«Аԥшааратә усурақәа ирылахәуп иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы аминистрра аусзуҩцәеи, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ашәарҭадаразы Афедералтә Маҵзура аҳәаахьчаратә усбарҭа аусзуҩцәеи, аҳҭнықалақьтәи адайвинг-клуби », – ҳәа азгәеиҭеит Делибалтиан.
Аусурақәа рымҩаԥысшьа иацклаԥшуеит аԥыза-министр Владимир Делбеи Аҟәа ақалақь ахада Ҭемыр Агрбеи.
Уажәазы иҟоу адыррақәа рыла аӡхәыҵалаҩцәа зышьҭоу Важа Зарандиа иоуп. Уи ҽынла амшын аҿы иҽикәабон, аха аҩныҟа дыхнымҳәит. Имаҭәақәа аҟәараҿы иаанхеит.
Важа Зарандиа – Аԥсны Аминистрцәа рхеилак хантәаҩыс дыҟан, аамҭак азы Гал араион деиҳабын.


