Аслан

Аслан

Аԥсабара ишдыру еиԥш, қәыԥшыларакны иҟоуп, аха еихьыԥшу еилазаашьала, аҵарауаҩ-абиолог Роман Дбар иажәақәа рыла иаҳҳәозар, «иерархиала мамзаргьы конструкциала» ишьақәгылоуп. Уи дахәҭакуп ауаҩгьы.

Анапа ақалақь аҿы сынтәа бжьынтәны имҩаԥысит «Аурыс ажәа апоезиа» ҳәа хьӡыс измаз иаарту алитературатә проект.

Ахҭысқәа рҿиашьа

Абҵара 18, 2024

Абҵарамза 15 рзы имҩаԥысраны иҟан Жәлар Реизара аилатәара. Уаҟа иахәаԥшраны иҟан «Урыстәылатәи Афедерациа Анапхгареи Аԥсны Аҳәынҭқарра Анапхгареи рыбжьара Урыстәылатәи аиуристтә хаҿқәа рыла Аԥсны иахьаҵанакуа аинвестициатә проектқәа рынагӡаразы Аиқәшаҳаҭра» аратификациа азҵаара.

Женева ихыркәшахеит Аахыҵ-Ка­вказ аҟны ашәарҭадареи аҭы­шәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи Женеватәи аиҿцәажәарақәа 62-тәи рраунд.

Зегьы ишаҳдыруа еиԥш, ҳауаажәлар рахьтә иҟоуп зсоциалтә ҭагылазаашьа хьысҳау. Уи акатегориахь иаҵанакуеит анхарҭа ҭыԥқәа змамгьы.

Англыз ҵарауаҩ, кавказтәи абызшәақәа рыҭҵааҩы, апрофессор Џьорџь Хьиуитт 75 шықәса ихыҵит. Хьиуитт (Браиан) Џьорџь диит 1949 ш. ноиабр 11 рзы Донкастер ақалақь аҟны (Британиа Ду).

Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аенергетикеи атранспорти рминистр Џьансыхә Нанба Аԥсуа телехәаԥшра аефир ала Аԥсны аенергетикатә усхкаҿы иҟоу аҭагылазаашьа атәы еиҭеиҳәеит.

Очамчыра араион Џьгьарда ақыҭан ахәышәтәырҭа аныуашәшәыраха, 2017 шықәсазы иқәыргеит, хәҭакахьала хыбра ҿыцк авадыргылт. Иҳаҩсыз ашықәс азы аҭыԥантәи анхацәа аиҭашьақәыргаларатә усурақәа ирыцырҵеит.

Очамчыра араион Кындыӷ ақыҭан 1992-1993 шықәсқәа рзы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз рбаҟа аиҭашьақәыргыларазы аусурақәа мҩаԥысуеит.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me