Аслан

Аслан

Урыстәылатәи Афедерациа Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахьыҧшымра азханаҵеижьҭеи 16 шықәса аҵра, ихҭыс дууп ҳауаажәларра рыҧсҭазаараҿы аиҧш, ҳҭоурых адаҟьақәа рзгьы. 2008 шықәса август 26 - ари амш иахьагьы зегь ҳабла ихгылоуп, изакәытә гәырҕьараз иаҳзацыз - аҧсуаа ироуит шәышықәсала иззықәҧоз Ахьыҧшымра. Аҧсуаа рхьыҧшымра азханаҵеит Урыстәылатәи Афедерациа. Уи азы Аусҧҟа инапы аҵаиҩит Урыстәыла усҟантәи Апрезидент Дмитри Медведев. Хыхь ишаҳҳәахьоу еиҧш, ари амш акырӡа зҵазкуа ҭоурыхтә хҭысны иаанхоит ҳажәлар рыхдырраҿы. Уиоуп изыбзоуроугьы ҳтәыла аҿиаразы иҵоуроу амҩа ҿыцқәа раартра. Урыстәылатәи Афедерациа анапхгара мышьҭабзиала иаҳзыҟарҵаз ашьаҿақәа ацнагаҩцәа роуит. Аҧсны азхаҵара иадгылеит харатәи атәылақәа: Венесуела, Никарагуа, Вануату, Тувалу рҟынтәи. 2008 шықәсазы, Аҧсны Аҳәынҭқарра азхаҵара анаиу ашьҭахь, жәларбжьаратәи азинтә нормақәа инарықәыршәаны, ҳтәыла уаанӡа Урыстәыла арегионқәа рҟны иамаз ахаҭарнакрақәа ирҿыцны аҳәынҭқарратә цҳаражәҳәарҭақәа - Москва, Цхинвал, Тирасполь уҳәа рҟны иҟалеит. Аҧсны акәзаргьы, урҭ атәылақәа рҟынтәи ацҳаражәҳәарҭақәа, ҷыдалагьы Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәарҭа Михаил Шургалин дызхагылоу, Аҧсны жәлар рыҧсҭазаара активлаҵәҟьа иалахәуп. Иҵит жәаф шықәса Аҧсны Ахьыҧшымра азхаҵара аиуижьҭеи. Абри аамҭа аҩнуҵҟала атәылаҿы имҩаҧысит жәларбжьаратәи аҵакы змоу аполитика, аекономика, акультура, аспорт уҳәа рзы акыр аиҭакрақәа. Иахьа ҳанхоит Аҧсынтәыла - ихьыҧшым атәылаҿы. Шәықәҕьацааит аҧсуа жәлар! Ишәыгымзааит аилибакаареи акзаареи!

Апоет, апрозаик Иван Миқаиа 75 шықәса ихыҵит. Иван Ирод-иԥа Миқаиа диит (29.07.1949) Очамчыра араион Кәтол ақыҭан. Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла далоуп.Очамчыра араион И. А. Коӷониа ихьӡ зху Кәтолтәи абжьаратәи ашкол далгеит (1967). Иреиҳау аҵара иоуит А. С. Пушкин ихьӡ зху Қарҭтәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә инстиут афилологиатә факультет аҟны (1972).

Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет агеографиеи, агеографиа-биологиатәи афакультет акафедра адоцент, агеографиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, Риҵатәи амилаҭтә ҳәырԥсарра аҭҵаарадырратә ҟәша анапхгаҩы Инга Ҭаниаԥҳа дреиуоуп зыбжьы мыргаӡакәан, зхи зыԥси адҵаны аҭҵаара знапы алаку аҵаруаа. Акыр шықәса инеиԥынкыланы напхгара рылҭоит аԥхынтәи аекспедициақәа, ашьха ҳаракырақәа рахь дцоит астудентцәа лыманы. Аҵарауаа сынтәа алҵшәа бзиа рымоуп.

«Ашьха ӡыхьеиԥш икеикеиуа, аамҭа ацаҟьа шәыгәрақәеи абахә еимаҳарақәеи кылжәан, ириааины иахьанӡа зышьҭра цқьаӡа иаазгаз ҳбызшәа… Акаԥкаԥқәа рыбжьы зхоу, акаҵәара хаҩаӡарақәа рыбжьаныҩра зныҩроу, амшын ашыкьыбжь злаӡҩо ҳабз ашәа хаа… Аԥсшәа, агәаҟра атәы инҭкааны изҳәо ашьҭыбжьқәа ашәыҭҳақәа реиԥш излаԥсоу, аха ахаҵкара ажәақәагьы ахрыԥхреиԥш ирхианы изку, абаагәареиԥш изкәыршоу… Ахәырбӷьыц аҵеиԥш иԥшқоу, абзиабареи агәыбылреи ражәақәа рыла ирхаау…»

А.Н. Гогәуа

Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аԥшьгарала И.Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Аԥснытәи Амилаҭтә библиотекаҿы еиҿкаан еицырдыруа апоет, ауаажәларратә усзуҩы Геннади Аламиа 75 шықәса ихыҵра аиубилеи.

Ҳазну ашықәс ииуль 14 азы иԥсҭазаара далҵит ажурналист, ашәҟәыҩҩы, апублицист Витали Шариа. Уи ихьыԥшым раԥхьатәи агазеҭ «Эхо Абхазии» аԥиҵеит, редактор хадасгьы дыҟан. Еиуеиԥшым амассатә информациа ахархәагақәа рҟны аусура аганахьала аԥышәа ду иман, иҭижьхьан ашәҟәқәа, шәкыла аочеркқәа.

Аԥсны хыцла ахысра иаҳа- иаҳа аларҵәара аиуа иалагеит. Ахыцуаа рклуб алахәылацәа рхыԥхьаӡарагьы есааира еизҳауеит.

Жәа шықәса раԥхьа уажәааны, раԥхьаӡакәны август  20, 2014 шықәсазы иаԥҵан Аԥсуа ҳәынҭқарратә аҿартә ртеатр.

XXII амузыкатә фестиваль «Хьыбла Гьерзмаа шәаалыԥхьоит» инҭагӡаны «Хараӡа џьара, сгәалашәараҿы…» ҳәа аконцерт мҩаԥысит С.Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа аҳәынҭқарратә драматә театр аҟны иҳаҩсыз амчыбжь ахәашаҽны.

Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Гәылрыԥшь араион Ахадара  2024 шықәса актәи азбжазы аусура хар амам ҳәа  ахәшьара аиҭеит. Абри атәы иҳәеит араион ахадараҿы имҩаԥысыз аҳасабрбатә еилатәараҿы.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me