«Абрыскьыл иоуп рашьла инеиуа…»

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан (1992-1993) ҳажәлар иргаз Аиааира 30 ш. ахыҵра аҳаҭыр азы Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи ашәҟәыҩҩцәа Рассоциациеи раԥшьгарала иҭыжьуп ажәеинраалақәа реизга «Абрыскьыл иоуп рашьла инеиуа…»

Аԥсныҳәынҭшәҟәҭыжьырҭаҿы иҭыжьу зыӡбахә ҳамоу аизга аатуеит «Зыжәлар ргәеисра иацу» зыхьӡу аԥхьажәала. Уаҟа иаҳәоит: «аԥсуа сахьаркыратә литература адоуҳатә культура арҿиара, жәлар рмилаҭ хдырра ашьҭыхра иацхраауеит. Амилаҭтә литература анышьақәгыла аахыс ҳашәҟәыҩҩцәа ҳажәлар ргәеисра иацын. Амилаҭ-хақәиҭратә қәԥараан жәашықәсала жәлар рзинқәа ирзықәԥоз абиԥарақәа ирылагылан, шьардагьы рылдыршеит».
Ҵабыргны, ашәҟәыҩҩцәа ес­нагь рыжәлар рыцәгьеи рыбзиеи рыцеиҩыршон, иахьагьы ус иааиуеит. Даҽакала ҟалашьагьы амаӡам, зхатәы бызшәеи зыжәлари рымаҵ зуа ашәҟәыҩҩы зегьы изеиԥшны иуаажәлар дызрылагылашам, Аԥсны аԥеиԥш лаша азықәԥара насыԥны ишьоит.
Ашәҟәы еиднакылеит аԥсуа поетцәа еиуеиԥшым рабиԥарақәа ҩынҩеижәахҩык рпоезиатә рҿиамҭақәа. Урҭ иреиуоуп: Б. Шьынқәба, И. Ҭарба, Кә. Ломиа, Гь. Гублиа, И. Лашәриа, М. Миқаиа, Кә. Герхелиа, Н. Ҭарԥҳа, П. Бебиа, Б. Гәыргәлиа, С. Ҭаркьыл, З. Кәарҷиа, В. Дауҭиа, Т. Ҷаниа, М. Лашәриа, Т. Аџьба, Н. Кәыҵниа, В. Ахьиба, В. Амаршьан, В. Касланӡиа, Р. Лашәриа, Б. Барцыц, И. Ԥкьын, Г. Аламиа, И. Миқаиа, Р. Смыр, Л. Макачаа, В. Кәакәасқьыр, Л. Тәанԥҳа, В. Занҭариа, С. Агындиа, В. Ҷыҭанаа, В. Аԥҳазоу, Е. Ажьиба, Е. Бебиа, В. Кәаӷәаниа, М. Џьапуаԥҳа, А. Лагәлаа, С. Делԥҳа, Гә. Кәыҵниа, Гә. Сақаниа, З. Ҭҳаиҵыкә, З. Ажьиԥҳа.
Аибашьраан еиԥш, иахьагьы аԥхьаҩцәа ибзианы ирыдыркыло ажәеинраалақәа еиуеиԥшым, ирныԥшуеит Аԥсадгьыл абзиабара, ҳажәлар рдоуҳа, ргәаӷь, раԥсуара амчхара, аӷа иҿагыланы ақәԥараҿы Аԥсны аҵеицәа иаадырԥшуаз агәымшәареи афырхаҵареи, Аиааира иацыз агәышьҭыхреи. Аҩымҭақәа ирныԥшуеит ҳажәлар Аиааира агәрагара ду шрымаз, егьшрылдыршаз.
Ашәҟәы ахьӡ аагоуп Б. Шьынқәба иажәеинраала «Абрыскьыл иоуп рашьла инеиуа…» аҟнытә. Абрыскьыл ихаҿала иаарԥшуп ахақәиҭразы жәлар рықәԥара иалҵшәахаз Аиааира.
Аҭыжьымҭа еиқәдыршәеит В. Аԥҳазоу, Е. Ажьиба, А. Лагәлаа. Ашәҟәы редакторс дамоуп С. Ладариа, асахьаҭыхҩыс – Р. Габлиа.
В. Ацанба

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me