Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Ԥхынгәымза 31 рзы Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥысуеит Урыстәылатәи Афедерациа акультура Аминистрра, Аԥсны Аҳәынҭқарра анапхгара, акультуратә аԥшьгарақәа рзы Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Ифонди апартниор хада - «Альфа-Банки» иҟарҵаз адгыларала имҩаԥысуа XXIII Амузыкатә фестиваль «Хьыбла Герзмаа шәаалыԥхьоит…» аартра.
2025 шықәсазы афестиваль мҩаԥыслоит ԥхынгәымза инаркны ԥхынҷкәынмза аҟынӡа. Зынӡа иазԥхьагәаҭоуп Аԥсни, Урыстәылеи аҳәаанырцәтәи атәылақәеи рҿы имҩаԥгахо 20 инареиҳаны аконцертқәа.
Афестиваль аартра аҽны Аҟәа, С.Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр аҿаԥхьа еиҿкаахо асценаҿы дықәгылоит адунеи зегьы аҿы еицырдыруа апианинорҳәаҩы Денис Мацуев. Уи инаигӡоит Сергеи Рахманин инапы иҵыҵыз аоркестр ацны афортепиано азы Аҩбатәи аконцерт – аурыс классика аҿы зегьы реиҳа иналукааша арҿиамҭақәа иреиуоу.
Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы традициала ишышьақәгылахьоу еиԥш, афестиваль аартра рхы аладырхәуеит аопертә сцена аеҵәаџьаақәа — Хьыбла Герзмаа лаԥшьгарала имҩаԥгаз аконцертмеистерцәеи авокалистцәеи Жәларбжьаратәи рконкурс алауреатцәеи афиналистцәеи: Полина Шароварова, Самира Галимова, Евгени Бовыкин, Глеб Периазев, Иван Бородулин, Елен Егиазариан, Екатерина Воронцова, Станислав Ли, Анхбаиар Енхболд, Дамир Садуахасов. Урҭ дрыцықәгылоит Хьыбла Герзмаа лхаҭагьы. Аконцерт мҩаԥысуеит Антон Гришанин напхгара зиҭо Москватәи аҳәынҭқарратә академиатә симфониатә оркестр ацны. Асахьаркыратә ажәа — Евгени Книазев.
ХХХIII афестиваль аартра Аԥсны Аҳәынҭқарра Раԥхьатәи Ахада Владислав Григори-иԥа Арӡынба диижьҭеи 80 шықәса аҵра иазкхоит.
«Владислав Арӡынба афестиваль раԥхьатәи ашықәсқәа инадыркны адгылара ду аиҭон. Иара акультура амч ӷәӷәала иазхеиҵон. Сара сзы насыԥ дууп Аҟәа ақалақь – исызгәакьоу адгьыл аҿы – иналукааша ауаҩ ду игәалашәара аҳаҭыр азы асезон ҿыц аартра», – илҳәоит Хьыбла Герзмаа.
Нанҳәамза 2 рзы афестиваль Пицундатәи аныхабааҿы имҩаԥгхо аконцерт ала иацҵахоит. Араҟа ҩаԥхьа иқәгылоит аконкурс алауреатцәа, Антон Гришанин напхгара зиҭо Москватәи аҳәынҭқарратә академиатә симфониатә оркестри Хьыбла Герзмааи.
«Ари аныхабаа сыԥсҭазаара зегьы адҳәалоуп. Ароуп сара раԥхьаӡа акәны ауарӷан абжьы ахьсаҳаз, ароуп, шықәсқәак рышьҭахь, сани саби ргәалашәара иазкыз раԥхьатәи афестиваль актәи аконцертқәа ахьымҩаԥысыз. Уажәшьҭа ес-ԥхынра ари иԥшьоу аҭыԥ аҿы ашәа сыцырҳәоит иқәыԥшу, аха аҟыбаҩ ду злоу артистцәа, ҳконкурс алауреатцәа. Сара сзы уи гәадуроуп, насыԥ дууп», - еиҭалҳәеит Хьыбла Герзмаа.
Афестиваль аԥсуа хәҭа афинал мҩаԥгахоит нанҳәамза 4 рзы ашьха иаԥну, зыԥшӡарала убла хызхуа аҭыԥ аҿы иҟоу — X ашәышықәса иатәу иуникалу архитектуратә баҟа Бедиатәи аныхабааш амҵан. Абар ҩышықәса инеиԥынкыланы афестиваль иабзоураны ари иԥшьоу, уамакала иԥшӡоу аҭыԥ концерттә ҭыԥк аҳасабала ахархәара аиуоит. Аконцерттә программаҿы инагӡахоит аԥсуа жәлар рашәақәеи автортә шәақәеи, адинхаҵаратә текстқәа рыла иаԥҵоугьы уахь иналаҵаны. Хьыбла Герзмаа ауарӷанарҳәаҩы Лука Гаделиеи аԥсуа жәлар рмузыка ансамбль YANAY дрыцықәгылоит.
Аԥсны имҩаԥгахо аконцертқәа рышьҭахь, Хьыбла Герзмаа лаԥшьгарала имҩаԥгаз аконцертмеистерцәеи авокалистцәеи Жәларбжьаратәи рконкурс алауреатцәеи афиналистцәеи Урыстәыла ақалақьқәеи аҳәаанырцәтәи атәылақәа рықалақьқәеи рахь инарҭбаау агастрольтә ныҟәарақәа ирылагоит. «Адунеи аганқәа» («Стороны света») ҳәа асимволтә хьӡы зауз XXXIII афестиваль амаршрут атәыла алада, аҩада, мраҭашәара, мрагылара уҳәа Москва, Воронеж, Воркута, Сургут, Астрахан, Петрозаводск, Петропавловск-Камчатски, Магадан, Иркутск, Гатчина, Иарославль реиԥш иҟоу ақалақьқәа уахь иналаҵаны иамҽханакуеит. Афестиваль жәларбжьаратәи ахәҭа сынтәа имҩаԥгахоит ақалақьқәа Улан-Батор, Вена, Прага, Анкара. Афиналтә гала-концерт мҩаԥгахоит Сҭампыл ақалақь аҿы — раԥхьаӡа акәны афестиваль ахыркәшара Ҭырқәтәыла имҩаԥгахоит.
XXIII Амузыкатә фестиваль «Хьыбла Герзмаа шәаалыԥхьоит…» мҩаԥысуеит аинформациатә партниор хада ТАСС, арадиопартниор хада Business FM, иара убас аинформациатә партниорцәа — арадио «Орфей», ателеканал «Россия-Культура» иҟарҵо адгыларала