«Артек» аиубилеи ахь ааԥхьара риҭеит

Август 6 рзы, Урыстәыла аҵарадырра аминистр Сергеи Кравцов, Витали Попков ихьӡ зху Гагратәи ашкол №2 даҭааит. Иара ицын Аԥсны аҵарадырра аминистр Инал Габлиеи, Гагра араион администрациа ахада ихаҭыԥуаҩ Хана Гунбеи.
Уи аҽны Сергеи Кравцови алагер «Артек» аҟынтәи ихынҳәыз Аԥснытәи ашколхәыҷқәеи еиԥылеит. Иара, ҳаԥхьа имҩаԥысраны иҟоу, «Артек» шәышықәса ахыҵра иазку аныҳәахь ахәыҷқәа ааԥхьара риҭеит.
Иара убас, Сергеи Кравцов ашкол аҟны 70 шықәса инарзынаԥшуа аус зухьоу Аделаида Қапба ашәҭ шьыҵәрақәа ҳамҭас илыҭаны, иаҳхысыз лымшира лыдиныҳәалеит.
Ашкол аҵаҩцәа ирҭааз асасцәа, аибашьреи аџьеи рмузеиқәа рҟны аекскурсиа рзымҩаԥыргеит.
Гагратәи ашкол №2 акыршықәса зхыҵуа ашколқәа ирхыԥхьаӡалоуп. Иара иргылеит 1904 шықәсазы апринц Алеқсандр Ольденбургски.
Мадина Амҷԥҳа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me