Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Аԥсуа культура, аҭоурых, атрадициақәа ирызку «Аԥсуа культуратә хәылԥазқәа» мҩаԥысит Шотландиатәи ақалақьқәа Единбурги Абердини рҿы.
2024 ш. ажьырныҳәамза 2 ауха Цандрыԥшь аҳаблаҟны иблыз ҩ-еихагылак змоу аҩны иаарласны аиҭашьақәыргылара иалагоит. Ари аҩны аҟны 13 уада ыҟан, урҭ рҟны аа-ҭаацәарак нхон.
Ҳаԥсадгьыл ашәарҭара ианҭагыла, уи ахьчара анаҭахха зыԥшрак ҟамҵакәан иаԥсуа шәақь аашьҭыхны, Аҷандараа рыҷкәынцәа дрыцны, урҭ еидызкылоз, аибашьра ашьҭахь Леон иорден занашьахаз Аахыҵ-Уаԥстәыла аибашьра зхызгахьаз, аибашьратә ԥышәа змаз Анатоли (Тытыш) Орчыҟәба еиҿикааз, 23 –ҩык, аибашьцәа рыла ишьақәгылаз агәыԥ далалеит аибашьра аветеран Рамиз Орчыҟәба.
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡо Бадра Гәынба дрыдышшылеит зыҧсҭазаара иалҵыз Аҧсны жәлар рартист Шьалуа Гыцба иҭынхацәа.
Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа инарҵауланы ирыдышшылоит Жәлар Реизара адепутат Вахтанг Владимир-иԥа Голанӡиа иԥсҭазаара дахьалҵыз азы.
Зыԥсҭазаара аҟазара ада зхаҿы иззаамго Софа Хынтрыгә-иԥҳа Агәмаа диит Гәдоуҭа араион Дәрыԥшь ақыҭан. Абжьаратә ҵара аныхлыркәша 1956 ш. дҭалоит Ш. Русҭавели ихьӡ зху Қарҭтәи атеатртә институт.
Ҳаҧсадгьыл имариам аҧышәара аамҭа иҭагылоуп. Иахьа уажәраанӡагьы иаҳныруеит ноиабртәи аполитикатә кризис ахыҧша. Уи ахҭыс аконституациа аҳәаақәа ҳарҭыганы, рҽеишьа змам аҭагылазаашьахь ҳкылнагар алшон. Сгәы иаанагоит декабрь 19 рзы апарламент аҩныҵҟа иҟалаз арыцҳара ду зхылҿиаазгьы ҳаиҿагылара ауп ҳәа. Дҳаҧхеит Аҧсадгьыл аҵеи лаша, аветеран, адепутат Вахтанг Гәаланӡиа. Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡо иаҳасабала ари ацәгьоура бааҧс аҭҵаара амҩаҧысшьа хаҭала сахылаҧшуеит.
Иахьа аполитика знапы алакыу ауаа аиҿыхара ҳшаҿыз иҳазгәамҭаӡакәан иаҳцәыӡуа иалагеит ажәлар рыгәрагара. Сара уажә иаҭахны исыҧхьаӡом иҟалаз аҭагылаашьа иаҳа изхароу аопозициа, мамзаргьы амчра ахаҭарнакцәа роуп ҳәа алацәажәара. Иеиҕьуп ҳәа иазысыҧхьаӡоит аиқәҵарақәа ҳаарҟәаҵны, иуадаҩу аҭагылазаашьа ҳажәлар ралгаразы ашьаҿақәа рыҟаҵара.
Ииашам ҳәа сгәы иаанагоит еснагь адгылара ҳазҭо Урыстәылеи ҳареи ҳабжьара иҟоу азҵаарақәа аполитикахь риагара, амчра азықәҧараҿы рхархәара. Иҳалшо зегь ҟаҳҵароуп Аҧсни Урыстәылеи еснагь ирыбжьаз агәреибагара аиҭашьақәыргылараз. Ҳара иаҳхамышҭроуп шәышықәсала ҳажәлар зызхьаауаз, ихьыҧшым аҳәынҭқарра жәларыбжьаратәи азхаҵара зегь раҧхьа иҳазҭаз Урыстәыла шакәу. Убырҭ зегь ҳрызхәыцны иҳалҳаршароуп, ҳаҧсадгьыл аинтересқәа аҧхьа инаргыланы, Урыстәыла иҳарҭо алшара ҳхы инархәаны Аҧсуа ҳәынҭқарра ашьапы ақәыргылара.
Ҭабуп ҳәа шәасҳәоит ҳауаажәлар иуадаҩу аамҭазы иаашәырҧшуа ачҳаразы. Иахьа уажәраанӡа алшарақәа шмаҷугьы Аҳәынҭқарра анапхгара иҳалшозегь ҟаҳҵоит афымцалашара азҵаара аӡбаразы, ҳауаажәлар уалафахәыда раанмыжьразы. Убри аан ибзиан еилаҳкаауеит ҳбыргцәа, ҳхәыҷқәа лашарада ирхырго ауадаҩра дуқәа.
Убарҭ зегь ҳасаб рзуны Урыстәыла аиҳабыра рахь аҳәара ҟасҵеит Аҧсны фымцалашарала аиқәыршәараз ацхыраара ҳарҭарц. Сгәы иаанагоит хара имгакәан ахаҵгылара ҳауп ҳәа.
Ноиабр 26-28 рзы Нхыҵ-Уаԥстәыла аҳҭнықалақь Владикавказ имҩаԥысит ауаԥс литературатә бызшәа ашьаҭаркҩы, апоет, асахьаҭыхҩы Косҭа Хеҭагуров диижьҭеи 165 ш. аҵра инамаданы апоезиа актәи Жәларбжьаратәи афестиваль «Ауаԥс лира (Осетинская лира»).