Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

2025 шықәса рашәара 26 азы, Женева ақалақь аҿы, Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа 64-тәи рраунд аҩбатәи аусуратә мшы мҩаԥган.
Аиҿцәажәарақәа 64-тәи рраунд аҩбатәи аусуратә мшы иалахәын Аԥсны Аҳәынҭқарра, Аахыҵ Уаԥстәыла, Қырҭтәыла рделегациақәа, Урыстәылатәи Афедерациа ахаҭарнакцәа, Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара (ООН), Европатәи атәылақәа Реидгыла (ЕС), Европатәи атәылақәа ршәарҭадара аиҿкаара (ОБСЕ) рҟынтәи ацхантәаҩцәа.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ инапынҵақәа назыгӡо Одиссеи Бигәаа напхгара зиҭоз Аԥсны Аҳәынҭқарра аделегациа аилазаараҿы иҟоуи: Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аусзуҩцәа Лаша Аҩӡба, Алиса Барзаниа, Артур Гагәылиа, Мадина Зыхәба.
Уаанӡеиԥш, ашәарҭадара иазку агәыԥ хадеи агуманитартә зҵаарақәа ирызку аҩбатәи агәыԥи рҟны аиҿцәажәарақәа мҩаԥысуан. Ашәарҭадаратә гәыԥ аусура аҳәаақәа ирҭагӡаны, аганқәа зегьы иҟоу аиҿцәажәаратә формат аҵак ду шамоу, насгьы арегион аҿы ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рыхьчаразы уи ацҵара шхымԥадатәиу еицазгәарҭеит.
Актәи аусуратә гәыԥ амшхәаԥштә аҩбатәи апункт аҿы алахәылацәа иазгәарҭеит Аԥсни Қырҭтәылеи рҳәааҿы аҭышәынтәалара шыҟоу.
Аԥсуа ган даҽазныкгьы инаҵшьны иазгәанаҭеит, Аԥсни Қырҭтәылеи рыбжьара амч ахархәара мап ацәкразы азинтә ҭакԥхықәра змоу аиқәшаҳаҭра абжьаҵаразы аҽазышәарақәа активла рымҩаԥгара хаданы ишыҟоу.
Аҩбатәи аусуратә гәыԥ аусура аҳәаақәа ирҭагӡаны, традициала ирылацәажәан ԥықәсларада аныҟәара, аҵарадырра реиԥш иҟоу егьырҭ акырзҵазкуа агуманитартә зҵаарақәа.
Аԥсни Аахыҵ-Уаԥстәылеи рганқәа рхаҭарнакцәа иазгәарҭеит ахҵәацәа рырхынҳәра азҵаара Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Ассамблеиа хадаҿы уи ахәаԥшра аҩ-ганк ргәаанагарақәа ҳасаб рымҭакәа имҩаԥысуанаҵы алацәажәара шзалымшо.
Аахыҵ-Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа анаҩстәи 65-тәи рраунд 2025 шықәса абҵарамзазы иазԥхьагәаҭоуп.