Аслан

Аслан

Ааигәа имҩаԥысит Аԥсны апрокуратура Хада аколлегиа аилатәара. Уаҟа иааган шаҟаҩы аус руа, насгьы қәрала иахьынӡанеихьоу. Абар адырраҭарақәа иҳарҳәо.
Ахыԥхьаӡареи ахаҭабзиареи
2024 шықәса I азбжазы апрокурор-усеилыргаратә усзуҩцәа рхыԥхьаӡара 203-ҩык рҟынӡа инаӡеит. 50 шықәса иреиҳабу – 22-ҩык, 40 шықәса инаркны 50 шықәса рҟынӡа зхыҵуа – 40-ҩык, 30 шықәса инаркны 40 шықәса рҟынӡа – 45-ҩык, 30 шықәса зхымҵыц – 27- ҩык.
«Апрокуратура аусбарҭақәа рахь ирыдыркылоит русуратәи хаҭалатәи рҟазшьақәа анҭырҵаалак ашьҭахь. Аҳасабрбатә аамҭала аусурахь ирыдыркылеит 5-ҩык, егьырҭ амаҵзурақәа рахь ииаган 13-ҩык, рмаҵураҭыԥ аҟынтәи рхы иақәиҭтәуп 43-ҩык аусзуҩцәа. Аџьшьара рыҭан 27-ҩык аусзуҩцәа. Х-ҩык аусзуҩцәа лахьы рыҭан», – 2024 шықәса актәи азбжазы апрокуратура аусбарҭақәа русура иазкны имҩаԥысыз апрокуратура Хада аколлегиа аилатәараҿы адырра ҟаиҵеит атәыла апрокурор Хада актәи ихаҭыԥуаҩ инапынҵақәа назыгӡо Даур Амҷба.

Аӡбарҭахь идәықәҵоуп
2024 шықәса актәи азбжазы 324 шьаус хацыркны аусеилыргарахь ирыдыркылеит. Урҭ рахьынтә 221 шьаус (68,2%) хыркәшоуп. Абри азы адырра ҟаҵан апрокуратура аусбарҭақәа русура аихшьалақәа ирызкны имҩаԥысыз апрокуратура Хада аколлегиа аилатәараҿы.
Аӡбарҭахь идәықәҵоуп 215 шьаус, ашьаусқәа 6 реилыргара аанкылоуп.
Иҳаҩсыз ашықәс абри аамҭа иадкыланы ихацыркын 330 шьаус, реилыргара хыркәшахеит 235 шьаус, урҭ рахьынтә 227 – шьаус аӡбарҭахь идәықәҵоуп.
2024 шықәса актәи азбжазы ихацыркыз ашьаусеилыргарақәа рзеиԥш хыԥхьаӡара аҟынтәи апрокуратура аусеилыргаҩцәа ирыдҵоуп 48, иҳаҩсыз 2023-тәи ашықәс иадкыланы – 58. Ихыркәшоуп 37 шьаусеилыргара. Урҭ рахьынтә 36 аӡбарҭахь идәықәҵоуп, 1 аилыргара аанкылоуп.
Атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аусбарҭақәа рыла 2024 шықәса фымз рыҩныҵҟа еилырган 276 шьаус, урҭ рахьынтә 184 шьаус реилыргара аанкылан. 179 шьаус аӡбарҭахь идәықәҵоуп, 5 шьауск аанкылоуп.
Аҳасабырбатә аамҭазы 572 гәаҭара аматериалқәа рыла ашьаусеилыргара ахацырка мап ацәкуп. Урҭ рахьынтә 6 материалк рыла 6-ҩык рганахьала ашьаустә шьҭазаара аҿҳәара анҵәара, аганқәа реинаалара, амнистиа акт аҟазаара, мамзаргьы игәҩароу, ма ахара зду ахаҿы иахьхәра уҳәа реиԥш иҟоу иалкаау аҭагылазаашьақәа рыла ашьаусеилыргарақәа рхацыркра мап ацәкуп.

Арҩышьыгақәа
рыкәша-мыкәша
2024-тәи ашықәс 6 мыз ирылагӡаны изакәанымкәа анаркотикатә маҭәашьар аикәыршареи зеиҭаҳара ҟамло арҩышьыгатә маҭәашьар злоу аҵиаақәа раарыхреи ирыдҳәалоу 93 цәгьоура ашәҟәы иҭагалоуп. Ашәҟәы иҭагалаз ацәгьоурақәа рзеиԥш хыԥхьаӡара аҟынтәи 32.7% рҟынӡа инаӡоит, ҳәа азгәеиҭеит аколлегиа аилатәараҿы атәыла апрокурор Хада актәи ихаҭыԥуаҩ инапынҵақәа назыгӡо Даур Амҷба.
«Аҩныҵҟатәи аусқәа русбар­ҭақәа уаанӡа еиԥш, уажәгьы аиҳарак анар­котикатә, арҩышьыгатә маҭәашьарқәа анаҩс аҭира хықәкыс иҟамҵаӡакәа изакәанымкәа реикәыршара иадҳәалоу афактқәа аадырԥшуеит. Ашьауӷатә ҭакԥхықәра иақәыршәахоит аиҳарак анаркотикатә маҭәашьарқәа здызкыло, ахәышәтәра зҭаху атәылауаа. Иарбоу акатегориала ишьақәыргылаз ацәгьоурақәа рзеиԥш хыԥхьаӡара аҟынтәи, анаҩс аҭира хықәкыс иҟаҵаны анаркотикатә маҭәашьарқәа изакәанымкәа реикәыршаразы ихацыркуп 18 шьаусеилыргара (19,3%). Иаарԥшын зыкапан дуу анаркотикатә маҭәашьарқәа рпартиақәа, иаанкылан урҭ реикәыршара знапы алакыз, аха ахьырхәра иақәыршәамкәа иаанханы иҟоуп арҭ ацәгьоурақәа реиҿкааҩцәа» – иҳәеит Даур Амҷба.
2024 шықәса хәажәкырамзазы иаԥырҟәҟәаан Урыстәылантәи Аԥсныҟа анаркотикатә маҭәашьарқәа злааргоз амҩақәа. Ирымхын зыкапан 260,554 грамм рҟынӡа инаӡоз «мефедрон», 145,925 грамм рҟынӡа инаӡоз «метадон», иара убасҵәҟьа кокаин.

Апрокурорцәа алархәны
2024 шықәса актәи азбжазы апрокурорцәа алархәны имҩаԥгаз аӡбарҭа аилатәарақәа рҿы 184 ашьаусеилыргарақәа ирыхәаԥшит. Уи 67 шьаус рыла еиҵоуп, иҳаҩсыз 2023 шықәсазы аасҭа.
2024 шықәса актәи азбжазы зус рыӡбаз рзеиԥш хыԥхьаӡара 192-ҩык рҟынӡа инаӡоит (2023 шықәсазы – 250-ҩык). Ҭакрала ахьырхәра иақәыршәоуп 75-ҩык, 117-ҩык арбаандаҩра иадҳәалам ахьырхәрақәа ирықәыршәоуп. Убас ала: 92-ҩык ҭакрада аусӡбара иақәыршәоуп, 25-ҩык ахараԥса дыршәоуп, 9 шьауск аганқәа реинрааларала иаанкылоуп, аӡәы дыриашоуп.
2024 шықәса актәи азбжазы ашьаустә ҭакԥхықәра иақәыршәахеит 6-ҩык аҳәсеи зықәра наӡам аӡәи. Урҭ рахьынтә ԥшьҩык уажәаԥхьагьы ашьаустә ҭакԥхықәра иақәдыршәахьан.
«2024 шықәса актәи азбжазы изхәаԥшыз ашьаусқәа ранализ иза­кәанымкәа анаркотикатә маҭәа­шьарқәа реикәыршара ишадҳәалоу аанарԥшит. Урҭ рхыԥхьаӡара – 93 рҟынӡа инаӡоит», – инаҵшьны иазгәеиҭеит Даур Амҷба.
21 шьаус ирыхәаԥшын анаркотикатә маҭәашьарқәа рыларҵәара (рыҭира) иадҳәаланы, 7 шьауск анаркотикатә маҭәашьар «прегабалин», иара убас егьырҭ арҩышьыгатә маҭәашьарқәа аҳәынҭқарратә ҳәаа рахгара инамаданы ихацыркын.
Арҩышьыгатә маҭәашьар злоу аҵиаақәа изакәанымкәа рыларҵәаразы хҩык ауаа рганахьала ихацыркыз ашьаусеилыргарақәа хәба ирыхәаԥшит, рызегьы аҿҳәарақәа зцу ахьырхәрақәа ирықәдыршәеит.
«Аӡбарҭақәа рыла зыкапан дуу анаркотикатә маҭәашьарқәа рыҭиразы зус рыӡбо рганахьала Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷқәа 56, 57 иазԥхьагәарҭо аҷыдалкаатә, аус зырмарио аҭагылазаашьа ахархәара атенденциа ӷәӷәала агәҭынчымра цәырнагоит», – инаҵшьны иазгәеиҭеит Даур Амҷба.

Ҳамчи ҳахшыҩи еилаҵаны
Аԥсны апрокурор Хада Адгәыр Агрба апрокуратура аусбарҭақәа русзуҩцәа рахь азакәанреи азинеиҿкаареи рырӷәӷәаразы ааԥхьара ҟаиҵеит, аколлегиа аилатәара еихшьалауа.
Иажәа ахы икит абас:
«Уамеигәырӷьар залшом сынтәа ауаа рымҵарсра иадҳәалоу ацәгьоурақәа ахьҳамам, ареспубликаҿы аӷьычра иадҳәалоу афакт аарԥшӡам, иӡбаны, ихәыцны ауаҩшьрақәа ыҟам. Абри ауп, сгәаанагарала, алҵшәа бзиа аарԥшрагьы захьӡу. Уи зыбзоуроу уажәы ҳалацәажәарым. Зегьы рлагала алоуп ари аус, азинхьчаратә система зегьы, аха ҳхала ҳхы арҽхәара ҳалагарым уажәы», – иҳәеит Адгәыр Агрба. Убри аан иара апрокуратура аусбарҭақәа рызхьаԥшра зҭаху проблемақәак дырзааҭгылеит.
Адгәыр Агрба иколлегацәа, аиҳарак араионтә прокурорцәа амҩақәа рҿы ашәарҭадара иазкны аусура дырӷәӷәарц рабжьигеит.
«Сынтәа, 6 мыз рыҩныҵҟа амҩа-транспорттә машәырқәа ирыхҟьаны иҭахеит 20-ҩык. Уи иҳаҩсыз ашықәс иаҿырԥшны уахәаԥшуазар, 8-ҩык рыла еиҵоуп. Аха ари хра злоу лҵшәоуп ҳәагьы узҳәаӡом. Ԥхынгәымзазы, игәашәҭазар, аамҭа кьаҿ иалагӡаны ирацәаны аԥсҭбарақәа ҟалеит. Амҩақәа рҿы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа – амашәырқәеи егьырҭ амҩа-транспорттә хҭысқәеи ҷыдала хшыҩзышьҭра рыҭатәуп», – иҳәеит Адгәыр Агрба.
Иаабоит амҩақәа рҿы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа зеиԥшроу. Уажәы Автоҳәынҭинспекциа анапхгара аҽаԥсахит, иҿыцу аусура аметодқәа аларгалоит. Игәаҳҭап, уи иаанарԥшуа алҵшәақәа зеиԥшрахо. Ҳарҭ зегьы ҳамчи ҳахшыҩи еилаҵаны ишьақәгылаз аҭагылазаашьа арҽеира ҳҽазаҳшәароуп», – иҳәеит иара.

Акьыԥхь иазирхиеит
Борис Қаџьиа

Аҭоурых иазынхаз

Нанҳәа 06, 2024

Ашьха ашьапаҿы аҽеиҵыхны ишьҭоу ақыҭа Дәрыԥшь жәытәнатә аахыс аҭоурых ду аман. Аԥсуа жәлар рлахьынҵа ахьырыӡбоз Лыхны еиԥш, Асовет Еидгыла аамҭазгьы аколнхара-миллионер ҳәа изышьҭаз Дәрыԥшь аҵакы ҳаракны ишьан.

Леон Габлиеи Ерика Кәарҷиеи аԥкьаҭ асразы Аԥсны ачемпионат аҿы аиааира ргеит. Аҩбатәи аҭыԥ ааныркылеит Ренат Карчааи Амра Амҷбеи, аџьаз иаԥсахеит Анна Егоровеи Лаша Давиҭаиеи.

Ачемпионат мҩаԥысуан август 4 рзы Аҟәа ақалақь аҟны. Иара рхы аладырхәит Аԥсны араионқәа рҟынтәи 50-ҩык инарзынаԥшуа аспортсменцәа. 

Аицлабраҿы аиааира згаз иранашьан аԥхьахәқәа, аграмотақәа, иара убас амедалқәа.

Мадина Амҷԥҳа

Ааигәа Аҧсны Аминистрцәа Реилазаара изаамҭанытәыз аилатәара мҩаҧысит. Амшхәаҧштә аҿы иқәгылан жә-зҵаараки, ацхыраагӡақәа ҧшьбеи.

Апатриархалтә уахәама аҭӡамцқәа рыҩнуҵҟа имҩаԥгаз аконцерт ду ала ихыркәшахеит Пицундатәи афестиваль.
Пицунда афестиваль фымш ицон – ԥхынгәымза 29 инаркны нанҳәамза 3 рҟынӡа. Уи аамҭа иалагӡаны артистцәа жә-концертк мҩаԥыргеит.
Бжь-ҳәынҭқаррак рҟынтәи артистцәа ауаа ирыдыргалеит 24 номер – аинструменталтә, авокалтә, ахортә композициақәа рыла.
Урыстәылеи Ермантәылеи рҟынтәи артистцәа Богдан Гуеноки Жан Мартиросиани Аҳәынҭқарратә хортә капеллеи инарыгӡеит аԥсуа жәлар рашәа “Ауардын”.
Акомпозициақәа рахьтә даҽакгьы Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Назырбеи Ебжьноу игәалашәара иазкын.
Аныҳәа хыркәшахеит, ишаԥу еиԥш, аԥсуа ашәала. Аҳәынҭқарратә хор инарыгӡеит “Шьардаамҭа". Афестиваль асахьаркыратә напхгаҩы Барас Кәыџба инапхгарала.
Аусмҩаԥгатә хыркәшо, Кәыџба алахәылацәа зегьы ҭабуп ҳәа реиҳәеит, иагьазгәеиҭеит ахәаԥшцәа ргәы ҟазҵаз амузыкантцәа абаҩхатәра злоу артистцәа рымацара ракәымкәа, ауаа нагақәа, аџьашьахәқәа шракәу.
Пицундатәи афестиваль Аԥсны ҩынтәны имҩаԥысуеит. Сынтәа уи фымш ицон. Аԥсны, Урыстәыла, Ҭырқәтәыла, Чин, Азербаџьан, Белоруссиа, Ермантәыла рҟынтәи артистцәа жә-концерттә программак ықәдыргылеит.

Анталаа Аманда

«Хынҩажәижәабатәи ашықәсқәа рзы убри асценаҿы иқәдыргылеит аспектакль «Антигона», уаҟа Исмена лроль налыгӡон уажәтәи аҿар ртеатр асахьаркыратә напхгаҩы Софа Агәмаа. Уи адагьы, Еҭери Коӷониа-ԥҳа уи аспектакль азы иҟалҵаз аиҭага, иҟалараны иҟоу апремиера шьаҭас иаиуит.

Аԥсны Аиашахаҵаратә Уахәама ахада аиереи Виссарион (Аԥлиаа) Ауахәаматә Хеилак аилатәараҿы ҩаԥхьа Аԥсны Аиашахаҵаратә Уахәама азинтә шьаҭа аганахьала агәҭынчымра ааирԥшит. Аилатәара аартуа, иара Аԥсны аканонтә дгылара азхом ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.

С.Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр ааԥхьара рымоуп 2025 шықәса маи мзазы Ареспублика Мари Ел аҳҭнықалақь Иошкар-Ола имҩаԥысраны иҟоу Жәларбжьаратәи Амилаҭтә театрқәа рфестиваль ахь, ҳәа азгәеиҭеит атеатр анапхгаҩы хада Алхас Ҷолокәуа.
Август акы азы Аԥсуа драматә театр анапхгаҩи Ареспублика Мари Ел анапхгара ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ, акультуреи акьыԥхьи амилаҭтә усқәеи рминистр Константин Иванови реиԥылара мҩаԥысит.
Амилаҭтә театрқәа рыбжьаратәи афестиваль "Маятул" ("Амца") Иошкар-Ола ақалақь аҿы имҩаԥысуеит 1992 ашықәсқәа инаркны. Урыстәылатәи Афедерациеи Ареспублика Мари Ели ркультура аминистррақәа реиҿкаарала. Раԥхьаӡа уи афин-угор жәларқәа ртеатрқәа рфестиваль акәын.
Аԥҵаҩцәа ирыдыркылаз аӡбарала, иааиуа ашықәс инаркны афестиваль аҳәаақәа ырҭбаахоит, уи Жәларбжьаратәи Амилаҭтә театрқәа ирфестивальны иҟалоит.

Акыр иаԥсоу ҳаԥхьаҩцәа! Гәлиа Иасыф-иԥа Дырмит ишдыру еиԥш, аԥсуа жәлар аҵаралашарахь ркылгаразы инапы злакыз арккара- еиҿкааратә усқәа рацәан. Имҩаԥигоз анаҩсгьы, иҳәатәу иақәнагоу ҳәашьала анагашьагьы дақәшәон ианаҭахыз.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me