Аԥсуа ҿар рыҩнду аҟны

Арасаӡыхь ақыҭан, сара схаан аа-класск змаз школын иҟаз. Уи аҿаԥхьаҵәҟьа, амҩаду нымҩахыҵ дынхон Ламшьаҵә Багаҭелиа ҳәа нхаҩ бзиак. Ҳаҩнгьы дызбахьан, саби иареи пату еиқәырҵон.

Ҽнак, аҵатәхәқәа рыбжьара «аԥсшьара ду» ҳәа изышьҭоу аан, ашкол аԥынҵан игылаз аҳаҵла алабҟьа агәыдҵаны, аҳақәа шыҿҳаршәшәоз, Ламшьаҵә игәашә аԥхьа машьынақәак ааҭгылеит. Арҵаҩцәагьы шәызҿу шәаҟәыҵ ҳәа ҳарҳәеит иаҳмацәҳакәа. Сгәалашәара самжьозар, ари иҳаҩсыз ашәышықәса 1966 ш. азы акәын.
Асасцәагьы харантә, атәымтәылантә – Ҭырқәтәылантә иаазаап. Изусҭцәада? Аԥсуаа. Ари ҳара аҵаҩцәа ҳакәым, адуцәагьы ирзымбатәбаран. Асовет Еидгыла аҵыс захыԥраауамызт, ашәгәашә ыҵарбаҟа иаркын, ааишьас, цашьас иҟарҵаз ҳаздыруам. Избан, Ламшьаҵә Багаҭелиа иҩнаҭахьы изымҩахыҵзеи? Изласаҳаз ала, дара Жьибақәан, ианшьцәа рган иатәын.
Иҳаздыруам урҭ мҩаԥызгоз, ирыцыз, анхаҩ нага урҭ ирыдиртәалаз, ирыдиԥхьалаз, еибырҳәоз. Ари раԥхьаӡа акәны ҳџьынџьуаа рҭоурых ԥсадгьыл раҭаара акәын.
Араҟа Ҭырқәтәыла инхо аԥсуааи Аԥсни реиҭанеиааирақәа, реибабарақәа, реиԥыларақәа рҭоурых ҳалацәажәом. Иаҳгәалашәоит 1975 ш. азы, Омар Беигәаа заԥхьа дгылаз аделегациа ду раара, урҭ рԥылара, анаҩстәи аиҭанеиааирақәа, наҟ-ааҟ асалам шәҟәқәа рыбжьысра. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы иаҳа амҽхак арҭбаауа иалагеит Ҭырқәтәыла ииз аԥсуаа ҿари Аԥснытәи рҩызцәеи реибабара, ишқәыԥшқәоу ргәыбылра аибаркра. Ари алҵшәа бзиа зауша доуҳатә мчуп.
Убас, ааигәа аҳәаанырцәтәи атәылақәа рҟнытә ҳџьынџьуаа рделегациа Аԥсны иааит есышықәсатәи аԥхынтәи алагер «Ахьышьҭрахь» инҭагӡаны.
Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы Аҳәынҭеилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Багаҭелиа Аԥсныпресс иаиҭаз аинтервиу аҟны далацәажәеит аԥхынтәи алагер, уи апрограмма, ҳтәылазы абас еиԥш иҟоу аусмҩаԥгатәқәа акырӡа шрыҵаркуа.
Ҳџьынџьуаа рделегациа Аԥсныҟа иааит ииуль 27 рзы. «Ахьышьҭрахь» алагер мҩаԥыргоит 2018 ш. раахыс. Ари егьырҭ атәылақәа рҟны инхо, хылҵшьҭрала иаԥсыуаау ахәыҷқәа ахьеизырго лагеруп. Ҵакысгьы иамоуп дара рҭоурыхтә ԥсадгьыл дырбара, Аԥснытәи рықәлацәеи дареи реибардырра, аиҩызара рыбжьаҵара. «Хадаратәла ҳлагер ашҟа иаауеит Ҭырқәтәылеи, Иорданиеи, Шьамтәылеи инхо аԥсуаа рхәыҷқәа. Ҳазну ашықәс азы ҳашҟа иааит Ливанынтәи ахәыҷқәагьы. Ҳара ҳҟны рыԥсы ршьоит Ҟарачы-Черқьестәи Ареспублика аҟнытәи аҿаргьы», – иҳәеит Асҭамыр Багаҭелиа.
Апроект хықәкы хадас иамоуп адунеи еиуеиԥшым акәакьқәа рҟны инхо аԥсуаа реизааигәатәра, реиларҵәара. Алагер мҩаԥыргоит шықәсык ахьтә знык, сынтәа уи ҿҳәарас иазышьақәыргылоуп ииуль 27 инаркны август 5 азынӡа. Ахәыҷқәа рыԥсшьара еиҿнакаауеит Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы Аҳәынҭқарратә еилакы.
Аусмҩаԥгатәқәа ахьынарыгӡауа Аҟәа мацара акәӡам, урҭ Аԥсны егьырҭ ақалақьқәа рахьгьы ныҟәара иргоит. Абраҟа ацхыраара ҟарҵоит араионқәа рхадарақәа. Дара иддырбеит аӡиа Риҵа, ақалақьқәа Афон Ҿыц, Гәдоуҭа, Очамчыра уҳәа егьырҭгьы.
Қәрала изеиԥшроузеи алагер иалахәу ахәыҷқәа. Урҭ 12 инаркны 16 шықәса рҟынӡа рхыҵуеит, иҟоуп аиҳабацәагьы.
«Ҳазну ашықәс азы Аԥсныҟа иааит 98-ҩык, убрахь иналаҵаны дара ирыцу аиҳабацәагьы. 45-ҩык рыла ишьақәгылоуп Ҭырқәтәыла аԥсуа культуратә центрқәа Рфедерациа ишьақәнаргылаз асиа. Ливанынтәи – 17-ҩык, Иорданиантә – 11-ҩык, Ҟарачы-Черқесиантәи – 25-ҩык», – иҳәеит Асҭамыр Багаҭелиа.
Алагер апрограмма убас еиҿкаауп, уи иалахәу Аԥсны абара мацара акәымкәа, наҟ-ааҟ аимадарақәа рышьақәыргылара иацхраауеит, иара убас акультуратә традициақәа реиқәырхара, адиаспора аҿар рыҩныҵҟа ирзеиԥшу апроектқәа рырҿиара. Ари Аҳәынҭеилакы аусураҿы зегь раасҭа ихадароуп.
Аҳәаанырцәтәи ҳџьынџьуаа рҿар аҽны ианааизҵәҟьа, Аԥсны ахақәиҭреи ахьыԥшымреи зыԥсҭазаара рыхҭнызҵаз Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа рбаҟаҿы ашәҭқәа шьҭарҵеит, иара убас–Амҳаџьырцәа Рыԥшаҳәаҿы игылоу Кавказтәи аибашьра иампыҵахәхаз рбаҟаҿы. Анаҩс дара аҭааит Алада Ешыра ақыҭан Аԥсны Раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба Имемориал. Иара убас алагер иалахәу рԥылеит Аҳәынҭеилакы аколлективи уи ахантәаҩы Вадим Ҳаразиеи.
Абарҭ амшқәа рзы Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы инапынҵақәа назыгӡо Зураб Қаџьиа Аҳәынҭқарратә еилакы аҟны дырԥылеит аԥхынтәи алагер «Ахьышьҭрахь» иалахәу. Абри атәы аанацҳаит Ахада ипресс-маҵзура. Иара убас иаԥылара иалахәын Аԥыза министр актәи ихаҭыԥуаҩ, аенергетикеи атранспорти рминистр Џьансыхә Нанба, Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы Аҳәынҭеилакы анапхгара, аколлектив. Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы инапынҵақәа назыгӡо Аԥсныҟа иааз аҿар бзиала шәаабеит ҳәа реиҳәеит, апроект ахә ҳаракны ишьеит, иазгәеиҭеит ҳџьынџьуааи дара рҭоурыхтә ԥсадгьыли наҟ-ааҟ реимадарақәа рырӷәӷәара ишацхраауа. Алагер иалахәыз аусмҩаԥгатә аиҿкааҩцәа ҭабуп ҳәа рарҳәеит, аџьшьаратә шәҟәқәа рырҭеит Аҳәынҭеилакы анапхгареи аколлктиви.

Борис Қаџьиа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me