Очамчыра ажәытәӡатәи ақалақь Гиенос аҟны аусура хацнаркит Жәларбжьаратәи аԥсуа-аурыс археологиатә екпедициа. Аԥшаарақәа мҩаԥыргоит ААР Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институти, Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеии, Урыстәылатәи аҭҵаарадыраақәа ракадемиа иаҵанакуа Мрагылаҭҵаара аинститути, Севастопольтәи ауниверситети рҵарауаа.
Ииуль 31 азы С.И. Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҿаԥхьа ажәҩан аҵаҟа иаатит XXIII жәларбжьаратәи амузыкатә фестиваль «Хьыбла Гьерзмаа шәаалыԥхьоит».
Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Гәдоуҭа араион ахь аныҟәарақәа мҩаԥигеит.
Ииуль 30 азы имҩаԥысыз Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа аиҭакрақәа аларгалеит «Аҭыԥантәи ахаланапхгара аусбарҭақәа рахь алхрақәа рзы» азакәан.
М.В.Ломоносов ихьӡ зху МАУ анаукеи аҵарадырреиРцентр аҿы аусура иалагаз апрограмма «Астудтуризм» ААУ аҿы аартра мҩыԥган ԥхынгәы 11 рзы.
Ааигәа иҭыҵит ашәҟәы ҿыц «Владислав Арӡынба. Жәлар рԥеиԥш гәашә аазыртыз».
Гагра араион акурорт ҭыԥқәа рҟны еиҿкаан ареидтә усмҩаԥгатәқәа. Урҭ азкын абнатә ԥстәқәа ишакәым рызныҟәара афактқәа раԥырҟәаара, - иаанацҳауеит аҩнуҵҟатәи ауқәа Рминистрра апресс-маҵзура.