Кәыдрытәи аиҩхааҿы

Сынтәа Кәыдрытәи аиҩхааҿы атоннельгьы ацҳагьы реиҭашьақәыргылара иалагоит ҳәа Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба  инапынҵақәа рынагӡаразы адыррақәа иҭо, иазгәиеҭеит шьаҭанкыла аргылара Аусбарҭа аиҳабы Дамир Гамсаниа.

 «Кәыдрытәи аиҩхаахь, уназго амҩа, уи аҭагылазаашьа астратегиатә ҵакы еилкаауп. Атәыла ахадара иазырыӡбеит иҟоу аҭагылазаашьа ҭҵааны, мҽхакыҭбаалатәи аусурақәа рымҩаԥгара ахацыркра.

Кәыдрытәи аиҩхааҿы иҟоу атоннель аҭагылазаашьа амашәыр ахылҿиаар алшоит. 2023 шықәсазы иадыԥхьалан Урыстәылатәи апроектҟаҵаҩцәа, Кәыдрытәи аиҩхааҿы атоннели  ацҳаи шьаҭанкыла реиҭашьақәыргыларазы апроект-харџьԥсатә усшәҟәқәа  еиқәыршәан. «Иарбоу апроект анагӡара  ҳазҭоу ашықәс азы ҳалагоит»  иҳәеит Дамир Гамсаниа.

 Кәыдрытәи аиҩхааҿы амҩа аиҭашьақәыргылара апроект х-етапкны еихшоуп.

«Раԥхьа иргыланы, аҽазыҟаҵаратә усурақәа мҩаԥгахоит, атоннель аиҭашьақәыргылара ҳалагаанӡа. Уи азы хымԥада аҭыԥ аҿы абетон еиларшьышьырҭа  еиҿкаатәуп, иара Лаҭа ақыҭан иҟалозар акәхап»,  -  иҳәеит шьаҭанкыла аргылара Аусбарҭа аиҳабы.

Иара убас араҟа рҽеиҭныԥсахланы аус зуло рзы азеиԥшнхарҭа еиҿкаатәуп.

Раԥхьа атоннель аиԥшьрақәа рӷәӷәатәуп, избан акәзар, уаҟа аҭыԥ аиуа иалагахьеит аҿыбгарақәа.

Дамир Гамсаниа иажәақәа рыла, амҩеи атоннели еиҭашьақәыргыламзар ада ԥсыхәа амам избан акәзар, уи ада Кәыдрытәи аиҩхаахь уназго даҽа мҩак ыҟаӡам.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me