«Кавказ» – 30 шықәса

Аҧсны аиҧш уи анҭыҵгьы ҳмилаҭтә ҟазара ӡырызгахьоу, ахәаҧшцәа хызххьоу, Аҧсны жәлар рартист Кандид Ҭарба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә акәашаратә ансамбль «Кавказ» сынтәа 30 шықәса ахыҵит.

Ансамбль «Кавказ» аиҿкааҩ, уи асахьаркыратә напхгаҩысгьы акыршықәса иамаз, аҟазара зыҧсҭазаараз, акәашаҩ нага Кандид Тарас-иҧа Ҭарба иаамҭанымкәан иҧсҭазаара даналҵ ашьҭахь, уи иус иацҵо иашьеиҳаб ишьаҭеиркыз, иаҧиҵаз ансамбль «Кавказ» напхгара аиҭоит Аҧсны жәлар рартист Арвелод Ҭарба. Ансамбль аиҳабыси абалетместерси аус иуеит уи иԥа Омар Ҭарба.
Ҳаешьаратә жәларқәеи ҳареи ҳаидкылара, ҳакзаара хықәкыс измаз ансамбль аиҿкаара аидеиа аибашьра аамҭазгьы изызцәырҵхьаз К. Ҭарба ансамбль ахьӡгьы хырҩа аимҭар залымшеит.
Ансамбль ахьӡ машәыршақә иҟалаз акы акәым, «Кавказ» ахьӡ ахала аҿахәы аҳәоит. Аибашьра шеилгаз хара имгакәан 1994 шықәса август 8 рзы еиҿкаахаз ансамбль анысымҩа ҭбаауп, уи иахнагеит ҳаԥсадгьыли ҳажәлари ирхыргаз ауадаҩрақәа зегьы. Аха иага уадаҩра рыԥгылазаргьы, риааира рылыршаны аҿиара амҩа, аҟазара амҩа ианын, убас ала иааиуеит иахьагьы.
Саԥсуоуп ҳәа зхы заԥхьаӡо дамеигәырӷьарц залшом ансамбль «Кавказ» аихьӡарақәа, ақәҿиарақәа. Иахьа, аиашазы, арҿиаратә коллективқәа иаарылыҳҳәҳәо, ҟазара ҳаракыла ҳмилаҭтә кәашарақәа ӡырызго ираԥхьагылоуп.
Урҭ ррепертуар иалоу акәашарақәа рацәоуп: «Аԥсуа кәашара», «Ауаԥс кәашара», «Даӷьсҭанаа рыкәашара» уҳәа убас егьырҭгьы. Акәашарақәа рҵакы мԥсахкәан идырҿыцуеит, еиуеиԥшым аиҭакрақәа аларгалоит, ихадырҭәаауеит. Ҿыц иаларгалаз акәашарақәа ируакуп, ҩыџьа реицыкәашарала еиҿкаау, ачечен кәашара «Нахчиин хелхар».
Аҳәынҭқарратә акәашаратә ансамбль «Кавказ» риубилеи рыдныҳәало ирзеиӷьаҳшьап нас аԥхьаҟагьы ақәҿиара бзиақәа.

Алиса Гәажә-ҧҳа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me