Аԥсны анапхгара рызҵаарақәа рыӡбара

Аԥсны Ахада Бадра Гәынба рашәарамза 24 рзы  ахәыҷқәа рзы Урыстәылатәи аԥаратә цхыраара зауаз гәыԥҩык анацәа дырԥылеит. 

Аҳәынҭқарра Ахада иҟаиҵаз адырра ала, иара идҵа инақәыршәаны, аусҳәарҭабжьаратә усуратә гәыԥ аԥҵоуп. Уи анапынҵақәа иреиуоуп ироуз ацхыраагӡақәа ирыхҟьаны ашәарҭара иақәшәаз, Урыстәыла атәылауаҩра змоу Аԥсны атәылауаа азинтә цхыраара рыҭара. Аимадара ҷыда аартуп. Аԥарақәа зауаз ирызку адырраҭарақәа зегьы еизгатәуп.

Аиԥылара иалахәыз Аԥсны асоциалтә цхыраареи адемографиатә политикеи рминистр Руслан Аџьба аусуратә гәыԥ иадҵаалахьоу рхыԥхьаӡара 75-ҩык рҟынӡа инаӡахьеит ҳәа азгәеиҭеит. Бадра Гәынба аиԥылара иалахәыз азинтә уадаҩрақәа зызцәырҵыз рахь ихы нарханы аусуратә гәыԥ иадҵаалаларц ааԥхьара ҟаиҵеит.

Аҳәынҭқарра Ахада атәыла анапхгара ари азҵаара аӡбара ишаҿу инаҵшьны иазгәеиҭеит. Аԥсны анапхгара ахәыҷқәа рзы Урыстәылатәи аԥаратә цхыраара Аԥсны атәылауаа роуреи уи иадҳәалоу азинтә шәарҭарақәеи рызҵаарақәа рыӡбара аус адырулоит», - иҳәеит иара.

Ахәҭакахьала, Аҳәынҭқарра Ахада иахь инеиз аҳәса ахәыҷқәа рзы аԥаратә цхыраара аиуразы аусшәҟәқәа реиқәыршәараан Урыстәылатәи азакәанԥҵара шеиларгоз шырзеилымкаауаз, избан акәзар уи зегьы аофициалтә сахьа аманы иҟан ҳәа азгәарҭеит.

 Бадра Гынба ари иуадаҩу проблеманы ишыҟоу, уи аӡбаразы аамҭа шаҭаххо азгәеиҭеит.  «Ҳара еилаҳкаауеит Урыстәылатәи Афедерациа азакәанԥҵара аилагара шыҟоу, уи зегь ахьхәхьеит. Аха убри аан урҭ ҳхәыҷқәа, Аԥсны атәылауаа ахәыҷқәа зааӡо анацәа шракәу ҳхаҿы иааҳгароуп. Ари апроблема Урыстәылатәи ҳколлегацәеи ҳареи ҳалацәажәароуп, анацәа ашьауӷатә шьклаԥшра рацәыхьчаразы амҩақәа ҳаԥшаароуп", — иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me