥсы ҭаны дышҳалагыламгьы, есымша дсыцуп, сизхәыцуеит, лассы-лассы ԥхыӡрылагьы дызбоит. Уи игәабзиареи, идырреи, ихшыҩи здиҵаз аԥсуа жәлари Аԥсынреи еиԥхамзааит зықьнашықәсала Владислав – иеҵәахә ахааназ ишҭамшәо агәра згоит, – иҳәеит Чкок Качубеи.
Гугуца Џьыкырба


