Аслан

Аслан

«Аԥеиԥш» агәҭакқәа

Ажьырныҳәа 20, 2023

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Амедиацентр аҟны имҩаԥысит Аԥсны аҿар Рассоциациа астол гьежь. Уи анапхгаҩы Саид Ҟәланба дрылацәажәеит инагӡоу арҿиаратә, агәыҳалал­ратә, аспорттә проектқәа, даза­аҭгылеит аҿар рполитика знапы алаку амчра аусбарҭақәа рҟны аусеицура шыԥсыҽу, иҳәеит 2023 шықәсазы ирымоу апланқәа ртәы.

Аԥсуа хаҵа

Ажьырныҳәа 20, 2023

Аԥсны акультура Аминистрра гәалсра дула адырра ҟанаҵоит 84 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара дшалҵыз азы Аԥсны жәлар рартист Тото Аџьапуа.

Иҳаҩсыз ашықәс анҵәамҭазы Евроеидгыла официалла иакьыԥхьит Урыстәылатәи Афедерациа асубиект ҿыцқәа рҟны инхауа Урыстәылаа аҳәа­анырцәтәи рпаспортқәа, иара убас Аԥсни Аахыҵ-Уаԥстәылеи рпаспортқәа мап рыцәкразы ақәҵара.

Раԥхьаӡа акәны

Ажьырныҳәа 20, 2023

Ареспубликатә унитартә наплакы «Аԥснытәи аихамҩа» ахатәы малқәа рыла, атәыла Ахада Аслан Бжьаниа иҟаиҵаз адгыларала, аекономика Аминистрра ацхыраарала ҩ-секциак змоу алокомотив – фимцалеи былтәылеи иныҟәо аанахәеит. Абри атәы аанацҳауеит аихамҩа апресс-маҵзура. Ари раԥхьатәи аахәамҭоуп Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра еилгазар аахыс.

1992-1993 шықәсқәа рзы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра ашықәсқәа раан Гәдоуҭа Кавказ ажәларқәа Рконфедерациа аштаб аусзуҩцәа Лиалиа Чамагәуеи Ирина Кәакәасқьыри Аԥсны Ахада инапынҵала зыԥсҭазаара иалҵыз хатәгәаԥхарала аибашьцәа рҭаацәа Лера Пежеваи Зельма Науржановаи рҭаацәарақәа ирҭааит, иаанацҳауеит «Аԥсадгьыл-Информ».

Амширақәа

Ажьырныҳәа 20, 2023

Михаил Шургалин

Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны Урыстәыла ацҳара­жәҳәаҩ Михаил Шургалин имшира идиныҳәалеит.

Зылаҧшҳәаа ҭбаау

Ажьырныҳәа 20, 2023

Аҧсны жәлар рпоет, аиҭагаҩ, алитератураҭҵааҩ, акритик, ауаажәларратә усзуҩы Мушьни Таииа-иҧа Лашәриа 85 шықәса ихыҵит.

Акыр иаԥсоу ҳауаажәлар!

Минуҭқәак рышьҭахь ҳтәыла 2023-тәи Ашықәс ҿыц иаԥылоит. Ашықәс ҿыц зегьы ҳгәыӷрақәа адаҳҳәалоит, аиҭакра бзиақәа ҳзаазго ныҳәа дуны ҳазыԥшуп.

Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аҧшьгарала, И. Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Аҧснытәи Амилаҭтә библиотека ахаҵгыларала  ари акультуратә хәышҭаара иаҵанакуа абаҳчаҿы иаартхеит аҧсуа сахьаркыратә литература ауасхыр азышьҭазҵаз Дырмит Иосиф-иҧа Гәлиа инаивагылаз ашәҟәыҩҩцәа раҧхьатәи рабиҧара – уи ицнагаҩцәа рыхьӡ зху ааҵлақәа раллеиа. Араҟа еиҭарҳаит Дырмит Гәлиа, Самсон Ҷанба, Ӡаӡ Дарсалиа, Иуа Коҕониа, Миха Лакрба, Мушьни Аҳашба, Иван Папасқьыр рыхьӡқәа зыхҵоу аҵлақәа.

Ԥхынҷкәынмза 20 – Аԥсны жәлар рартистка, Аҿартә театр асахьаркыратә напхгаҩы Софа Агәмаа лира амш ауп.  Софа Агәмаа атеатр аҿы лусура ашықәсқәа ирылагӡаны 70  инареиҳаны арольқәа налыгӡахьан, еиуеиԥшым ахаҿсахьақәа аԥылҵахьан.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me